Аҳ — Аԥсны анапхгаҩцәа ирхадыргылоз ажәытәӡатәи аԥсуа титулуп[1]. Атитул Аҳ ахархәара аман Абазгиаҿ. Леуан II аҳраура далагаанӡа атитул аҳ - Аԥсны анапхгаҩы ирҭон, аха Леуан "аҳ" аҭыԥан "аԥсҳа" ҳәа атитул идикылеит[1][2]. Ашьҭахь 1459 инаркны 1864 рҟынӡа Аԥсуа аҳраҿы ари атитул ахархәара аиуит[1].
Зегь реиҳа ижәытәӡатәиу аԥсуа-абаза социалтә терминқәа иреиуоуп аҳ “ицхаҵкы”, “аҭауад”. Шь. Д Инал-иԥа иҩуеит:
Ааигәанӡа аԥсуа ҭацацәа аиҳабы аҳ ма дадаҳ, саҳ ҳәа ишьҭан, зегь реиҳа ҳаҭыр зқәу ҳәа аҵакы аҭаны, иԥҳәысгьы – нанаҳ[3].
Ажәа аҳ аҟынтәи ишьақәгылоуп абарҭ аԥсуа терминқәа[3]:
Иара ахаҭа титул аҳ ижәытәӡатәиу аԥсуа-абазатә атермин ауп[3]. Атитул аҳ Аԥсуа аҳраҿы еиҭашьақәдыргылеит 1459 ашықәс азы, усҟан Аԥсны раԥхьатәи аҳс дыҟан Рабиа Чачба, аҵыхәтәантәи аԥсуа аерисҭау (аҳмада) - Аргәынаиа Чачба иԥа[4]. Аҵыхәтәантәи Аԥсуа аҳра аҳ иакәын ― аҭауад лаша аҳ Аҳмыҭ-беи (Михаил) Чачба[4][1].