Аҩӡыбжьа́ра / Амесопота́миа (ажә. бырз. Μεσοποταμία – «Аҩӡыбжьара»), изгьыхьӡҵо Ҩ-ӡи́астәыла — аобласт Тигри Евфрати аӡиасқәа рыбжьара, иахьатәи Ирак территориаҟны иҟоуп. Евроазиаттә ацивилизациа ага́рақәа руак ауп.
Аҩӡыбжьараҿы анкьаӡазны ԥыҭк аҳәынҭқаррақәа иҟон: шумертәи ақалақьқәа Кьыш, Урук, Ур, Лагаш, Умма, атәылақәа Аккад, Еламтәыла, Ассириа, Мидиа, Вавилонтәыла.
Вавилон-ашшуртә алахтыра, анкьаӡатәи Месопотамиа ажәларцәа – шумеруаа, аккадуаа, вавилонуаа, ашшуруаа,– ркултура, ҿырԥш, аҭҵаарадырреи, алитературеи, аҟазареи рыгдыра ҳарак иман, аха адин аидеологиа иман