Амаа́ҭ[1] — Урыстәылеи, Белорустәылеи, Приднестровиеи иахьатәи рвалиутақәа ахьӡ. Аԥсныгьы, Аладатәи Уапстәла ирымоуп урыстәылатә мааҭ. Анкьа — урыстәи аҳрақәа амааҭ ирыман. Уи 100 капеик еилоуп. Урыстәылатә мааҭ ISO 4217-ала авалиутатә код иамоуп — RUB.