Елакра II (Қырҭтәылатәи)

Елакра II
ერეკლე II

Елакра II, Қарҭли-Қахеҭ аҳ
Қахеҭ аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1744 – 1762
Аԥхьа иҟаз Ҭемыр II
Аҭынха Қарҭли-Қахеҭтәи аҳра ашьақәгылара
Қарҭли-Қахеҭ аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1762 – 1798
Аԥхьа иҟаз Ҭемыр II
Аҭынха Гьаргь VII


Аира абҵарамза 181720 ш.
Ҭелави
Аԥсра ажьырныҳәамза 221798 ш.
Ҭелави
Аԥсыжра аҭыԥ Мцхьеҭа
Аԥҳәыс

1) Анна Абашиӡе

2) Дереџьан Адианԥҳа
Ани аби Ҭемыр II
Ҭамара Багратионԥҳа
Адин Ақырҭуа иашахаҵаратә уахәама
Анаԥынҵамҭа Анаԥынҵамҭа

Елакра II — Қахьеҭ аҳ (1744-1762), насгьы еиду Мраҭашәара-Қырҭтәылатәи аҳра Қарҭли-Кахьеҭ (1762-1798). Багратионцәа рдинастиа, Кахьеҭтәи аҟәша аҟынтә.

Елакра хықәкыс имаз Қырҭтәылатәи афеодалтә ҳәынҭқаррақәа зегьы ҳәынҭқаррак аҳасабала реидкылара, Аџьамтәыла-Ҭырқәтәылатәи анап-хгара аҟынтәи ахақәиҭра аиура, насгьы Кавказнҭыҵ Қырҭтәыла аҭыԥ арӷәӷәара акәын.[1] 1783 ашықәс азы Урыстәылатәи аимпериеи иареи Георгиевсктәи Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.[1] Уи иааиԥмырҟьаӡакәа ақырҭуа ар еиҿикааит, Қырҭтәыла иҭацәыз аҭыԥқәа рҿы инхон, афеодалцәа рзинқәа азакәан анормақәа рыла ирԥкны иҟаиҵеит.[1] Қарҭи Ҭелавии рыҟны ашколқәеи асеминарқәеи аԥиҵеит.[1] Ақырҭуа-аермантә аизааигәа-хараҿы ихы алаирхәит.[2] 1790 ашықәс азы иара аԥшьгара ҟаиҵеит «Ибериа аҳцәеи аҭауадацәеи реиқәшаҳаҭра» ахыркәшара, уи рнапы аҵарҩит Елакра II, Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла аҳәынҭқаррақәа: Салуман II, Гьыргәал Адиан, Симон Гуриели.[2] 5000 ҩык змаз ақырҭуа ар, 35 000 ҩык Қьызылбашьцәеи Аџьамцәеи Крцаниситәи аибашьраан ирыҵахеит, амаҭацәа мчыла 75 шықәса зхыҵуаз Елакра аибашьратә ҭыԥ аҟынтәи дыргеит.[2] Ага-Моҳаммеҭ-ҳан иқәылара ашьҭахь, итәыла аԥхасҭахара даара игәы знархьоз Елакра, Телавиҟа дцеит, уаҟа ажьырныҳәамза 11 1798 ашықәс азы иԥсҭазаара далҵитт. Анышә дамадоуп, апатриархтә аныхабааш Светицховели аҩныҵҟа.[3]

Георгиевсктәи Аиқәшаҳаҭра аҟынтәи Иракли II иаҳтә титуларат: «Кахеҭ аҳ, Карҭлинтәи аҳ, Самцхесааҭабаг аҭынхатә ҳәынҭқар, Ҟазахтәи аҳ, Борчалтәи аҳ, Шамшадилтәи аҳ, Кахтәи аҳ, Шактәи аҳ, Шьыруантәи аҳ, Ганџьа Ериван егьырҭгьы рнапхгаҩы».

Елакра 500 еибашьра далахәын, урҭ рҟынтә 497 рҿы аиааира игеит.

Аҭырқәцәеи дареи иҿыцыз аибашьра раԥхьа лҵшәадахеит, аха нас Надир ар ҿыц еизигеит (1733) Кавказ аҭырқәцәеи дареи реибашьра иациҵеит. 1735 шықәсазы аҭынчра аныҟаз, Аџьамтәылеи Ермантәыла (Шәамахьтәылеи) иааннакылеит. 1733 шықәсазы Ҭырқәтәыла азин анаҭаны, Елакра иаб Ҭемыр II[4] Қырҭтәыла аҳас дҟалеит. Надир-Шаҳ идҵала, Қырҭтәылаҟа “ахылаԥшҩыс” дҟаҵан – Сефи-ҳан ҳәа, уи иаразнак ашәахтә ҿыци аҭакԥхықәра ҿыци аԥиҵеит.[4] Урҭ аусқәа рышьҭахь ақырҭуа ҳәынҭқарцәа - Қсани аерисҭау Шьаншьеи, Гиви Амилахвари,[5] Вахушҭи Абашиӡеи, Ҭарҳан Луарсаби[4] рықәгылара ҟалеит. Ари ақәгылара иадҳәаланы, Қьызилбашьтәи агарнизон Қарҭ иҭганы, Қсанитәи аҳәынҭқаррахь идәықәырҵеит, аха ажәылара аанкылан.[4] Ԥшьынтә аиааира анига ашьҭахь, Сефи-ҳан ақәгылаҩцәа иааиԥхьеит, акьымсра шроуа ажәа риҭаны. Кахеҭ аҳ Ҭемыр, уи иусқәа рнапхгаҩы Гиви Чолокашвили, арагви аерисҭау Барӡым, Гиви Амилахори,[5] Ҭарҳан Луарсаби, Ҭамаз Андроникашвили, Каихосро Черкезишвили Сефи-ҳан иахь иааит. Ахан ицәырҵыз зегьы ашьамҭлаҳәқәа рышьаҵаны Џьамтәылаҟа идәықәиҵеит. Қсани аерисҭау Шьаншье заҵәык иоуп зхы иақәиҭны иаанхаз. Аџьамцәа рыр ҩаԥхьа Қсанитәи аерисҭаурахь идәықәырҵеит, аха Икорҭатәи аибашьраҿы Шьаншье аиааира игеит. Аҵыхәтәан, 1737 ашықәс азы Сефи-ҳан арратә мчра ҿыц иоуит, насгьы иаразнак Қсанитәи аерисҭаурахь идәықәиҵеит. Аибашь-раҿы иаҵахаз Шьаншье раԥхьа Имереҭҟа, нас Урыстәылаҟа дцеит, уаҟа арратә цхыраара аиуразы, ахҵәараҿы иҟаз аҳ Вахҭанг Кахеҭтәи аҳра аанкыларазы игәра игарц иҽазишәеит.[4] Аҩ-миссиакгьы лҵшәадахеит, избан акәзар аурыс дипломатцәа Шьаншье иажәақәа мап ацәыркит, аҳ Вахҭанг Асҭрахан дыԥсит.[4]

Надир абаандаҩцәа гәыкала идикылеит, избан акәзар Кандагартәи акампаниаҿы ақырҭцәа рыцхыраара иоуеит ҳәа дгәыӷуан.[4] 1737 шықәсазы аџьам-қырҭуа ар Кандаҳар ақалақь анырцәырырга ашьҭахь, Надир ақырҭуа атҟәацәа реиҳараҩык Қырҭтәылаҟа ишьҭит, аха аҳ Ҭемыр инапаҿы даанижьит. Ахақәиҭра аилаӡарала Ҭемыр ихәыҷқәа, Елакреи иаҳәшьа Қьаҭауани, Џьамтәылаҟа рышьҭра акәын[6]. Қьеҭуани Алы-Қули-ҳани рчара руит, Қьаҭауани Елакреи анааи ашьҭахьҵәҟьа. Уи аҽныҵәҟьа Надир-ҳан Елакра диҳәеит аԥсылманра идикыларц, аҭакс иоуит:

Сара сшьра ҟалоит, аха сдоуҳа абжьыхра, аԥсахра залшом. Убри аҟнытә сыԥсылманны сҟашәымҵан.

Аоригиналтә текст (ақырҭуа бызшәала)

ჩემი მოკვლა შესაძლებელ არს, მაგრამ ჩემი სულის შეცვლა და შერყვნა არას ძალით არ მოხერხდება; ამიტომ ტყუილად ნუ შეეცდები ჩემ გამაჰმადიანებასაო

- апрофессор Леуан Саникиӡе ишәҟәы аҟынтә (Ан Аҭоурых) адаҟьа 319.

1738 ашықәсазы, Индиатәи аибашьра анхыркәшаха ашьҭахь, Надир-шаҳ Ҭемыр иԥеиҳабы кахеҭтәи аҳиԥа Елакра доуишьҭит. Ҭемыр иԥа Елакра Қьаҭуан Орбелиани ԥҳәысс дигеит (1750 шықәсазы дыԥсит).

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 Ираклий II // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978. (аур.)
  2. 2,0 2,1 2,2 Сухарева О. В. Кто был кто в России от Петра I до Павла I. — М.: АСТ, 2005. — ISBN 5-17-023261-6 (аур.)
  3. Андроникашвили Б. Страницы прошлого читая… — Қарҭ: Мерани, 1987.
  4. 4,0 4,1 4,2 4,3 4,4 4,5 4,6 Леван Саникиӡе, Мать История, Қарҭ, 1996.
  5. 5,0 5,1 Амилахвари
  6. Согласно Л. Саникиӡе, шах хотел выдать Кетеван замуж за Али-кули-хана.