Нанҳәамза́ 26 (Нанҳәамза́ ҩажәи́ фба́), Áвгуст 26, На́нҳәа 26 — григориантәи амзар 238 тәи амш (239 тәи амш ашықәс ду ала) ауп. Ашықәс анҵәамҭанӡа иаанхоит 127 мшы.
- 1071 — Манцикерт амҵан аибашьра: аимператор Роман IV Диоген аҭырқәцәа-асельџьукцәа дрытҟәеит
- 1346 — Креси амҵан аибашьра, Шәышықәсатәи аибашьраҟны еиҳа ихадарақәоу ируакуп
- 1542 — Франсиско де Орельиана иекспедициа Амазонкала илбааны Атлантикатәи аокеан аҟынӡа инаӡеит
- 1728 — Витус Беринг иааиртит Азиеи Америкеи рыбжьара аӡыбжьахала
- 1789 — ареволиуциатә Франциа ауаҩи атәылуауҩи рзинқәа рзы Адекларациа
- 1883 — авулкан Кракатау ахәыҵырҩра иахҟьаны зықьҩыла ауаа ҭахеит
- 2008 — Урыстәыла Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит