Авикингцәа

Статуя викинга на берегу Тронхеймского фьорда

Авикингцәа – скандинавтәи, норманиатәи мшынныҟәаҩцәоуп, еибашьцәоуп. VIII-XI ашәышықәсақәа рзы урҭ еиуеиԥшымыз Европатәи атәылақәа ирықәлон, аколониақәа аԥырҵон. Авикингцәа аԥсадгьыл ҳәа ирымаз ҳамҭазтәи Швециеи, Норвегиеи, Даниеи роуп. Авикингцәа арҭ атәылақәа рызгәакьахеит. Урҭ рытрадициақәа рыла абҭынха дара рахь ииасӡомызт. Ауааԥсыра реизҳара иахҟьаны, авикингцәа адгьыл рзымхо иалагеит. Убри азы урҭ амшын аҿы ақәыларақәа рыла рхы ныҟәыргон. Авикингцәа мшынныҟәаҩцәан, ихәаахәҭцәан. Абас, ажәа-авикинг иаанагоит амшынԥааҩ, амшынқәылаҩ. Иҟоуп убри еиԥш агәаанагара, Христофор Колумб иаԥхьагьы авикингцәа Америкатәи аконтинент аҿы инаӡахьазшәа. Аиндеиццәа иҟарҵаз аҿагылара иахҟьаны, урҭ Америка ирылымшаӡеит анхара.

Авикингцәа ҽыбзаҟазацәан, еибашьцәан. Урҭ хышә шықәса инарзынаԥшуа Европа зегьы рцәа иҭадырӡыӡон, ирыцәшәон. Зиааира мариамыз, игәымбылџьбарақәаз авикингцәа, аӷба ласқәа рыман. Ахбарсҭақәа рҿы еибашьрала амҩа ылырхуан.

Авикингцәа рыцҳашьарада еимырҵәон ақалақьқәеи ақыҭақәеи. Урҭ еимырҵәеит Британиеи, Ирландиеи, Франциеи, Италиеи рыбжеиҳара. Анаҩсан, реиҳараӡак урҭ адгьылқәа рҿы анхара иалагеит. Ақәыларақәеи, арҳәрақәеи авикингцәа иаҟәыҵит, инықәырԥшны иуҳәозар 1100 шықәса азы. Уи аамҭазы авикингцәа реиҳараҩык ақьырсианра рыдыркылт. Адунеи аҿгьы агәымбылџьбарара еиҳа имаҷхеит.

Урҭ ирылаз арыцҳамшьара анаҩсгьы, дара иџьоушьаша аҟазшьагьы рыман. Авикингцәа амшын агәы хараӡа ахылара иацәшәон. Амшын агәаҿы адгьыл аҵыхәа ыҟаз џьыршьон, уаантә иалҟьар ҳәа ишәон.

Авикингқәа Исландиеи Гренландиеи раԥхьаӡатәи аашьҭымҭацәа иреиуан. Адырраҭарақәа ишырҳәо ала, урҭ Канадеи Ниуфаундленди рҿы раԥхьаӡа анхара иалагаз Европаа иреиуан.

Авикингцәа рҭынч ԥсҭазаара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Авикингцәа рҭынч нхара аамҭазы, адгьыл иқәаарыхуан. Авикингцәа реиҳараҩык фермерцәан, урҭ ачарыци ауҭраҭыхи аадрыхуан, ацәқәа, ажәқәа, аҳәақәа, акәытқәа, аџьмақәа анырҵон. Авикингцәа бзиа ирбон ашәарыцара. Урҭ жьицәа бзиақәан, аиха аус адулашьа рдыруан. Абџьари арԥшӡагақәеи ҟарҵон. Аҩн дуқәа рҿы авикингцәа рԥызацәа нхон. Дара рымаҵ зуаз зегьы рыҩнаҿы ирыцынхон.

Авикингцәа ақәацәқәа рҿы инхон. Уи аҷын иалырхуан. Ибеиаз авикингцәа аҩн дуқәа рҿы инхон рҭаацәара дууи дареи. Скандинавиатәи атәылақәа рҿы авикингцәа амҿтәы ҩнқәа рҿы инхон. Егьыс, еиҳарак рыҩнқәа хаҳәлыхын. Ауада хада ҭбаа-ҭыцәын, аха илашьцан. Аҩны агәҭа амца аҭыԥ азылхын. Уаҟа афатә ҟарҵон. Ихадаз ауада иагьынхарҭан, иагьыцәарҭан. Аҩны агәҭа агәашьақәа ыҵарсын. Уи аҩны ахыб ннакылон. Зны-зынлагьы агәашьақәа рнаҩс, ацәарҭа ауада еиҿыркаауан.

Ажәытә викингцәа шәагаала ауаа зегь иреиԥшын. Урҭ еиднакылон анапҟазареи ахәаахәҭратә центрқәеи. Ус еиԥш иҟаз ацентрқәа рыԥшааит Норвегиа, Даниа, Швециеи. Авикингцәа рыҩнқәа урҭ ацентрқәеи аԥшаҳәеи иацәыхараны игылан. Авикингцәа уи иарманшәалон, харантә аӷбақәа рбарҭан, ахыхьчара аҽазыҟаҵаразы аамҭа рнаҭон.

Анхацәа иреиуаз авикингцәа рымаҭәа иаабац маҭәа башан. Урҭ аласкьаҿқәеи, аиқәа ҭбаақәеи ирықәҵан иршәырҵон. Хыхь иашахәҵәараз ажәҩаҭарԥақәа ныҟәыргон. Амал змаз авикингцәа рымаҭәақәа улаԥш иҵашәон иаразнак. Авикингцәа аиқәа ауқәеи ақалԥадқәеи ныҟәыргон, ажәҩахарԥақәа рыԥштәқәа шкәакәан, еиуеиԥшмызт. Авикингцәа рҿы ахархәара ду аман аласа хылԥақәеи анапхазқәеи. Иара убас ауапцәахылԥақәеи, акәымзцәахылԥақәеи ныҟәыргон.

Даара иԥшӡан авикинг ҳәсақәа рымаҭәа. Хыхь иааҭшәаны рцәа иадшәало, аиԥка аауны, иҭбааны иныҟәыргон. Рымаҭәақәа ирыдырӡахылон адаҷпақәа, уа иахыршьуан аҳәызба хәыҷқәа, агәырҭрақәа, амаркатыл уҳәа еиуеиԥшым амаҭәар хәыҷқәа.

Иҭаацәараз аҳәса, еизыхәхәааны иҟаз ахылԥа шкәакәақәа рхарҵон. Рыхцәқәа ракәзар цахала иҿарҳәон. Иара убас, авикингцәа бзиа ирбон аихалыхқәа рныҟәгара. Даара ахархәара рыман арԥшӡагақәа змаз амаҟақәеи агәлаҵақәеи.

Авикингцәа рыҳәса аҭаацәаратә ԥсҭазаара активла иалахәын. Иҷыдаз аҭыԥ аанылкылон аҭаацәа реиҳабы иԥшәма ԥҳәыс. Уи аҭаацәара ду рныҟәгара лнапы ианын. Авикингцәа аҭаацәара дуқәа рыман. Аԥшәма ԥҳәыс аӡынра ибзианы лҽазыҟалҵон, аҭаҵәахқәа аҭаацәа ирызхартә еиқәлыршәар акәын.

Аӡынразы аҳәса идырхион, ашә, ахәша, акәацрҩа, аԥсыӡ. Аҳәса аҵиаақәа ибзиан ирдыруан. Урҭ ахәшә злырхуаз аҳаскьынқәа еизыргон, ачымазцәа рыхәшәтәраз ахәшә алырхуан. Ахацәа шәарыцареи, ԥсыӡкреи ианцоз, ҳәса арахә ирхылаԥшуан. Аԥшәма ԥҳәыс лмаҟа иахшьын акҿаҩра ацыԥха. Ахаҵа аҩны даныҟамыз , аԥҳәыс аҭакԥхықәра лхахьы илгон. Авикингцәа рыӡӷабцәа аҭаацәара иалалон 12-15 шықәса ианырҭагылаз. Уи аамҭазы дара, аҭацәаратә ԥсҭазаара анагӡара иазхиан. Урҭ аҳәса еиҳабацәа рыцхраауан. Ачара аураҿы аҩ-ҭаацәарак еицхыраауан. Аҭаца лгәаанагара иазҵааӡомызт.

Аԥҳәызба деихрарҵон. Аҭаацәара дызланагалоз ирызналгон аши, аласалых маҭәеи, асыгеи, асырҭи. Амал змаз аҭыԥҳа лҭаацәа аҩычагеи, ашьамаҟеи, аԥсасеи лырҭон, иҟан аҩнгьы анлырҭоз. Аҭыԥҳацәа иааргаз зегьы дара иртәын. Ахшаз, ан лҭынха зегь иара иахь ииасуан. Аԥҳәызба аҭаацәара даналалакгьы, лара лҭаацәара дырхаҭарнакны даанхон.

Аԥҳәызба лыԥшәма иакәымла длызныҟәозар, даашьаҩызар, ма иҭаацәара ныҟәимгозар, аԥҳәыс лхаҵа илҵра азин лыман. Уи инамаданы имҩаԥыргон ҷыдала иритуал, уи анаҩс аԥҳәыс лхы дақәиҭын. Еилыҵыз аԥҳәыс лхәыҷқәа лара лҟны иаанхон. Қәрала еиҳабыз ахәыҷқәа еихшаны дара рҭаацәарақәа ирырҭон, аҭацәа ирымаз амазарагьы хшыҩзышьҭра ду шарҭозгьы.

Авикингцәа рыҳәсақәа, европаа рыҳәса ирҿурԥшуазар, урҭ рхацәеи, ауаа ргәаанагареи еиҳа имаҿны ирхьыԥшын. Дара ргәаанагара рыхьчарц рылшон, ахақәиҭрагьы рыман.

Авикингцәа еибашьцәа ӷәӷәақәан, ахачҳара ду рыман. Урҭ ԥсабарала абаҩ ҷыда рылан, игәымшәақәан. Авикингцәа аибашьра аҟазара ибзианы ирдыруан, дара раамҭаз адунеи аҿы иреиӷьӡаз еибашьцәан. Авикингцәа даара иӷәӷәаз х-бџьарк рыман: аҳәа, секира, аԥса. Аибашьҩы аҳәа ҷыдала дазыҟан. Аҳәа - аибашьҩы истатус аанарԥшуан. Иреиӷьыз аибашьҩы зегьы иреиӷьыз аҳәа ныҟәигон. Аҳәа иԥшӡаны ичаԥазар акәын. Аҳәа ахәы иԥшӡаны ирхиан, аҿгьы цҳафыруазар акәын. Авикингцәа аҳәа даара аҵак ду арҭон. Аҳәақәа ахьӡқәагьы рырҭон. Авикингцәа рԥырага гьежьын. Уи еиҳарак амҿы иалырхуан, нас аиха аҿыкәдыршон. Аԥыраг агәҭа аихажәпала иҭаӡын. Аԥыраг аура метрак инаӡон, аибашьҩы ижәҩахырқәа инадыркны, ишьамханынӡа даҵәахуан. Аԥырага лассы-ласс ԥштәыхкыла идырԥшӡон. Авикингцәа рнапаҿы аԥса еиҳагьы ишәарҭан. Авикинг аԥса аҿы 50 сантиметра рҟынӡа иҵарын, уи аиха лаба иахаҵаны иҟарҵон. Авикингцәа ркәылӡқәа ласын, урҭ ахәлдажәпа акәдыршон. Ахәылда ахьҭа аҟынтә иахьчон. Алегенда ишаҳәо ала, авикингцәа ркәылӡхылԥа атәыҩа дуқәа ахагылан, уи аӷацәа ашәара ӷәӷәа рнаҭон. Аха, ари зегьы легендоуп. Аиашазы, авикингцәа, атәыҩа змаз акәылӡхылԥақәа, иҷыдаз аритуалтә ҵасқәа рымҩаԥгараан ирхарҵон.

Тавлеи ари авикингцәа рытратегиатә хәмарроуп. Уи авикингцәа рҟынтә ахы акит. Ари ахәмарра цәырҵит Европа, ашахматқәа раԥхьагьы. Тавлеи ихәмаруан Скандинавиа lll-тәи ашәышықәсазы. Авикингцәа тавлеи Европа зегь иаладырҵәеит. Уи иаланахалан ихәмаруан Гренландиа, Исландиа, Британиа, иара убас Украинагьы. Асахьақәа рҿы ибзиан иубарҭоуп тавлеи аӷәыцәмаҟьақәа рҿы ишыхәмаруаз уи ашахматеиԥш еихшаны иҟаҵоуп. Ашахматқәа рҿы еиԥш тавлеи афигурақәа ирылоуп «акраал» ифигура. Ахәмарра алагамҭаз «акраал» ифигура аӷәыцәмаҟьа агәҭа идыргылон. Тавлеи аҿгьы ашкәакәеи, аиқәаҵәеи афигурақәа еибашьуеит. Аха, ари ахәмарра ашахматқәа излареиԥшым акы ыҟоуп, ахәмарра раԥхьа иалагоит афигура еиқәаҵәақәа. Ахәмарыҩцәа руаӡәык ифигура, ицыхәмаруаз ифигурақәа ҩба рыбжьара игылазар, усҟан ахәмарҩы ифигура ицәыӡуан.

Авикингцәа рмифологиа даара аинтерес аҵоуп. Ирацәоуп уи иадҳәало атрадициақәа. Авикингцәа нцәас дрыман Один. Иара аибашьра дахылаԥшуан. Алегенда ишаҳәо ала Один блазаҵәык зызҭаз маҭәа еҵәала еилаҳәаз ҭаҳмадан.

Иара аашьапык зҵаз аҽы дақәтәан. Авикингцәа аибашьраҿ иҭахар, Один иҿы рыԥсы шҭало агәра ргон.

Фырхаҵарыла иҭахаз авикингцәа Один иханаҿ, Валькирии аҭыԥҳацәа ссирқәа рымаҵ ахьыруа, қьаф уа алакә тәылаҿ ишыҟало агәра ргон. Авикингцәа аиааира ганы аибашьрантә ианыхынҳәлакь, ачара дууқәа мҩаԥыргон. Арҭ ачарақәа рҿы амузыкарҳәаҩцәа, еиуеиԥшым амузыка рҳәагақәа рҿы ихәмаруан. Авикингцәа рпоетцәа-аскалдцәа ҳәа ирышьҭан, урҭ аибашьцәа ирызкны ирыҩуан инеиҵыху ажәеинраалақәа, иагьрыԥхьон.