Амассатә амлакра

Амассатә амлакра – ари акраамҭа афатә аалыҵ азымхара иадҳәалоу социалтә рыцҳароуп, уи иахҟьаны арегион дуқәа рҵакырадгьылқәа рҟны массала ауаа рацәа ҭахоит. Амлакара ҩ-хкыкны ишоит — иабсолиуттәуи акы иадҳәалоуи ҳәа. Иахьатәи аамҭазы адунеи фатәаалыҵла аиқәыршәаразы иҟоу аресурсқәа шазхогьы, аекономикатәи, асоциалтәи, аполитикатәи ҟазшьақәа змоу ауадаҩрақәа ыҟоуп, урҭ иахәҭоу аҭахрақәа рызхарҭәаауам.

АМЛАКРА АҬОУРЫХ АҞНЫ

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥшьаҩыраҟны амлакра атәы

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иосиф — ари Аԥшьаҩыра аҟынтә хаҿсахьоуп («Бытие», гл. 37—50), Иосиф иҟынтә абжьгарак иоурц азы дидҵаалоит афараон ихаҭа. Уи иибаз аԥхыӡ ииашаны аилыркаара аҟаҵара илшеит, иагьиҳәеит быжьшықәса инеиԥынкыланы аҽаҩра бзиа шыҟало, аха урҭ ашықәсқәа ирыцааиуа даҽа быжьшықәса амлакра шыҟалоз азгәеиҭеит аарыхра аҟамлара иахҟьаны, убри аҟынтә Иосиф афараон иабжьигеит аарыхра бзиа аныҟоу ашықәсқәа рзы арыц рҵәахырц. Афараон ас еиԥш абжьгара даара игәы иахәеит, Иосиф иҟәыӷара азгәаҭаны анхамҩа зегьы аҟны еиҳабыс дҟаиҵеит. Убас Иосиф амлакра ашықәсқәа раан арыц аҭира напхгара аиҭон. Аԥҵамҭа аҟны ишазгәаҭоу ала, урҭ ашықәсқәа раан адгьыл зегьы аҟны амлакра ыҟан. Иосиф иашьцәа ракәзар, рыԥсҭазаара ахҭынҵаны изныкымкәа Мысраҟа ицахьан ачарыц аархәарц азы. Аԥааимбар Илиа («3-я Книга Царств», гл. 16—19 и «4-я Книга Царств» гл. 1—2, 1—15) израильтәи аҳ Ахав ихаан дынхон, уи изымҵахырхәо Ваалу (амра) диашьапкуан, ижәларгьы ари аидол иашьапкларц рыдиҵон. Илиа Ахав иахь днеины Анцәа ихьӡала иеиҳәеит урҭ ашықәсқәа рзы арыцҳарақәа шыҟало, избанзар ақәа ауам, аӡаӡа аҳәом, анцәа ианимыҳәа аамҭазы ҳәа. Ус иагьыҟалеит. Аарҩара ӷәӷәа ҟалеит, ашьацҵәҟьа хҩааит, амлакра аҭыԥ аиуит. Илиа Анцәа имчала адәысакарак аҟны иҟаз аӡыхь азааигәара дынхеит, уахь иара аҟәраанқәа ачеи акәаци изнаргон, аӡиас аҟынтә аӡы ижәуан. Аӡиас анҭаба, Анцәа аԥааимбар идиҵеит амырҭаҭратә қалақь Сидонынтәи Сарептуҟа дцарц, уа инхоз аԥҳәысеиба рыцҳа лҟны дынхарц. Ари аԥҳәысеиба лԥеи лареи еицынхон, лара фатәыс илзынханы илымаз уаԥсҵәык ашылеи хәша хәыҷыки ракәын. Сарепту иааз Илиа ари аԥҳәыс илеиҳәеит ача изылӡырц, убри аан агәралиргеит илымоу ахәшеи ашылеи ахаан ишагымхо, Анцәа адгьыл аҟны ақәа аируаанӡа. Аԥҳәыс аԥааимбар иажәа агәра лгеит, ишиҳәазгьы дныҟәеит. Иаргьы иажәа наӡеит. Аха иаарласны ари аԥҳәыс лԥа даачмазаҩханы дыԥсуеит. Аԥааимбар Илиа иԥсыз аҷкәын дихагыланы хынтә Анцәа даниҳәа иԥсы ҭалоит. Хышықәсеи бжаки Израиль аарҩара ыҟан, уи адгьыл иқәынхоз ажәлар рыҽкажьны анцәа иашьапкра иалагеит, Анцәагьы дазхарҵеит. Абри анаҩс Илиа ашьха дхаланы ақәа ауразы анцәа иҳәара далагеит. Иасит амшын аҟынтә аԥша, ажәҩан аԥҭа еиқәаҵәақәа ихырҩеит, ақәаршаҩы аура иалагеит.

Европа амассатә млакра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

XIX ашәышықәсанӡа амассатә млакра атәылақәа зегьы рзын ирбац-ираҳац цәырҵран. Уи зыдҳәалаз аарыхра аҟамлара ауп. Абжьаратәи ашәышықәсазы, ес 8—10 шықәса рахьтә шықәсык аԥсыҭбара рацәа зцыз амлакра ҟалон. Зегь реиҳа иуадаҩыз ашықәсқәа Франциа азы 1030—1032-тәи, 1280—1282-тәи ашықәсқәа ракәын — Богемиа азы. Ҳаамҭазтәи аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, 1125 шықәса рзы Германиа аҭыԥ змаз амлакра ара инхоз ауааԥсыра рыбжаҵәҟьа ықәнагеит. Амлакра иацын ачымазарақәа, арҳәрақәа, ауаҩшьрақәа, аҽшьрақәа, анҵәара. Ауаа убранӡа инеиуан, иҟан зхәыҷқәа шьны изфозгьы – 1505ш. Венгриа. Закәанла ишьақәырӷәӷәан аӷарцәа ақалақьқәа ирылцаны ркацара, урҭ уа аԥсра изацәцомызт; Франциа ас еиԥш азакәан ахархәара аман XVII ашәышықәсазгьы. 1772 ш. рзы Саксониа 150-нызқьҩык ауаа ача азымхара иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. 1817 шықәса рзы акәзар, амлакра Германиа аҭыԥ аман, ус еиԥш иҟан 1847 шықәса рзгьы.

Ирландиа амлакра ӷәӷәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1845 шықәса инаркны 1849 шықәсанӡа ибжьанакыз аамҭахәҭазы Ирландиа (ирл. An Gorta Mór, англ. Great Famine, Ирландиа акортоштә млакра ҳәагьы изышьҭаз) аҭыԥ аман амлакра ӷәӷәа. Уи зыхҟьаз илаҵаны ирымаз акортош зегьы аҿкы Phytophthora infestans иахьаҟьашьыз ауп. Китаитәи амлакра ӷәӷәа аан, уи аҭыԥ аман 1959 шықәса инаркны 1961 шықәсанӡа, аиҳабыраа иҟарҵо адыррақәа рыла, рыԥсҭазаара иалҵит 15 миллионҩык ауааԥсыра, аха иофициалтәым адыррақәа рыла, иԥсыз 36 миллионҩык иреиҳауп. Китаи ари атрагедиа «Три года стихийных бедствий» мамзаргьы, «Три горьких года» ҳәа азырҳәоит. Урыстәыла акәзар, амлакра аҭыԥ аман 1891 шықәса инаркны 1892 шықәсанӡа – ари аамҭа Урыстәылазы аекономикатәи аепидемиатә кризисны иазгәаҭан. Иара иаҵанакит жәибыжь губерниа, 36 миллионҩык ауаа ахьынхоз. Европа амассатә млакра ажәытәра иагеит ҳәа уҳәар алшоит XIX ашәышықәса азбжазы, аимадаратә мҩақәа рыҿиара иабзоураны, уи иалнаршеит афатә аалыҵ аҽаҩра ахьыҟамлаз аҭыԥқәа рахь рнагара. Ишьақәгылеит афатәаалыҵ адунеизегьтәи аџьармыкьа. Ача ахә атәыла аҟны аҽаҩра аҟалареи аҟамлареи иахьыԥшымызт. Ауааԥсыра ракәзар, раагарҭақәа ирызҳаит, анхаҩцәа аҽаҩра аныҟамлалакгьы ирзымхоз афатә аалыҵ аахәаразы алшарақәа роуит.

Аҩажәатәи ашәышықәсазтәи амассатә млакрақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Европа амассатә млакра ажәытәра иагеит ҳәа уҳәар алшоит XIX ашәышықәса азбжазы, аха, егьа ус акәзаргьы, еиҳа аҿиара маҷ змаз атәылақәа рҟны аҩажәатәи ашәышықәсазгьы амлакрақәа аҭыԥ рыман. Иаҳҳәозар, африкатәи атәылақәа рҟны амассатә млакра аҭыԥ аман 1968-тәии 1973-тәии ашықәсқәа рзгьы. Усҟан аарҩара иахҟьаны иҟалаз амлакра аан 100-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ԥсит. Уи азы адырра ҟаиҵеит амедицинатә усзуҩы Џьон А. Дреисбек, иара Нигериа 30 шықәса инеиԥынкыланы дынхон. Амилаҭтә географиатә еилазаара аҟны 1978 шықәса рзы аҭыԥ змаз арыцҳара атәы аҳақьым Дреисбек абас еиԥш дахцәажәоит: «Сара избон зқьыла иԥсны икажьыз аԥстәқәа, аиҭаҵуаа, арҭ аԥстәқәа аԥшәымацәас ирымаз ракәзар, алагерқәа рҟны иҟан, уа дара адунеизегьы аҟынтә еизганы иааргоз афатә рырҭон. Ҳара иаабон ауаа афатә азымхареи ачымазареи идыргәаҟуаз. Иҵшәааз ргәабзиара иахҟьаны аӡәырҩы арԥҳа чымазареи, абҷи, аимҳәаршәааи ирхыԥсаауан. Ас еиԥш амлакра иахҟьаны иҟалаз арыцҳара аҩыза џьаргьы исымбац». Нигериа Африка иҟоу ҭыԥуп, иара адунеи зегьы аҟны еиҳа аарҩарақәа аҭыԥ ахьамоу ҵакырадгьылуп. Ақәа анамуа, ара иахьа уажәраанӡагьы ауаа ԥсуеит, аӡиасқәа ҭабоит, аҽаҩра аарҩара иқәнахуеит.

Адунеи аҟны амлакра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаҵанакуа афатә — ажәтәи ақыҭанхамҩеи рзы аиҿкаара адыррақәа рыла, 2010 шықәса, цәыббрамзазы амлакра иаргәаҟуа ауаа рхыԥхьаӡара 925 миллионҩык ыҟоуп, ари ахыԥхьаӡара 2008-тәи ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 98 миллинҩык рыла еиҵоуп. Урҭ рахьтә 578 миллионҩык имлашьуа ауаа нхоит Азиеи — Аокеан ҭынчи ирыҵанакуа арегион аҟны, 239 миллионҩык – Африка, 108 миллионҩык — егьырҭ атәылақәа рҟны. Имлашьуа рахьтә ҩба — ахԥатәи ахәҭа иаҵанакуа ауаа нхоит – Бангладеш, Китаи, Адемократиатә Республика Конго, Ефиопиа, Индиа, Индонезиа, Пакистан. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара 2008 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы иҟанаҵаз адыррақәа рыла, адунеи зегьы аҟны имлашьуа рхыԥхьаӡара 960 миллионҩык ауаа инареиҳаны иҟоуп. Зегь реиҳа хыԥхьаӡарала (907 миллионҩык ауаа) изфо змам ауаа ахьынхо аҿиара иаҿу атәылақәа рҟны ауп. 65 процент урҭ рахьтә Индиа, Китаи, Конго, Бангладеш, Индонезиа, Пакистан, Ефиопиа инхоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаҵанакуа афатә — ажәтәи ақыҭанхамҩеи рзы аиҿкаара адыррақәа рыла, 2002 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа, ҵаҟа зсиа аагоу атәылақәа рҟны хә - миллионҩык инарзынаԥшуа имлагоз ауаа нхон. Масштабла аҭыԥ змаз амлакра иахҟьаны Мрагыларатәи Африка 2011 шықәса рзы 50-нызқьҩык инадыркны 100-нызқьҩык рҟынӡа ауаа рыԥсҭаазара иалҵит, 2012 шықәса рзы Сахара рызхара афатә рмоуит 856 миллионҩык ауаа. 1979 шықәса рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи афатә аалыҵ амш. Еиду Америкатәи Аштатқәа NSA аинформациа ала 2004—2005-тәи ашықәсқәа рзы есҽны амла иаганы иԥсуан 24-нызқьҩык ауаа.

Амассатә млакра ахҟьаԥҟьақәа абас еиԥш иҟоуп:

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Убас, ҿырԥштәыс иаагозар, аҽшьрақәа рхыԥхьаӡара иацлоит, ииуа рхыԥхьаӡара иагхоит. Амлакра аниаслак анаҩс ииуа рхыԥхьаӡара дырҩегьых еизҳауашәа иҟалозаргьы, аҭаацәара иалало рхыԥхьаӡара еиҵахоит. Амассатә млакра адемографиатә еилазаара даара иаԥсахуеит, ахәыҷқәеи абыргцәеи ас еиԥш ахҭысқәа раан рус иагхозар, аҳәса рус иацлоит. Аполитикеи амлакреи Стив Деверо, амлакра зыхҟьо азы акыр аҭҵаарақәа авторс ирымоу, 2000 шықәса рзы «Голод в 20-м столетии» захьӡу ашәҟәы ҭижьит (Famine in the Twentieth Century), уа иҷыдоу азхьаԥшра амоуп Африка ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, аброуп иахьазгәаҭоу акыр амлакратә хҭысқәа. Автор игәаанагарала, ари адунеи арегион аҟны амлакра мзыз хадас иамоу бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа роуп, урҭ ирхырҟьаны ақыҭанхамҩақәа ықәӡаауеит, атәылахь афатә — ажәтә аагара асистема аус ауам. Деверо иажәақәа рыла, «амлакра зыхҟьо уи ауп, уи аӡәгьы иахьаԥимырҟәҟәааз – амлакра арахь ааира аӡәгьы аанкылара дахьашьҭам». Британиатәи африкаҭҵааҩы Алекс да Ваал (Alex de Waal), Африка аҭыԥ змоу амлакра акыр ашәҟәқәа азызкхьо, аҵыхәтәантәи ишәҟәы «Голод, который убивает: Дарфур, Судан» аҟны ишьақәирӷәӷәоит, «иарбанызаалак аҳәынҭқарра анапхгара, дара ирҭахханы ианыҟала аамҭазы, ирылшоит амлакра аанызкыло аусқәа рыдкылара» — ҳәа. Иазгәарҭоит Африка ақыҭанхамҩа арҿиара азҵаара апотенциал ду шамоу, иҟаӡам ус еиԥш аҵаҵӷәы, ари аконтинент аҟны афатә аалыҵ азы адефицит ҟаларц азы. Маик Девис (Mike Davis) ишәҟәы «Холокост Викторианскои епохи» (The Late Victorian Holocausts) аҟны дазааҭгылоит азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы адунеи арегионқәа акыр рҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа. Усҟан амлакра аҭыԥ аман Индиа, Китаи, Бразилиа, Африка, амла иакны иԥсуаз рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәан, амҩадуқәа аԥсцәа рыла ихҟьан уҳәар алшоит. Амлакра иахҟьаны амассатә емиграциақәа ирылагеит, урҭ инарывагылеит арҳәрақәа, ақәыларақәа, ауаҩшьрақәа, аепидемиақәа уҳәа реиԥш иҟоу арыцҳарақәа. Девис иҳәоит акыр ахҭысқәа амчрақәа шазхьамԥшуаз, хьаас ишырымкуаз, ҿырԥштәыс иаагозар, урҭ ашықәсқәа рзы Индиантәи Европаҟа иганы иҭииз ачарыц адунеитә рекордқәа ираԥыргеит, убри аан миллионла аиндусцәа афатә-ажәтә рымамзаара иахҟьаны иԥсуан. Аиҳабыреи ачарыц зҭиуази ас еиԥш рыжәлар рызныҟәара зыхиақәиҭу ахәаахәҭразы азакәан иахьдырԥшуан, насгьы индиаа раасҭа ачарыц азы ахә бзиа ршәон европаа. Девид игәаанагарала, аиҳабыра ас еиԥш рыжәлар рызныҟәара геноцидуп ҳәа иахәаԥшызар ауеит. Иахьатәи аамҭазы амлакра иаҿагыланы иқәԥо рахьтә зегь реиҳа активра ааирԥшуеит америкатәи академик Раџь Пател.

Амлакра азеиԥш згәаҭага (Общий ОГ)

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Адунеи аҟны амлакреи азхарамфареи рыстатистика зыԥхьаӡо еиҿкаароуп Афатәи ажәтәи рполитиказы Жәларбжьаратәи аҭҵааратә институт (МИИПроП). Амлакразы азеиԥш згәаҭа раԥхьаӡа акәны ицәырган 2006 шықәса рзы аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа ҩба рыбзоурала – анемец еиҿкаара «Вельтхунгерхильфеи», ирландиатәи аиҿкаара «Всемирная Забота» (Concern Woldwide) рыла. Амлакразы азеиԥш згәаҭа ианыԥшуеит адунеи аҟны амлакра иаҿагыланы ақәԥара алҵшәа шамоу. Амлакразы азеиԥш згәаҭа еиҿкаан 2008 шықәса рзы, аҿиара иаҿу 120 тәылеи, иҿыцыз аиндустриалтә тәылақәеи рзы.

  • Большая Российская энциклопедия. Том 7. стр. 351—352.