Леонардо да Винчи

Леонардо да Винчи
Leonardo da Vinci
Ахатәы хьӡы Leonardo di ser Piero da Vinci
Аира мшаԥымза 15, 1452 ш.
Anchiano
Аԥсра лаҵарамза 2, 1519 ш.
Кло-Люсе
Аԥсра зыхҟьаз внутримозговое кровоизлияние
Аԥсыжра аҭыԥ Амбуаз
Анхарҭа Уанаҿа, Флоренция (1469 ш.–1482 ш.), Рим, Флоренция (1500 ш. инаркны)и Милан (1482 ш.–1500 ш.)
Атәылауаҩра Флорентийская республика
Аусура художник,
инженер,
астроном,
афилософ,
анатом,
аматематик,
скульптор,
универсальный человек,
архитектор,
гражданский инженер,
дипломат,
изобретатель,
композитор,
физик,
физиолог,
ботаник,
химик,
зоолог,
карикатурист,
учёный,
архитектурный чертёжник,
дизайнер,
ашәҟәыҩҩы,
деятель изобразительного искусства
Аусураҭаҩцәа Сфорца, Лодовико (1482 ш.–1500 ш.)
Чезаре Борджиа
Адин атеизм
Абызшәақәа Аиталиан бызшәа
Анаԥынҵамҭа
Леонардо ихаҭәыпортрет

Леонардо ди сер Пиеро да Винчи (аитал. Leonardo di ser Piero da Vinci; мшаԥымза 151452 ш., Анкиано ақыҭа, Флоренциа ареспубликалаҵарамза 21519 ш., Кло-Лиусе ахан, Амбуаз, Франциа) — адуу италиатә асахьаҭыхҩы (архитектор, аскульптор) аҭҵаарадырраҩы (аматематик, афизик, анатом), илашу "ауниверсалтә ауаҩы" (алаҭ. homo universale) ахкы, италиатә Ренессанс аидеал.

Аӡәгьы иҳамаикӡом, Леонардо да Винчи (1452-1519) зегь реиҳаӡоу асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкуп ҳҳәар. Иара иҭихыз асахьа «Уаххьа маӡа» адунеиаҿ зегь реиҳа еицырдыруа сахьақәа иреиуоуп. Леонардо зегьы деицырдыруа дҟалон акгьы ҭимхыргьы. Избанзар уи дыԥҵаҩ дуун. Уи адагьы Леонардо дҵарауаҩ дуун, дконструкторын. Иара убас уи дпоетын, дмузыкантны, дыскульпторын. Иара идагьы ауаатәҩса рыԥсҭазаарҿ уаҳа аӡәгьы илымшацзар ҟалап ииҵаз аҟара аҵара. Уи абџьар хкқәеи рмеханизмқәеи аԥиҵеит. Иара убас аҳаирпланқәеи аӡаҵаҟатәи анышьқәеи рмодельқәа рыла аԥышәарақәа мҩаԥигон. Леонардо до Винчи, аиашазы, генииуп изуҳәар алшоит. Леонардо диит Италиа Винчи ақыҭан. Уи ихәыҷра аиҳарак иаб иҭаацәа рҿы ихигеит. Леонардо дхәыҷыԥшӡан, ихахәы еиларҳәы, илақәа иаҵәаӡа дыҟан. Леонардо иаб иҷкәын асахьаҭыхра аинтересс шимоу иангәеиҭа, уи иреиӷьӡоу асахьаҭыхҩы бзиа, арҵаҩы иахь дишьҭуеит. Ҽнак Леонардо ирҵаҩы исахьаҿы амаалақь исахьа ҭихуеит. Уара сахьаҭыхыҩҵас усеиҳауп, арҵаҩы – уаҳа сара асахьа ҭысхӡом”, – иҳәеит арҵаҩы. ԥыҭрак ашьҭахь, Леонардо иаб арҵаҩы уаҳа аԥара изысшәаӡом ҳәа иӡбеит. Уи иҷкәын ихигоит ахаҳәқәеи, аҵиаақәеи ҭҵаауа, аԥсааҭқәа дрышьклаԥшуа, урҭ рцәеижьы шеиҿартәу аилкаара дахьашьҭаз, амеханизмқәа рмодельқәа анаԥиҵоз мыцхәы аамҭа рықәирӡуеит ҳәа иԥхьаӡон. Аха Леонардо ирҵаҩы иҿы даанхеит цхырааҩык иаҳасабала. 25-шықәса раҟара иара иҿы дыҟан. Нас ихала асахьа аҭыхра далагоит, раԥхьа Флоренции, нас Милан, Венециа, иԥсҭазаара аҵыхәан – Франциа. Леонардо идеиақәа асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы рсахьақәа рҿы рхы иадырхәон. Иара, – сара урҭ аԥысҵалоит. Дара урҭ хырҩылаалааит, – иҳәон. Абасала, ирацәаӡам ари асахьаҭыхҩ дуӡӡа иҭынхаз асахьақәа. Аидеиақәа рацәаны иман, ирацәоуп уи карандашьлеи меланлеи иаԥиҵаз аескиз ссирқәа. Леонардо исахьақәа убас иԥшӡоуп, урҭ амузыка еиԥш, еиҭаҳәашьа рымаӡам. (Картины Леонардо так красивы, что их так же трудно описать, как прекрасную музыку). Асахьақәа рҿы ауаа рхаҿқәа даара иҵаулоуп. Уи алашараеи агагеи даҽакала (ҿыцла) ихы иаирхәеит иперсонажцәа еиҳа иԥсабаратәны, ишыҟаҵәҟьаз иааирԥшырц азы. Исахьақәа руак «Мона Лиза» ахьӡуп. Ари аччаԥшь зҿықәу аԥҳәыс лпортреҭ ауп. Апортреҭ ари аԥҳәыск лхаҵа иаҿеиҵеит. Аха Лео - нарда уи апортреҭ убас игәаԥхеит, ихазы иаанижьырц иӡбеит. Уи Франциаҟа иманы дцеит. Ара аҵыхәтәантәи ашықәсқәагьы ихигеит, Франциатәи акрал иҿы аҳҭынратә сахьаҭыхҩыс дыҟан. Уажәшьҭа ари асахьа – Парижтәи Лувр аҿы хәы аԥҵамҭа хазынақәа ируакуп.

Леона́рдо ди сер Пье́ро да Ви́нчи диит  (итал. Leonardo di ser Piero da Vinci[1]; 1452 шықәса мшаԥымза 15 рзы ,  Анкиано ақыҭа,  Винчи ақалақь хәыҷ азааигәара,  Флоренциа иацәыхарамкәа —1519 лаҵарамза 2 рзы, Кло-Лиусе азамок Амбуаза азааигәара, Турень, Франциа) — италиатәи асахьаҭыхҩы (аҿыханҵаҩ, аскульптор, архитектор) аҵарауаҩ (анатом, аԥсабараҭҵааҩ), аҿыцаԥшьгаҩ, ашәҟәыҩҩы,  амузыкант, Иҳараку Аиҭаира аҟазара иналукааәа ахаҭарнак, "здырра ҭбаау ауаҩы"  (лат. homo universalis) изы аҿырԥшы бзиа.

Аҩны, Леонардо ихәыҷраан дахьынхоз

Леонардо да Винчи диит 1452ш. мшаԥымза 15 рзы Анкиано ақыҭа, Винчи ақалақь хәыҷ азааигәара, Флоренциа инацәыхарамкәа "асааҭ хԥа рзы, уахынланы", 22:30 рзы (ҳаамҭазтәи аамҭаԥхьаӡарала).  Леонардо иабду Антонио да Винчи (1372-1468)  имшынҵаҟны  абас еиԥш иҟоу азгәаҭа ануп: «Асабшаҽны, уахынла асааҭ хԥа, мшаԥымза 15  рзы дииҭ смоҭа, сԥа Пьеро иԥа. Аҷкәын Леонардо ихьӡырҵеит. Уи аб Пьеро Бартоломео динаҭит». Иара ҭаацәас иман 25 ш. зхыҵуаз анотариус Пьерои (1427-1504), уи бзиа иибоз анхаҩ ҭыԥҳа Катеринеи. Леонардо иԥсҭазаара раԥхьатәи ашықәсқәа иан лҟны ихигеит. Иара иаб хара имгакәа амал змаз, зыхьӡ нагаз ҭыԥҳак ԥҳәысс дигеит, аха ахшара рхылымҵит, убри аҟынтә Пьеро хышықәса зхыҵуаз иԥа ааӡара дигеит. Зан илҟәыҭхаз Леонардо иԥсҭазаара зегьы иан лхаҿсахьала ашедеврқәа раԥҵара ихы азикит. Иара усҟан иабду иҟны дыҟан.

Аренессанс аамҭазы ус иаԥын, италиатәи аҭаацәарақәа рҿы аганахьтәи рыхшара рхәыҷқәа ирхырааӡалон. Винчи ақалақь аҟны инхоз зхыԥша ыҟаз ауаа Леонардо аԥхьаҟатәи илахьынҵа анырра арҭеит.

Леонардо 13 ш. анихыҵуаз, ианԥса ахшараиура дахыԥсааит. Иаб ҩаԥхьа ԥхәыс дигеит, аха иаарласны иԥшәма дыԥсуеит азы деибахеит. Иара 77  ш. ниҵит, ԥшьынтә аҳәса ааигахьан, 12-ҩык ахшара иман. Аб Леонардо абшьҭрала  иааргоз азанааҭ дадиԥхьаларц далагеит, аха аҷкәын азиндырра зҿлымҳара аимҭеит, мап ацәикит.

Леонардо ишаабац еиԥш, ажәла имамызт; «да Винчи» иаанагоит (шьҭрала) Винчи ақ. аҟынтә ҳәа. Ихьӡ наӡа - итал. . Leonardo di ser Piero da Vinci, даҽакала иаҳҳәозар, «Леонардо, ҳаҭыр зқәу Винчиатәи Пьер иԥа» ҳәа.

Амедуза аԥырак иазку алегьенда

[аредакциазура | акод аредакциазура]

"Еҳа еицырдыруа аҿыханҵаҩцәеи, арыԥшьшьаҩцәеи, аргылаҩцәеи рыԥсҭазаартә мҩа" дахьахцәажәо,  Вазари иҳәоит, нхаҩык Леонардо иаб дышиҳәаз асахьаҭыхҩы диԥшаарц, уи ихагьежьу амҿтәы ԥырак асахьақәа аниҵарц. Пьер амҿтәы ԥырак иҷқәын ииҭеит. Леонардо иӡбеит Амедуза горгона ахы ҭихырц, уи асахьа ахәаԥшцәа анырра ӷәӷәа рнаҭарц азы акаркалмышә, амаҭ, арҵу, ахәац уҳәа рхәамцқәа ихы иаирхәеит, «урҭ рызегьы еиуеиԥшымкәа реинырнаалаарала амамыршәага ҿаасҭа аԥиҵеит, уи иахылҵуаз аԥсыԥ шҳамны, аҳауа амцабз алнарҟьо».  Алҵшәа иара дшазыԥшыз аасҭагьы иеиӷьхеит: Леонардо иусумҭа даналга ашьҭахь иаб ианиирба, иаб дшәеит. Аԥа ус иеиҳәеит: «Ари аԥҵамҭа иара зззыҟаҵоу амаҵ аура иазкуп. Иганы иара ишәҭ, аҟазара  аԥцамҭа зызкыз уи ауп аҟнытә». Пьер Леонардо иусумҭа анхаҩы иимҭаӡеит:  ажә-мыжә зҭиуаз аӡә даҽа ԥыракык изааихәеит.   Амедуза асахьа зныз аԥырак Леонардо иаб Флоренциа иҭиит шәрдукатк ҳәа. Изларҳәо ала, ари аԥырак Медичи рҭаацәа рахь ииасит, иара аныӡ, Флоренциа азинмчы змаз аԥшәмацәа иқәгылаз ажәлар ақалақь иалырцеит. Акыршықәсқәа рнаҩс, акардинал дель Монте Амедуза Горгона асахьа Караваџьо иҿы аҿеиҵеит. Аталисман ҿыц Фердинанд Медичи I иԥа ԥҳәыс данааига ҳамҭас ииҭеит.

1466 ш. рзы Леонардо да Винчи Вероккьо иҟазарҭаҟны дрыдыркылоит асахьаҭыхҩы иҵаҩы иаҳасаб ала.

Вероккьо инапҟазарҭа усҟантәи Италиа аинтеллектуалтә центр аҟны иҟан, Флоренциа ақалақь аҿы, ари Леонардо агуманитартә ҭҵаарақәа  рҵаразы алшара инаҭеит, иара убас атехникатә шьцыларақәакгьы иҵоит ара. Иара иҵеит аҵәаӷәанҵара, ахимиа, аметаллургиа, аиха, агиԥс, асахҭан аус рыдулашьа. Убри инаҷыданы инапы рылакын асахьаҭыхра, аҿыханҵа, амодельҟаҵара. Анапҟазарҭаҟны Леонардо еиԥш аҵара рҵон Перуџьино, Лоренцо ди Креди, Аньоло ди Поло, аус иуан Боттичели, лассы-лассы инеиуан еицырдыруаз аҟазацәа, Гирландаио еиԥш иҟақәаз. Анаҩс, Леонардо иаб иара иҟазарҭахь аусура даниаига ашьҭахьгьы,

Вероккьо исахьа  «Қьырса аӡиӡаахра». Армарахь -амаалықь (арамарахьтәи ҵаҟатәи акәакь)- Леонардо инапы иҵыҵыз аԥҵамҭа.

Верроккьо аус ицура дшаҿыц даҿын.

1473 ш.рзы  20 ш. зхыҵуаз Леонардо да Винчи  Ацқьа Лука и-Гильдиаҟны аҟаза икфалификациа иоуеит.

Вероккьо исахьа  «Қьырса аӡиӡаахра». Армарахь -амаалықь (арамарахьтәи ҵаҟатәи акәакь)- Леонардо инапы иҵыҵыз аԥҵамҭа.

XV- тәи ашәышықәсазы аҳауа иалан антикатәи аидеалқәа реиҭеира иазкыз аидеиақәа.  Флоренциатәи Академиаҟны Италиа иреиӷьыз ахшыҩқәа аҟазара ҿыц атеориақәа аԥырҵон. Арҿиара знапы алакыз аҿар  еиуеиԥшым аимак-аиҿакқәа мҩаԥыргон. Леонардо еилашуаз ауаажәларратә ԥсҭазаара даламызт, шамахамзар, аҟазарҭа дыҩныҵны иҟаломызт. Атеориатә еиҿагыларақәа раамҭа имамызт, иҟазара есааира иазирҳауан.

Зны, Верроккьо  иҿы асахьа «Қьырса аӡиӡаахра» анҿарҵа, иара Леонардо амаалықьцәа ҩыџьа рахьтә руаӡәы иҭыхра иара идиҵеит. Усҟантәи аамҭазы ус иҟан: арҵаҩы иҵаҩы-ицхырааҩ диваргыланы аус иуан. Зегь раасҭа зҟыбаҩ бзиаз, еиҳа аусура иазыҳаҵҳаҵоз ирыдҵахон еибгаз асахьа ахәҭак анагӡара. Ҩыџьа амаалықьцәа, Леонардеи Верроккьеи иҭырхыз, арҵаҩ иаасҭа аҵаҩи дшеиҳау аадырԥшит хьаҳәа-ԥаҳәарада. Вазари излаиҩуа ала, Верроккьо дшанханы иқыцә ахькаиршәыз, уаҳагьы уи нахыс аҿыханҵахь дымгьежьӡеит.

  Амилаҭтә музеи, Краков

Азанааҭҟазаратә усура, 1472-1513

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Леонардо да Винчи, «Аԥшӡаҳ зку аԥҳәыс», 1490,  Амилаҭтә музеи, Краков
  • 1472-1477 шш. рзы Леонардо аус рыдиулон асахьақәа «Қьырса аӡиӡаахра», «Ажәабжь бзиаҳәара», «Ашәҭ зку Мадонна» («Мадонна Бенуа»).
  • 1470 - тәи ашықәс азбжазы иаԥҵан «Мадонна с цветком» («Мадонна Бенуа»).
  • 24 ш. зхыҵуаз Леонардои даҽа хҩык арԥарцәеи аӡбаратә усеилыргара иаларгалеит маӡалатәи мыцла ахарадҵарала, аха ириашан. Абри ахҭыс анаҩс иԥсҭазааразы еилкаау маҷуп, аха иҟоуп адокументқәа 1476-1481 шш. рзы Флоренциа ихатә ҟазарҭа шимаз атәы зҳәо.
  • 1481 ш. да Винчи иԥсҭазаараҟны раԥхьаӡа акәны инаигӡеит иҿарҵаз аусумҭа ду – аӡатәнагарҭаә хаҿсахьа «Адырҩцәа (анцәа) иашьапкраан)» (ихыркәшаӡам) Флоренциа иацәыхарамкәа иҟаз Сан Донато а Систо амонастыр азы. Иара убри ашықәс азы ихацыркын "Иԥшьоу Иероним" аусумҭа.
  • 1482 ш. Леонардо, Вазари иажәақәа рыла, абаҩхатәра ду злаз музыкантны дызлаҟаз ала иаԥиҵеит  аҽхы асахьа змаз араӡын лира. Лоренцо Медичи уи  Миланҟа ддәықәиҵеит, Лодовико  Моро иахь абжьаҟазаҩык иаҳсабала, алира ҳамҭас ицҵаны. Иара убасҟан нап аркын Франческо Сфорц изы аҽы абаҟа аус адулара.
  • 1483 — ихацыркын аусумҭа «Мадонна аҿыџь аҟны (в гроте)»
  • 1487 — аԥрыгатә машьына -орнитоптер, аԥсаатә ԥырра шьаҭас измаз аус адулара.
  • 1489—1490 — асахьа «Аԥшӡаҳ зку аԥҳәыс»
  • 1489 — ахыбаҩқәа ранатомиатә сахьақәа
  • 1490 — асахьа  " Амузыкант ипортреҭ». Франческо Сфорц ибаҟа анышәаԥшьтә модель нагӡоуп.
  • 1490 — Витрувиантәи  ауаҩы —еицырдыруа асахьа, зны-зынла аканонтә еизышәарақәа ҳәа изышьҭоу
  • 1490—1491 — иаԥҵоуп  «Мадонна Литта»
  • 1490—1494 — ихыркәшоуп  «Мадонна аҿыџь аҟны  (в гроте)»
  • 1495—1498 — афреска аус адулара  "Маӡалатәи уаххьа» , Милан,  Санта-Мариа  делле Грациа аамонастыр аҟны.
  • 1499 —Милан Лиудовик XII франциатәи ирхәҭақәа ирымпыҵархалеит, Леонардо Милан аанижьуеит, Сфорц ибаҟа амодель ааха ӷәӷәа аҭоуп.
  • 1502 — архитектори арратә нџьныри раҳасабала Чеза Борџьиа иҟны амаҵура далалоит.
  • 1503 — Флоренциаҟа ахынҳәра
  • 1503 - афреска «Анџьари аибашьраҟны(Ангиари аҟны)»  азы акартон, иара убас асахьа «Мона Лиза»
  • 1505 —аԥсаатә рыԥырра азгәаҭақәак
  • 1506 — Миланҟа ахынҳәра, Фарнциатәи аҳ Лиудовик XII (усҟан аҩадатәи Италиа иахылаԥшуаз, шәахә. Италиатәи аибашьра) иҟны амаҵзура ахысра
  • 1507 — ауаҩытәыҩса илақәа реиҿартәышьа аҭҵаара
  • 1508—1512 — Милан амаршал Тривульцио изы аҽы абаҟа аус адулара
  • 1509 — Иԥшьоу Анна аныхабааҟны асахьанҵақәа
  • 1512 — «Автопотреҭ»
  • 1512 — Римҟа аиасра папа Лев X инапаҵаҟа аҟазаара

Леонардо аҩызцәеи аҵаҩцәеи рацәаҩны иман. Абзиабара аганахь ала иҵабыргу адырраҭарақәа ыҟам, избанзар Леонардо ихатә ԥсҭазаара ҵәахын.  Аҭаацәара далаӡамызт, аҳәсеи иареи реизыҟазаашьақәа еилкаам. Иҟоу гәаанагарақәак рыла, Леонардои Лодовико Моро иалкаан бзиа иибоз, Чечилие Галлерани иареи еимадан, уи лхаҿсахьоуп еицырдыруа исахьа «Аԥшӡаҳ зку аԥҳәыс» аҟны иаарԥшугьы. Вазари иажәақәа рнаҩс, гәыԥҩык авторцәа иазгәарҭоит, Леонардо иҵаҩцәа рҟынгьы аинтимтә зыҟазаашьа шимаз, аха уи зырҵабыргуа иарбанзаалак акы ыҟам. Даҽа џьоукых изларыԥхьаӡо ала, абзиабара џьаргьы имамызт, уи аԥсҭазаара зҿлымҳара аиҭомызт ҳәа, аҭҵаареи аҟазареи рус ԥыжәара аиҭон ҳәа.

Ирҳәоит, да Винчи акәац ифомызт ҳәа ( Андреа Корсали Џьулиано ди Лоренцо Медичи изиҩуаз асалам шәҟәаҿы индуск диҿирԥшуеит, акәац зымфоз). Да Винчи инысымҩа ҭызҵаауаз 70-ҩык авторцәа рахьтә ҩыџьа иазгәарҭоит авегетарианрахь азҿлымҳара шааирԥшуаз, хҩык Корсали исаламшәҟәы аҟынтә ацыԥҵәахақәа ааргон. Да Винчи идырҳәалоз ахшыҩҵак: "Ауаҩы аҭынчра иҭахызар, избан аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ахац иҭакны изимоу?.. ауаҩы аԥстәқәа драҳуп, урҭ гәымбалџьбарыла иҭаирхоит. Ҳарҭ зыԥсы ҭаны иныҟәоу нышәынҭрақәоуп! Санқәыԥшӡаз инаркны акәацфара мап ацәыскхьан",-иаагоуп Дмитри Мережковски ироман англыз быз. аҟынтә аиҭагахьтә «Воскресшие боги. Леонардо да Винчи»[

Леонардо бзиа иибақәоз ирхыԥхьаӡалоуп афатәҟаҵареи ҟазарыла аишәа архиареи. Милан, 13 ш. инарзынаԥшуа аҳҭынраҿы имҩаԥысуаз аишәачарақәа хылаԥшҩыс дрыман. Ахәыҟаҵаҩцәа рус зырманшәалоз афатә ҟаҵага хархәагақәак аԥшьигахьан. "Леонардо иҟынтә" иоригиналтәу афатә хкы - ижәу акәац ҵаӷаны ихыхны, хыхь ауҭраҭых хкқәа ақәҵаны, - аҳҭынратә аишәа-чарақәа раан акырӡа ирылаҵәан иҟаз ак акәын.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәеи иԥсреи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Кло - Лиусе аҳҭынраҿы Леонардо иԥсыбаҩ ахьамадоу

Амбуазе  иҟоу Леонардо ибаҟа

Аҳ Франциска I папа Лев X  Болонье реиқәшәара Леонардо далахәын, ахҭыс мҩаԥысуан 1515 ш. ԥхынҷкәынмза 19, рзы. 1513-1516шықәсқәа рзы Леонардо дынхон Бельведер, аус адиулон асахьа «Иоанн Аӡӡаахҩы».

Франциск аҟаза адҵа ииҭеит еиҭаҵуа амеханикатә алым аконструкциа аҟаҵаразы, агәышԥы аҟынтә аӡышәҭыш ааҭыҵуа. Иҟалап, ари алым Лион даныҟаз аҳ аԥсшәа ианаҳәозар, мамзаргьы папа иҿцәажәарақәа раан ахархәара амазаргьы.

Кло - Лиусе аҳҭынраҿы Леонардо иԥсыбаҩ ахьамадоу

1516 ш. рзы Леонардо ааԥхьара иоуит афранцыз крал иҟынтә, уа Кло-Лиусе иаҳҭынраҿы дынирхеит (ароуп Франциск I ихәыҷра ахьымҩаԥысыз), Амбуз икралтә ҳҭынра инацәыхарамкәа. Акралтә сахьаҭыхҩы, анџьныр, архитектор  ҳәа  аофициалла ихҵаз ахьӡ азы Леонардо шықәсыктәи арента зықь екиу иоуан.  Уаанӡа Италиа Леонардо анџьныр ҳәа ахьӡ имамызт. Леонардо, афранцыз крал ибзоурала «игәы ззыҳәоз азгәышьреи, ахәыцреи, арҿиареи рзы ахақәиҭра» зауыз, раԥхьатәи италиатәи сахьаҭыхҩымызт. Иара иаԥхьа ари аҩыза аҳаҭыр рыман Андреа Солариои Фра Џьованни Џьокондои. Франциа Леонардо шамахамзар дҭыхуамызт, ҟазарыла аҳҭынратә ныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, Роморантен ахан ҿыц аҟны аӡиас ахырхарҭа аԥсахра аплан, Луареи Сонои рыбжьара аканал апроект, Шамбор ахан аҟны ихадоу ҩ-халарҭак змаз амардуан рҳәы реиҿкаара инапы алакын.

Амбуазе  иҟоу Леонардо ибаҟа

Иԥсҭазаара иалҵра ҩышықәса шагыз аҟаза иарӷьа напы дысит, цхыраарада ииулак дныҟәон. Леонардо Амбуазе хышықәса аиарҭа даман. 1519 ш. мшаԥымза 23 рзы  ауасиаҭ нижьит, лаҵарамза 2 рзы, 68 ш. дшырҭагылаз иҵаҩцәеи ишедеврқәеи рыгәҭаны Кло-Лиусе ахан иԥсҭазаара далҵуеит.

Леонардо да Винчи иԥсыжырҭа Амбуаз ахан аҟны.

Леонардо да Винчи иԥсыжырҭа Амбуаз ахан аҟны.

Вазари иажәақәа рыла, да Винчи иԥсҭазаара далҵит иҩыза гәакьа акрал Франциска  I инапаҟны,. Зыгәрагара маҷу, аха Франциа аларҵәара ду змаз алегьенда Енгр, Ангелика, Каумфан уҳәа аҿыханҵаҩцәа аӡәырҩы рсахьақәа ирныԥшит. Леонардо да Винчи анышә дамадоуп Амбуаз ахан аҟны. Аԥсыжырҭа иахагылоу ахаҳә аҟны абас еиԥш иҟоу аҩыра анҵоу иҭыҟааны: "Ари амонастыр аҩныҵҟа Леонардо да Винчи иԥсыбаҩ амадоуп Афранцыз кралра асахьаҭыхҩы дуӡӡа, анџьныр , архитектор.

Леонардо иҭынхаз иҵаҩы, иҩыза Франческо Мельци иоуп, 50 ш. инарзынаԥшуа аҟаза иҭынха ахылаԥшра аиҭон, уахь иаҵанакуан (асахьақәа рнаҩс) амаҭәахәқәа, абиблиотека, 50 нызқь инарзынаԥшуа еиуеиԥшым атемақәа ирызкыз аоригиналтә документқәа, ҳазҭагылоу аамҭазы урҭ рахьтә еиқәхаз хыџьара ишаны хәҭак ауп.  Егьи  иҵаҩы Салаии имаҵуҩи ирзынхеит Леонардо иӡахәаҭрақәа рыбжа рыбжа.

Леонардо раԥхьа иргыланы деицырдыруеит сахьаҭыхҩык иаҳасабала. Убри адагьы, да Винчи скульпторны дыҟан ҳәа уҳәаргьы алшоит рҳәоит. Перуџьи ауниверситет аҟнытәи аҭҵааҩцәа Џьанкарло Џьентилинии Карло Сисии  изшьақәдырӷәӷәо ала, 1990 ш. рзы ирыԥшааз атерракоттә хы заҵәык ауп ҳара ҳҟынӡа иааӡаз  Леонардо да Винчи искульптуратә усумҭақәа рахьтә.  Аха Да Винчи иԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы раԥхьа иргыланы нџьнырс мамзаргьы ҵарауаҩыс ихы иԥхьаӡон. Аҿыханҵатә ҟазара уи аҟара аамҭа азикуамызт, дагьахыццакуамызт аусура. Убри аҟынтә, Леонардо исахьаҭыхратә иҭынха хыԥхьаӡарала ирацәам, иусумҭақәагьы жәпакы  ыӡит, иҟоуп аԥхасҭа ӷәӷәаны изаузгьы. Аха адунеитә сахьаҭыхратә культураҟны илагала ду акырӡа аҵанакуеит, Италиатәи Аиҭаира агеницәа жәпакы рыбжьарагьы. Иара иусумҭақәа иабзоураны аҿыханҵа аҟазара хаҭабзиала аҿиара ҿыц ахь ииасит. Леонардо иаԥхьа иҟаз Ренессанс асахьаҭыхыҩцәа абжьарашәышықәсатә ҟазара аҷыдарақәа жәпакы мап ацәыркуан. Уи ареализм ахь ахы кыдын, усҟан изыхьӡахьаз рацәан аперспектива, анатомиа аҭҵаараҟны, акомпозициатә

Мона Лиза (1503—1505/1506)

шьақәгыларақәа рыҟны еиҳа ахақәиҭрагьы цәырҵхьан. Аха, аҿыханҵара аганахьала, шәыгала аусура аганахьала, асахьаҭыхыҩцәа акырӡа иҿаҳәан, рхы иақәиҭмызт. Асахьаҿы ацәаҳәа амаҭәар нҭырҳәыцааны иаанарԥшуан, анҵамҭа ишәыз асахьа аԥшра аман. Леонардо иҿыцыз аҿыханҵатә техника дазнеит иагьалаирҵәеит. Иара иҟны ацәаҳәа ахы иақәиҭуп, избанзар убас ауп ҳаргьы ишаҳбо. Иара дазнеит алашара аҳауа иԥсаҟьаны, ирԥсыҽны алаҵареи сфумто – ахәаԥшҩи иаарԥшу амаҭәари рыбжьара алҩақәа рцәыргареи, ари аԥшшәқәа реиҿагылареи ацәаҳәақәеи дырԥсыҽуан. Абасала, аҿыханҵа аҟны ареализм зхаҭабзиара ҳаракыз аҩаӡарахь ииасит.

Леонардо зегь раԥхьа еилкааны иҳәеит ажәҩан зиаҵәоу. "Аҿыханҵа" захьӡу ашәҟәаҟны,  иара иҩуан: "Ажәҩан аиаҵәара Адгьыли хыхь иҟоу аиқәаҵәареи рыбжьара иҟоу ирлашоу аҳауа ахәҭаҷқәа рыжәпара иабзоураны ишьақәгылоит" ҳәа.

Иҟлап, Леонардо иавтопотреҭ акәҵәҟьоуп ззуҳәаша ак гьы аанимыжьӡеит. Аҵарауаа агәыҩбара роуит сангинала иҩу еицырдыруа Леонардо иавтопотреҭ (1512-1515шш. ирыҵанакуеит ҳәа ишьақәыргылоу) иажәра ашықәсқәа рызтәи исахьа аазырԥшуа ус иҟоуп ҳәа. Ирыԥхьаӡоит, ари «Маҵзалатәи уаххьа» азы иҩу апостол ихы аетиуд  ҳәа. Асахьаҭыхҩы иавтопатреҭ азы агәыҩбара XIX ашәышықәсазгьы иҟан, аҵыхәтәан уи атәы иҳәеит Леонардо иҭҵаараз знапы алакыз аспециалист дуцәа ируаӡәкыз апрофессор Пьетро Марани. Италиатәи аҵарауаа аҳәамҭа ҟарҵеит Леонардо да Винчи заатәи иавтопотреҭ шыԥшаау азы. Уи аарта ҟаиҵеит ажурналист Пьеро  Анџьел.

Леонардо ҟазарыла алир аҟны дыхәмаруан. Милан аӡбарҭаҟны Леонардо иус ианахәаԥшуаз, музыкант иаҳасабалоуп дшарбаз, сахьаҭыхҩык мамзаргьы ҿыцаартҩык иаҳасаб ала акәымкәа.

Аҭҵаарадыреи анџьныртә уси

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иаԥҵамҭақәа рахьтә акызаҵәык азхаҵара зауз – амцәазтә тапанча азы иҟаҵаз асапаҭ ауп. Раԥхьа ас еиԥш иҟаз атапанча аларҵәара амамызт, аха XVI-тәи ашәышықәса азбжазы аамсҭацәа рыбжьара ирылаҵәеит, еиҳаракгьы аҽыуаа рҟны. Леонардо да Винчи атапанчазы амацәаз цаԥха иаԥшьигаз ацәырҵра, XIX -тәи ашәышықәсазгьыы ахархәара ду аман.

Леонардо да Винчи аԥырра иаҵаз амаӡақәа рыҭҵаара дашьҭан. Милан иара асахьаҭыхымҭақәа рацәаны иҟаиҵон, еиуеиԥшым аԥсаатә хкқәа, ахәылԥҵысқәа рыԥырратә механизм ҭиҵаауан. Убри инаҷыданы аԥышәарақәагьы мҩаԥигон, аха урҭ зегьы алҵшәа рыман ҳәа иҟамызт.  Леонардо даара иҭахын аԥрыгатә аппарат аргылара. Иара ус иҳәон: "Зегь здыруа, зегь илшоит. Исзеилкаар – амҵәыжәҩақәагьы ҟалоит!".  Раԥхьа Леонардо аԥырра апроблема аус адиулон амҵәыжәҩақәа рхархәарала,  ауаҩытәыҩса ижьышәтә мчы ахархәарала аусура алиршон: Дедали Икари раппарат аидеиа. Анаҩс иара дазхәыцит убас еиԥш иҟаз аппарат аргылара, ауаҩы дадҳәаламкәа, ихы дақәиҭны амҩаԥгара илшо.  Ари аҳаирплан аидеиа ауп.

Леонардо да Винчи аппарат хагәҵәылатәи аԥырреи артәареи аус адиулон. Хагәҵәылатәи аԥырраҟны «ornitottero» Леонардо иазгәаиҭон амардуан ахәланагало аҟаҵара. Ус еиԥш иҟаз аҿырԥштәы иҵанаҳәеит аԥсабара: «уахәаԥш ахаҳәтә уахәамажәҵыс, адгьыл иқәтәаз, аха ашьапқәа ахькьаҿу азы ишзыҵмыԥрааз; аԥырра ианаҿу аамҭазы амардуан ҭыг, аҩбатәи анҵамҭаҿы хыхь ишарбоу еиԥш… убас иҵԥраатәуп адгьыл аҟнытә; арҭ амардуанқәа шьапҵас ахархәара рымазароуп...» Атәара  иазкны иҩуан: «Арҭ ахыцқәа, амардуан ашьаҭаҟны иарку, ауаҩытәыҩса ишьацәкьарақәа рԥынҵеиԥш  хархәара рымоуп, ауаҩы урҭ дрықәԥалоит, ашьхәа ҳаракы ишьаҵаны дыԥаргьы ицәеижь зегьы аҽшыннакыло еиԥш».

Леонардо да Винчи иоуп алашарбагатә труба (ателескоп) раԥхьатәи асхема аԥшьызгаз ҩ-линзак аҭаны (уажәы Кеплер системала алабаратә труба ҳәа ауп ишырдыруа). «Атлантикатә закәанеидкыла» анапылаҩыраҿы, 190а  бӷьыц аҟны анҵамҭа ыҟоуп: "Абла саркьақәа (ochiali) ҟаҵа аблақәа рзы, Амза дуны иубарц азы" (Leonardo da Vinci. «LIL Codice Atlantico…», I Tavole, С. А. 190а),

Иҟалап, Леонардо да Винчи иакәзар раԥхьаӡа акәны аус адызулаз аӡиас шлеиуа аарԥшны аӡшьарқәа реиҭаҵразы амасса аиқәырхара имариаӡоу азакәан аформа, , аха уи аформула еилкааны иахьаарԥшымыз азы ари акритика азын.

Аҭоурых аҭҵаара знапы алаку аӡәырҩы, иаҳҳәап П. Диуем, К. Трусделл, Г.К. Михаилов да Винчи  имеханикатә лыҵшәақәа акыр роригиналрзы агәыҩбара рымоуп.

Анатомиеи амедицинеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иԥсҭазааратә шықәсқәа рыҩныҵҟа Леонардо да Винчи зқьыла анатомиа иазкыз азгәаҭақәеи асахьақәеи ҟаиҵеит, аха иусумҭақәа икьыԥхьуамызт. Ауаатәыҩсеи аԥстәқәеи рцәеижьқәа ԥҟаны, абаҩеибаркыреи рыҩныҵҟатәи арҳәарахқәа рибыҭашьа дақәшәаны иааирԥшуан, ахәҭа хәыҷқәагьы налаҵаны. Аклиникатә анатомиа апрофессор Питер Абрамс игәаанагарала, да Винчи иҭҵааратә усумҭақәа 300 ш. ԥхьаҟа иаԥыргеит, акыр иеиҳан еицырдыруа «Греи ианатомиа» (XIX ашә. аклассикатә рҵагатә шәҟәы).

Аԥҵамҭақәа рсиа, Леонардо да Винчи иитәу, иара убас ихьӡ иадҳәалоу:

  • Апарашиут
  • Амацәазтә цаԥха
  • Амаланыҟәа
  • Атанк (Леонардо итанк)
  • Ар рзы еиҭаҵуа ацҳақәа
  • Апрожектор
  • Арыԥҟьага (катапульта)
  • Аробот ( Леонардо иробот)
  • Ҩ-линзак змоу ателескоп

«Маӡалатәи уаххьеи» «Џьокондеи» раԥҵаҩы хәыцҩык иаҳасабалагьы ихы ааирԥшит, заа асахьаҭыхратә ԥышәа теориала аҵаҵӷәыркра шаҭахыз дазнеины: «Дыррада аԥышәа иахысуа, аԥсҟы мкыкәа, акомпосда амҩа иқәло амшынуаа иреиԥшуп...аԥышәа еснагь атеориа бзиала шьаҭас иамазароуп».

«Маӡалатәи уаххьа» (1498)

Асахьҭыхҩы иҭихуа амаҭәарқәа рсахьа нарҵауланы аҭҵаара шаҭаху азгәаҭаны, Леонардо да Винчи иазгәаҭақәа зегьы амшынҵа ианиҵон, уи дахьцалакгьы ицын. Аҵыхәтәаны ари аинтимтә мшынҵаны иҟалеит, адунеитә литератураҿы зеиԥш ыҟам акәхеит иаргьы. Асахьақәа, аҵәаӷәанҵқәа, аескизқәа зегьы азгәаҭақәа рыцын, архитектура, амузыка, аԥсабарадырра, арра-анџьныртә усқәа  уҳәа азҵаарақәа ирзыкны; урҭ зегьы еиуеиԥшым ахәамҭақәа, афилософиатә хәыцрақәа, аллегориақәа, иара убас алафҳәарақәа, ажәамаанақәа. 120 шәҟәы еидыркыло анҵамҭақәа инеиҵыху аенцциклопедиа дук азы материал ргәылоуп. Аха иара ихәыцрақәа ранҵара дашьҭамызт, уимоу имаӡаз анҵамҭақәа ҟаиҵон, иахьа уажәраанӡагьы урҭ аҵыхәанӡа рҵакы еилкааны ишьақәыргылам.

Аҵабырг аԥышәароуп шьаҭас иамоу ҳәа азхаҵаны, Леонардо да Винчи ажәала мацара акәымкәа, абстракттә логикатә формулақәеи адедукциеи иазгәышьуаз ашәышықәсабжьаратә схоластика ааха ӷәӷәа аиҭеит.  Леонардо да Винчи изы ибзианы ацәажәара - ииашаны ахәыцра аанагоит, аӡәы ихьыԥшымкәа ахәыцра, авторитетқәа азгәазымҭоз ажәытәӡатәи ауаа реиԥш. Леонаридо да Винчи афеодал- абжьарашәышықәсатә культура иахылҵуаз ашьҭыбжь - асхоластика мап ацәикуеит,  иара убас агәыҳалалра, ажәытәӡатәи авторитетқәа ирымҵахырхәоз макьана имшәыцыз абуржуазиатә хәыцрақәа. Шәҟәыла мацара аҵара мап ацәкуа, аҭҵаарадырреи аҟазареи рхықәкы амаҭәарқәа рдырроуп, реилкаароуп ҳәа азгәаҭо, Леонардо да Винчи  аҵарауаа рахь Монтен  иҟаиҵоз аҽԥныҳәақәа азгәаиҭахьан заа, Галилеи Бекони рҟынӡа шәышықәса раԥхьа аҿыц ҭҵаарадыррақәа иааиртуеит.

Аҭҵаара бжамҽамуп аԥышәа зцым, уи нагӡаны ахыркәшара залыршахом..

Ауаҩытәыҩса имҩаԥигахьо  аҭҵаарақәа иашоуп ҳәа узрызҳәом, аматематикатә шьақәырӷәӷәара рымамзар.  Ахәыцрақәа рыҟны  зхы ыҵызхуа, иара убас уа инҵәо аҭҵаарақәа ҵабыргуп уҳәар, уа сызуқәшаҳаҭхом,  избанзар, хәыцрала мацара еибарку ахцәажәарақәа аԥышәа зцым, иашала еибаркым.

Алитературатә ҭынха

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Леонардо да Винчи илитературатә ҭынха ду ҳара ҳамшқәа рҟынӡа хара бӷьара иааӡеит, арма напыла ианҵаз напыла ҩырақәа рыҟны. Леонардо да Винчи цәаҳәакгьы имкьыԥхьӡеит, аха гәаныла аԥхьаҩцәа дрымадан, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы иусумҭақәа рҭыжьра дазхәыцуан ( Trattato della pittura, 1-тәи аҭыжь., 1651).

Леонардо да Винчи иԥсҭазааара даналҵ ашьҭахь иара иҩыза-иҵаҩы Франческо Мельци ацыԥҵәахақәа ргәылихит аҿыханҵа иазкыз, анаҩс еидикылеит "Аҿыханҵазы атрактат". Леонардо да Винчи инапылаҩыратә ҭынха акьыԥхь абеит XIX—XX шәышықәсақәа рзы. Аҭҵаарадырратәи аҭоурыхтәи ҵакы инаҷыданы уи асахьаркыратә ҵак ду амоуп, излаҩу абызшәа ацқьара иабзоураны. Агәуманизм аизҳазыӷьара аамҭазы инхоз, аиталиа бызшәа алатын бызшәа ашьҭахь иандыргылоз, Леонардо да Винчи  ибызшәа ссир усҟантәи ауаа хнахуан, (изларҳәо ала димпровзитароын), аха иара литеараторс ихы иԥхьаӡомызт, сышцәажәо еиԥш сҩуеит иҳәон; иара ипроза - XV ашәышықәсазы аинтеллигенциа рцәажәаратә бызшәазы ҿырԥшыганы иҟан, адидактикатә нҵамҭақәа рпассажқәа рыҟны агуманисттә стиль апафос аҟазшьақәа шырныԥшуагьы.

Леонардо да Винчиа иажәаҳәа сахьаркуп. Убас «Аҿыханҵазы атрактат» уаршанхоит аҿыханҵатә апластикатә хаҿсақәа рыла (аӡхыҵра дахьахцәажәо атәы ҳҳәозар) акыр ибеиоу абызшәала.  Леонардо да Винчи иҟаиҵо ахҳәаақәа рыҟны иубо асахьаҭыхҩы-аҿыханҵаҩ иҩышьа, иманера инаваргыланы инапылаҩыратә нҵамҭақәа ажәабжьҳәаратә проза аҿырԥшқәа рацәоуп: абасниа, алафтә ҟазшьа змоу ажәабжьқәа, афоризмқәа, аллегориақәа, аҿаҳәатәқәа. Абасниақәеи афацециақәеи рыҟны Леонардо да Винчи XIV  ашәышықәса иаҵанакуа апрозаикцәа ирыцнеигоит, ифацециақәа жәпакы Сакетти иновеллақәа излареиԥшым аҳәара уадаҩуп.

Афантастикатә ҟазшьа рымоуп аллегориақәеи аҿаҳәатәқәеи: Леонардо да Винчи абжьаратәи ашәышықәса иаҵанакуа аенциклопедиақәа рҩышьақәа ихы иаирхәон. Леонардо да Винчи иафоризмқәа рыҟны аԥсабара афилософиаҿы иаарԥшуп аепиграмматикатә формақәа. Асахьаркыратә литература иара изы аутилитартә ҟазшьа аман, ҵәыхарҭак иаҩызан.

Асахьаҭыхҩы иҭынхаҟны иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит атрактат»Ашахмат ахәмарразы» (алат. «De Ludo Schacorum») - Иҳақәиҭу Идамра ахьӡала иҟоу амонастыр аҟнытә италиатәи амонах-математик Лука Бортоломео Пачоли ишәҟәы лаҭын бызшәала иҩуп. Атракт еицырдыруеит «Агәҿыӷьра ухызцо» (алат. «Schifanoia») ҳәа. Атракт аҟны хархәара змоу аиллиустрациақәа рыхәҭак Леонардо да Винчи ахҳәаа рыциҵеит, аҭҵааҩцәа џьоукы ари аизгаҟны иара иарбоу аҳасабтәқәа иара ишьақәиргылеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Леонардо имшынҵақәа рҟынтә иахьазы еиқәханы иҟоуп 7000 бӷьыц, еиуеиԥшым аколлекциақәа рыҟны. Раԥхьа хәы змаӡам азгәаҭақәа бзиа иибо аҵаҩы, аҟаза Франческо Мельци итәын, аха даныԥсы ашьҭахь анапылаҩырақәа зегьы бжьаӡит. Анаҩстәи афрагментқәа цәырҵуа иалагеит XVIII—XIX ашәышықәсақәа рзы, Леонардо инапылаҩырақәа жәпакы кьыԥхьын Амброзиантәи абиблиотека ахылаԥшҩы Карло Аморетти ибзоурала. Раԥхьа иара зыԥсаз ала ирыдрымкылеит. Аӡәырҩы ирзеилкаауамызт изакәытә мазароу ироуз. Аха аҵарауаа автор данышьақәдырӷәӷәа, еилкаахеит, амбартә (ааимҭақәеи ахарџьқәеи ирызкыз) шәҟәқәа, аҟазараҭҵааратә ессеқәа, анатомиатә сахьанҵақәа, аҵәаӷәанҵа џьашьахәқәа, агеологиа иазку аҭҵаррақәа, архитектура, агидравлика, агеометриа, аибашьыгатә фортификациа, афилософиа, аоптика, асахьанҵа атехника – аӡәы имацара ишиҵанакуаз, авторс дшамаз.

Леонардо имшынҵақәа ирну анҵамҭақәа асаркьатә сахьанҵара ҟазшьа рымоуп. Леонардо амбидекстромын  - арӷьа напалеиԥш, арма напалагьы дыҩуан. Ирҳәоит, иара иҩ-напык рыла еиуеиԥшым атекстқәа иҩуан ҳәа. Еиҳараӡак иара иусумҭақәа арма напала иҩуан, арӷьарахьтә армарахь. Иҭҵаарақәа маӡазарц иҭахын ҳәа рыԥхьаӡоит аӡәырҩы. Ус акәзаргьы ҟалоит. Иҟоуп "Леонардо ипочерк" ҳәа аилкаара.

Ленордо иҟазарҭа идәылҵит аҵаҩцәа -"Леонардоитәқәа".

  • Амброџьо де Предис
  • Џьованни Больтраффио
  • Франческо Мельци
  • Андреа Соларио
  • Џьампетрино
  • Бернардино Луини
  • Чезаре да Сесто

Еицырдыруа аҟаза иҵаҩцәа рааӡараҟны иԥышәа еидикылеит аԥышәаратә бжьгарақәа рыҟны. Аҵаҩы раԥхьа иргыланы аперспектива инапаы иааигароуп, амаҭәар аформа ҭиҵаароуп, анаҩс аҟаза исахьа иақәҭихроуп, ихиҩаалароуп, ахаҭара аҟынтә иҭыхлароуп, еиуеиԥшым аҿыханҵаҩцәа раԥҵамҭақәа ҭиҵаароуп, убри анаҩс ауп ихатә аԥҵамҭа анап анаиркыша. " Раԥхьа ҩнапык ала аусушьа ҵа, аццакра асҭа", - абжьгара ҟаиҵоит Леонардо. Аҟаза иҳәоит агәынкылара арҿиара шаҭаху, еиҳаракгьы афантазиа, еилкаам амцабз ацәаарақәа рыхәаԥшра дазкны, иҿыцу, иџьашьахәу аформақәа ԥшаауа. Леонардо аҿыханҵаҩцәа аԥсабара аҭҵаара рыдигалоит, амаҭәарқәа зныԥшуа асаркьа еиԥш акәымкәа. Аҵарауаҩ иаԥиҵеит ахаҿсахьа, аиҿартәышьа, ашәҵатәы, аԥстәқәа, аҵлақәа, ажәҩан, ақәа асахьақәа раарԥшышьа «арецептқәа».  Аестетикатә принципқәа инарҷыданы, аҟаза ду ианҵамҭақәа иргәылоуп анхаратә абжьгарақәа  асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рахь.

  "Аҳкәажә Лиза дель 1503—1519

Лувр, Париж

Џьоконда лпортреҭ". итал. Ritratto di Monna Lisa del Giocondo)[1]  - Леонарда да Винчи иҭыхымҭа, иҿыханҵатә аԥҵамҭақәа рыҟны зегь реиҳа еицырдыруа. Асахьа анҭыхыз арыцхә ииашаны еилкаам (хыҵхырҭақәак рыла, асахьа ҭыхын 1503-1505ш.ш. ирыбжьанакыз аамҭазы). Ҳазҭагылоу аамҭазы асахьа ҵәахуп Лувр. Издарыԥхьаӡо ала, асахьаҿы дануп Лиза Герардини,  абырфын ҭира знапы алакыз флоренциатәи ахәаахәҭҩы Франческо дель Џьокондо иԥшәмаԥҳәыс.

Асахьа аԥҵара аҭоурых

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Леонардо да Винчи раԥхьатәи италиатәи ибиографцәа иазгәарҭон ари аусумҭа асахьаҭыхҩы ирҿиараҟны ҭыԥс иааннакылоз атәы.  "Мона Лиза" асахьа анҭихуаз Леонардо да Винчи иусура дацәхьаҵуамызт,  иҟан егьырҭ асахьақәа  рҭыхраан ишҟаиҵоз еиԥш, ари даара игәацԥыхәаны даҿын. Ари иаамҭа зегьы ақәирӡуан, «Ангиари амҵан аибашьра" аусумҭа иҽахаршәаланы. Даара аамҭа рацәа ақәирӡит, дхатәраны, Италиа далҵны данцоз, иаргьы Франциаҟа игоит, егьырҭ иалкааз иусмҭақәа жәпакы реиԥш. Да Винчи ари апортреҭ акыр дадҳәалан, иара анаԥиҵоз, акыр дазхәыцуан, "Аҿыханҵазы атрактат",  иара убас аҿыханҵа атехника иадҳәалоу егьырҭ азгәаҭақәа рыҟны, иубарц улшоит хымԥада "Џьоконда" иадҳәалоу абжьгарақәа.

Ч. Маккари. Леонардо иҩуеит Џьоконда  лпортреҭ. 1863 ш. Асахьаҭыхҩы иҟазарҭа аарԥшуп, Џьоконда лгәы лхадыршҭуеит амузыкантцәа.

1550 ш, Леонардо да Винчи иԥсҭазаара даналҵ 31 ш. ааҵуанеиԥш, италиатәи асахьаҭыхыҩцәа рнысымҩа автор Џьоџьо Вазари, (1511—1574),  иҩуан, Мона Лиза (иааркьаҿны мадонна Лиза аҟнытә) афлорентиец Франческо дель Џьоконда иԥшәмаԥҳәыс шлакәыз( итал. Francesco del Giocondo), Леонардо апортреҭ аҭыхра ԥшьышықәса шақәирӡызгьы, аҵыхәтәанынӡа аус адулаӡам.

Ари аҭыхымҭа дарбанзаалак имбарц залшом, аҟазара аԥсабара иахьынӡаҿыԥшуа збарц зҭаху, ари азы алшара бзиаӡаны инаҭоит, избан акәзар аҿыханҵа акәамаҵамарақәа зегьы аныԥшуеит. Убри аҟынтә аблақәа ҭыџьџьаауеит,  ацәаакырагьы рымоуп, зыԥсы ҭоу ауаҩы иблақәа реиԥш, арҭ акәамаҵамарақәа зегьы абаҩхатәра дуӡӡа змоу аҟаза иоуп раарԥшра зылшо. Алаԥыџьқәа ауаҩытәыҩса ицәеижь аҟны ишеизҳауа еиԥш иаарԥшуп, џьара ижәпаны, даҽаџьара ираӷаны, аԥынҵа акәзар, акылҵәарсҭа  ԥшӡақәа, ицәаԥшьшәа, иԥшқарахӡа иаарԥшу, илабҿабҵәҟьоушәа иҟоуп. Аҿы маҷк иаартуп, аганқәа ақьышә ҟаԥшьқәа рҿыкәыршоуп, ишәуп ҳәа акәымкәа, цәеижьуп ҳәа агәаанагара уоуртә. Ахәда уахьахәаԥшуа иахьеисуа ашьҭыбжь уаҳарашәа иҟоуп. Ари аԥҵамҭа зхашәазымбо дарбан сахьаҭыхҩызаалакгьы ашәареи изцәырнамгарц залшом, убас еиԥш иҩуп.

Мона Лиза даара дыԥшӡан аҟнытә, асахьа анҭихуаз, иара алир аҟны ихәмаруаз, ашәа зҳәоз, дзырлахҿыхшаз, лгәы лхазыршҭшаз ауаа идкыланы иман ҳәа рыҩуеит.  Леонардо иаԥҵамҭаҟны Мона Лиза лыччаԥшь убриаҟара иԥшӡоуп, анцәахшак леиԥш уаԥхьа даагылоит, уаҩытәҩсатә хылҵшьҭраны акәымкәа. Аԥҵамҭа акәзар, зеиӷьыҟам акоуп, иџьашьахәуп, избанзар аԥсҭазаара даҽакалагьы изыҟаломызт.

Вазари ақьачақьцәа  рҭоурых ациҵеит ҳәа агәаанагарагьы ыҟоуп аԥхьаҩцәа рзы. Вазари итекст аҟны иаарԥшуп аџьымшьқәа лымкаала дрыхцәажәоит, асахьаҟны ишарбам ала. Ас еиԥш аиԥшымзаара ҟалон, автор асахьа дахцәажәозтгьы иара ишигәалашәоз ала, мамзаргьы даҽа џьоукы реиҭаҳәамҭақәа рыла. Алеқсеи Џьивелегов иҩуеит, Вазари излаиҳәо ала, «апортреҭ ԥшьышықәса аус адиулон ҳәа иҟоу агәаанагара иацҵаны иҳәоуп»: Цезар Борџь иҟынтә даныхынҳә аахыс Леонардо Флоренциа уиаҟара дыҟамызт, Цезар иахь дцаанӡа аҩра далагахьазтгьы, Вазари иҳәон,  хәышықәса аҩра даҿын  ҳәа».

Иара убас, аҵарауаҩ иазгәеиҭоит, апатреҭ аусура ахьхыркәшам  азы – «апортреҭ, хымԥада, акраамҭа аҩра даҿын, аҵыхәтәанӡагьы инаганы ихыркәшан, Вазари ииҳәалакгьы, иара инысымҩаҟны Леонардо даарԥшуп идуу усумҭак хызмыркәшаз сахьаҭыхҩык иаҳасаб ала » ҳәа.

Зҿлымҳара зуҭаша фактуп,  Вазари  иҩымҭақәа рыҟны Леонардо аҟазара злаз, афизикатә феноменқәа аазырԥшуа аӡә иакәны иӡбахә ахьиҳәо, амодели асахьеи рыбжьара иҟоу аиԥшра акәымкәа. Абри ашедевр  "афизикатә" ҷыдара асахьаҭыхҩы иҟазарҭа аҭааҩцәа хнахит, Вазари иҟынӡа ианааӡа 50 ш. рнаҩс ауп.

Аҟазара абзиабаҩцәа рыбжьара асахьа акыр амҽхак ҭбаан, Леонардо исахьа иманы  Италиантәи Франциаҟа 1516 ш. рзы дышцазгьы.  Италиатәи ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, убриижьҭеи иара акрал Франциск 1 иколлекциақәа рыҟны иҟан, еилкаам ианба, насгьы ишиднагалаз, Леонардо асахьа аҿазҵаз иахь изимырхынҳәыз.

Ж. О. Д.  Енгр. Франциск I Леонардо да Винчи аҵыхәтәантәи иқәыԥсычҳара идикылоит  ( Асахьаҭыхыҩцәа раҳ иԥсҭазаара далҵуеит Фрациск 1 инапаҟны). 1818 ш. Пти-Пале, Париж.

Иҟалап, асахьаҭыхҩы Флоренциа иусумҭа дзалымгазаргьы, иара дахьцоз игеит, 1516 ш. рзы Вазари иарҳәарц зылшоз ашаҳаҭцәа ыҟамкәа аҵыхтәантәи ахьшьы аниҵазар. Ус анакәха, иара хиркәшеит иԥсра маҷк шагыз, 1519 ш. рзы. Франциа иара дынхон Кло- Лиусе, акралтә баа Амбуаз азааигәара.

1517 ш. рзы, акардинал Луиџьџь Арагонски Леонардо франциатәи иҟазарҭа даҭааит. Ари аныҟәара ахҳәаа ҟаиҵеит акардинал Антонио де Беатис имаӡаныҟәгаҩ: «1517 ш. жьҭаарамза 10 рзы, монсениор, иже, Амбуаз инацәыхараны, Леонардо да Винчи диҭааит, зжакьа шлаз абырг, 70-ҟа шықәса зхыҵуаз, - ҳаамҭазы инарылукааша асахьаҭыхҩы.  Иара ицәырганы идирбеит асахьақәа хԥа: актәи, флорентиатәи аԥҳәызба дызныз, иашьа Лоренцо Шьахә Џьулиано Медичи иҟаиҵаз аҳәарала иҭыхыз, аҩбатәи - аԥшьа Иоанн Креститель иҿара аамҭа данҭагылаз, ахԥатәи - Аԥшьа Анна,  Мариеи амаалықь Христоси, зеиӷьыҟам асахьақәа ракәын. Аҟаза иҟынтәи иҿыцу асахьақәа уаҳа ҟалашьа рымамызт, иарӷьа напы адаблиа ахьасыз иахҟьаны. Аҭҵааҩцәа гәыԥҩык ргәаанагарала, флорентиатәи аҭыԥҳа «Мона Лиза» лакәын ҳәа иԥхьаӡоуп. Иҟалап, уи даҽа патреҭызтгьы, аршаҳаҭга ҳәа акагьы зцымыз, иара убас ахҩылаагьы, Џьуалино Медичи «Мона Лиза» лахь изаҟаразаалак зыҟазаашьа змамыз.

Џьивелегов излазгәеиҭо ала, "Мона Лиза" анаԥиҵоз аамҭазы Леонардо иҟазара  "хатәран, акомпозициатә иара убас егьырҭ аҟазшьақәа  рыӡбаразы иҿаԥхьа иқәгылаз зегьы иӡбахьан, зегь реиҳа иуадаҩыз асахьаҭыхратә  техника ахырхарҭалагьы. Мона Лиза лхаҿсахьала амодель анииԥшаа, иҽазишәеит аҿыханҵатә ҟазараҿы зегь реиҳа иуадаҩыз, инаимыгӡацыз аусқәа рыӡбара. Еиуеиԥшым ахархәагақәа рыла иара иҭахын,еиҳаракгыь еицыдрыруа  sfumato ахархәарала, уаанӡа иҟаимҵаыз аҟаҵара: зыԥсы ҭоу ауаҩы ихаҿсахьа аԥсы ҭоушәа аарԥшра, убри аан иҩныҵҟатәи аԥсҭазаара аарԥшра ауа. Борис Виппер азҵаара ықәиргылоит: "Ас еиԥш злаилиршазеи, иҿымҵәаауа ахаҿсахьа Мона Лиза лхаҭара иаҿырԥшны аарԥшра, ихадоу ҩзҵаарак алуккар алшоит. Актәи - иџьашьахәу леонардотәи сфумато. Леонардо абас еиԥш аҳәара бзиа ибон, моделировка - аҿыханҵа агәы. Сфумато,  Џьоконда  лылаԥш хааӡа иаарԥшуп, лыччаԥшь ласӡа иҟоуп, лнапқәа татаӡа унаркьысуеит".  Сфумато - ахаҿсахьеи аиҿартәышьеи  иласу аконтури ашәшьыреи рыла иҳәаақәызҵо. Леонардо ари ахықәкы азы алашареи ацәеижьи рыбжьара ахыҵхырҭа аԥшаара абжьеигоит "ашәшьы ахкы".

Ротенберг  иҩуеит, "Леонардо илиршеит иаԥҵамҭақәа рҟны ренесанстәи ауаҩы ихаҭара аарԥшра.  Ас еиԥш иҟоу азнеира асахьа аелемент абызшәақәа зегьы аныԥшуеит, хаз игоу амотивқәа рҟны - иласу авуаль, Мона Лиза лхи лыжәҩахырқәеи ирымҽхаркуа, лыхцәшьыҵәрақәа лыҵкы аконтурқәа ирылаӡҩоит.

Алпатов иациҵоит,   "ахаҿсахьеи аиҿартәышьеи ирҿыкәыршо, еилаӡҩо алҩа абзоурала, Леонардо илиршеит ауаҩытәыҩсатә мимика аиқәырхара. Џьоконда лылықәа ракәзар, ахәаԥшҩы ҭынч ихәаԥшуеит, маҷк иахьҭапалоу аҟынтә лылақәа еимарџыхә иҟоушәа иаарԥшуп: лқьышәқәа еизыҵәоуп, аха улаԥш надхаланы унахәаԥшыр. иааччарашәа ухаҿы иааиуеит.  Леонардо акыршықәса аус адиулон, изаҟаразаалак ула ихыԥалоз цәаҳәак аныԥшуамызт, акәақәқәа рсахьақәеи рыԥшшәқәеи ишахәҭаз еиԥш еилаӡҩон".

"Мона Лиза" раԥхьатәи ахҩылаа Прадонынтәи шаҳаҭра ауеит, апартреҭ ахаҿра шаҟа арӡуа анеитралтә фон аҟны

2012 ш. "Мона Лиза" Прадонынтә ирыцқьан, ихьшәаз анҵамҭақәа рҟынтә еиҿкаан апеизажтә фон -асахьауанахәаԥшуа иаразнак уцәанырра уԥсахуеит.

Аҟазараҭҵааҩцәа инаҵшьны иазгәарҭоит, асахьаҭыхҩы апатреҭтә ҟазшьеи апеизажи шедикылаз, уи акырӡа асахьа аҩаӡара шьҭнахит.

Виппер излаиԥхьаӡо ала, апеизаж аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп, асахьа аԥсы ахазҵо: "Аҩбатәи ахырхарҭа - аиҿартәышьеи афони реизыҟазаашьа. Ифантастикатәу, амшынтә ӡы  Мона Лиза лпатреҭ ахьагәылыԥхаауа ииашаҵәҟьаны аԥсы ахоушәа узааиуеит, леиҿартәышьа ахаҭа аасҭа. Мона Лиза -аԥсҭазаара ахаҭа, апеизаж -  аԥсҭазаара аԥхыӡ. Абас еиԥш иҟоу аконтраст иабзоураны, Мона Лиза уамашәа дузааигәоуп, апеизаж акәзар, аԥхьаҟатәи агәазыҳәара аҟазшьа ахылҵуеит".

Ренессанстәи аҟазара аҭҵааҩы Виктор Грашьенков иҩуеит, Леонардо апеизаж иабзоураны илиршеит ауниверсалтә хыҿра аарԥшра.  "Иара илиршеит афлорентинка  Мона Лиза лпатреҭтә сахьа мҽхакы ҭбаала аарԥшра, асахьа ахаҭа аасҭа, Франческо дель Џьоконда ахԥатәи иԥшәмаԥҳәыс. Ахаҿсахьа адәахьтәи аԥшреи аҩныҵҟатәи агәаҭеи асинтетикатә гьамала иаарԥшуп. Алҩа иагәылыԥхаауа алашараҟны аиҿартәреи апеизажи  рцәаҳәақәа рыҽдыртатоит, иара убас акәша-мыкәша ицәырҵуа аԥшшәқәагьы... "Џьоконда" - ари патреҭӡам. Ари - ауаҩытәыҩса иԥстазаареи аԥсабареи ирсимволу, адоуҳатә беиара уеилнаркаауеит".

«Мона Лиза» раԥхьатәи аплан аарԥшуп ихьыԥшәылоу-иҩабжьоу, ицәхаԥшьу аԥшшәқәа рыла, иара убас аҭыԥ рымоуп аизумруд-иаҵәаԥшшәқәа рдетальқәа. "Икеикеиуа иҟоу асаркьеиԥш, аԥшшәқәа аиларҭәа рхылҵуеит, ауаҩы инапала иҟаиҵаз акәымкәа, аматериал аҩныҵҟатәи амч аҟынтә иаауа, аиларшьышь аҟынтә акристалл аформа зхылҿиаауа". Леонардо иусмҭақәа жәпакы, аамҭа иаԥсахит, аиқәара рхылеит, иԥшшәқәа реизыҟазаашьа рҽырыԥсахит.

Џьоконда лыччара

Мона Лиза лыччаԥшь асахьа иагәылаҵәаху амаӡа хадақәа ируакуп.  Иџьашьахәу ари аччаԥшь аҟаза иаԥҵамҭақәа рҟнеиԥш, леонардескцәа русумҭақәа рҟынгьы иаарԥшуп, "Мона Лиза" аҟны иҳаракӡоу аҭыԥ ааннакылоит.

Раԥхьатәи ари аҳәаақәҵа (мамзаргьы алитературатә мҳәыр) алаигалеит ашәҟәыҩҩы - аромантик Теофиль Готье 1855 ш. рзы.  Иара ихәыцит зегь реиҳа ихадараз - амаӡа зҵоу Џьоконда лыччаԥшь. Иара иаԥхьа уи иаҵаз амаӡа уаҩы имбацызт.  Иаҳҳәап,  Вазари, Мона Лиза лыччаԥшь гәазырҳагоуп ҳәа иԥхьаӡон. Готье, Џьоконда лыччаԥшь аԥҳәыс лабџьар хадақәа ируакны иԥхьаӡон, уи абзиабара шәарҭан дахәаԥшуан, аха бзиа иумбаргьы ауамызт.

Готье иҩуан:

Џьоконда! Ари ажәа ицәырнагон зеиӷьыҟам аԥшӡара, Леонардо исахьа аҟынтә. Ари аанаур анапҵаҟа аҟалара шәарҭан... Лара лыччаԥшь зеилкаара уадаҩу ак ашҟа укылнагон... Дон Жуан, Џьоконда дибазтгьы, исиа ианыз хнызқьҩык аҳәса рахьтә иара дидыруан...

Леонардо да Винчи. «Иоанн Креститель». 1513—1516, Лувр.

Ари асахьагьы амаӡа аҵоуп: Избан Иоанн Креститель дзырччо, хыхьҟа дыԥшуа?

Леонардо да Винчи. «Святая Анна с Мадонной и младенцем Христом» (фрагмент), ок. 1510, Лувр

Готье инаҩс, аҟазараҭҵааҩы Г. Козлов излаиҩуа ала, амаӡа зҵаз   "Џьоконда"  лыччаԥшь, ахәаԥшцәа рзы зегь реиҳа ихадароу аҳаҭыр ахь ииасит.  

Аҟазаҭҵааҩцәеи аҭоурыхдырҩцәеи имаҷымкәа рцәаҳәақәа азыркит. Грашьенков, иҩуеит: " Еиуеиԥшым ауаҩытәыҩсатә ицәаныррақәеи игәазыҳәарақәеи,  Џьоконда лҭеиҭыԥш ианыԥшуеит. Лхы-лҿы иаԥну лқьышәқәа рыварақәа, бжьык рхылҵуеит,  адоуҳатә ԥсҭазаара иаҿахәҳәагоу.

Аҟазаҭҵааҩы Ротенберг излаиԥхьаӡо ала, "адунеи аҟазараҟны "Мона Лиза" лпатреҭ иаҩызоу маҷуп, ауаҩытәыҩса ихаҭара аазырԥшуа, аҟазшьеи аинтеллекти ахьеилаӡҩо. Леонардо иаԥҵамҭа аинтеллектә цәаныррала еибыҭоуп. Уи ахаҭара аԥҳәыс лпатреҭ иаҵанакуеит, амодель аҟазшьа аарԥшуп ҽакала, ихыҭҳәаау алирикатә тональност иақәшәоит. "Мона Лиза" мчык ахылҵуеит - ҩныҵҟала уцәа ианыруа ахақәиҭра, ауаҩытәыҩса идоуҳатә гармониа, уи ихдырраҟны аҭыԥ ҷыда аанызкыло.  Лыччаԥшь ианыԥшуам аԥыжәара, мамзаргьы атәамбара; иҭышәынтәалоу ахдырра аҳасаб ала иудукылоит".

1911 ш. Аҭӡы ҭацәуп, "Мона Лиза" лсахьа ахьыкнаҳаз.

Винченцо Перуџьа.  Ашьауӷатә ус абӷьыц.

Мона Лиза аҟазара абзиабаҩцәа ракәын дыздыруаз, иуникалтәу  атоурых акәмызтгьы, адунеи аҟны лыхьӡ ахыҵәо изыҟаломызт.

1911 ш. нанҳәамза 1 рзы аусумҭа иӷьичит  Лувр аусзуҩы, италиатәи асахьаҭыхҩы- адекоратор Винченцо Перуџьеи (итал. Vincenzo Peruggia).  Изырӷьычыз ахықәкы еилкаам. Иҟалап, Перуџьа "Џьоконда" лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иргьежьырц иҭахызтгьы, афранцызцәа "ирӷьычит" ҳәа азыԥхьаӡо, Леонардо ихаҭа асахьа Франциаҟа ишааигазгьы.  Аполициа имҩаԥнагаз аԥшаарақәа лҵшәадахеит. Атәыла аҳәаақәа аркын, амузеи администрациа ахы иақәиҭтәын. Апоет Гииом Аполлинер дырбаандаҩынацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны, анаҩс ихы дақәиҭтәын. Пабло Пикассо макәзар, уигь гәҩарас дҟаҵан.  Асахьа аӷьычра сенсациахеит.

Агазеҭқәа ирнырҵоз ажәабжьқәа, асахьа еиҳагьы ахьӡ аланарҵәон. Козлов иҩуеит: "... Мона Лиза    лӷьычра иазку аус аҟны аполициа ракәӡам ахадаратә роль назыгӡо, апресса ауп, Леонардо ипатреҭ ахьӡ адунеи иахыҵәо иҟанаҵеит. Апресса (...) аристократцәа инадыркны абаша уаа рҟынӡа азҵаара ықәнаргылеит : "Мона Лиза" зӷьычда?".  Сахьала еиқәыршәаз аҭыжьрақәа - ателехәаԥшра хаҿыс иамоу - асахьа зцыз аҭоурых  рҭахын, "Џьоконда" аӡра зеиӷьыҟам агьама рнаҭеит. Арепартиорцәа рхы иадырхәон "Мона Лиза" иацыз "аидара" зегьы.  «Le Petit Parisien[en]» "Мона Лиза" иазкыз арепродукциа аԥхьатәи абӷьыц аҟны мызкы иакьыԥхьуан. Џьоконда акриминалтәи зеиӷьыҟам аилазаареи рҟны хаҿсахьа хаданы дҟалеит. "Титаник"  аҭахарала "Џьоконда" аӡра адунеи агазеҭқәа раԥхьатәи ацәаҳәақәа рҟынтә наҟ инаскьагахеит.

Асахьа рыԥшааит ҩышықәса рнаҩс, Италиа- ари аус азы ахара идын аӷьыч, агазеҭқәа иҟарҵоз алаҳәарақәа мап рыцәкны, "Џьоконда" агалереиа адиректор Уффици изыраахәаз. Иазгәаҭоуп, ахҩылаақәа ҟаҵаны оригинал аҳасаб ала иҭиирц игәы ишҭаз. Перуџьа, ганкахьала италиатәи апатриотизм азы ддырҽхәон, даҽа ганкахьала - абахҭаҟны идуумыз аҿҳәара ирҭеит.

1914 ш. ажьарныҳәамза 4 рзы (италиатәи ақалақьқәа рҟны еиҿкааз ацәыргақәҵақәа рнаҩс), дхынҳәит Парижҟа. Убри аамҭа иалагӡаны "Мона Лиза" адунеи  агазеҭқәеи ажурналқәеи  рдаҟьақәа дырныҵуамызт, иара убас аԥошьҭатә сахьақәа, иагьџьашьатәым, "Мона Лиза" егьырҭ асахьақәа реиҳа дахьхырҩылаауаз. Асахьа адунеитә классика иашедеврхеит.  Козлов иҩуеит : " Апресса аспектакль ду аус аднаулеит  "Мона Лиза" лыхынҳәра". Хышықәса рахьтә ҩынтә асахьа адунеитә сенсациа иафырԥҳәысхеит. Асахьа аӷьычреи архынҳәреи  аҟазара иасимволны иҟалеит, акиноактрисацәеи апримадоннақәеи раасҭа ахьӡ адунеи иахыҵәеит. Ахәыҟаҵаҩцәеи амаҭәаӡәӡәаҩцәеи  асахьа агазеҭ иагәылаԥҟаны руада  аҭыӡқәа рҟны икнарҳауан.  Афабрика аусзуцәа рзы уахынлатәи аныҟәарақәа анеиҿыркаауаз, уаҳа даҽакы ахәаԥшра ргәы азыҳәомызт , "Мона Лиза" леиԥш. Аинтеллигенциа рыбжьара ицәырҵит Џьоконда лыдымкылара - ажәлар бзиа ирбаз".

Лара лыхҭысқәа ркритик Абрам Ефрос иҩуан : "... амузеи аҷаԥшьаҩ, асахьа шьаҿак иадымҵуаз,  Луврҟа ианааз анаҩс  1911 ш. рзы иара анырӷьычыз анаҩс, Франческо дель Џьокондо иԥҳзыс лпатреҭ акәмызт иихьчоз, уаҩыбжак исахьа акәын, амаҭсахьа змаз, зны ихәмаруаз, зны иџьбараз, зхатә ҭыԥ ылхны измаз".

  • 1956 ш. рзы асахьа азбжа ааха аҭан, аҭааҩцәа руаӡәк акислота ақәиҭәеит.
  • 1956 ш. ԥхынҷкәынмза 30 рзы, аболивиец Уго Унгаза Вильегас ахаҳә агәыдиҵеит, амашьхәылҵ иамаз ашәыга ааха аиҭеит.  Убри анаҩс, "Мона Лиза" рыхьчеит ахы злымҟьо асаркьа ала,  убриала аԥхьаҟатәи ашәарҭарақәа ирыцәган.
  • 1974 ш. мшаԥымзазы, Токио асахьақәа рцәыргақәҵаҿы, аинволидцәа рганахь ала амузеи аполитика згәамԥхаз аԥҳәыс (ацәыргақәҵахь инармышьҭуаз, азал аҩналаразы аҭагылазаашьа аԥҵаразы) аболлон иҭаз ашәыга ҟаԥшь рылалҭәарц лҽазылшәеит.
  • 2009 ш. мшаԥымза 2 рзы, аурыс ԥҳәыс, афранцыз тәылауаҩра змауз, убас еиԥш анышәаԥшьлыхтә чанах ааха алҭеит.
  • 2022 ш. лаҵарамза 29 рзы, аинволидтә колиаска иантәалаз ахаҵа асаркьа аторт агәыдиҵеит.
  • 2024ш. ажьарныҳәамза 28 рзы, ҩыџьа аҳәса -аекоактивистцәа, Лувр  инеины "Мона Лиза" асуԥ агәыдырҭәалеит. Авандализм аҵыхәтәантәи ԥшьыхҭыск асахьа ааха ҳәа акагьы анамҭеит, избанзар ахы злымсуаз асаркьа иҭан.
  • «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015
  1. ↑ LÉONARD DE VINCI 1452-1519. FlippingBook. Дата обращения: 12 августа 2022. Архивировано 12 августа 2022 года.