Пицунда | |
---|---|
Пицунда ბიჭვინთა | |
Атәыла |
Аԥсны Аҳәынҭқарра (5) Қырҭтәыла (188) |
Акоординатқәа | 43°9′33″ ҩ. ҭ., 40°20′23″ мг. н. |
Аофициалтә бызшәақәа |
Аԥсуа бызшәа Ақырҭуа бызшәа |
Асааҭтә зона | UTC+3:00 |
Автомобильтә код | ABH |
Еишьцәахаз ақалақьқәа | Дмитров Курск |
Пицунда[1], Биҷвинҭа (аур. Пицунда, ақырҭ. ბიჭვინთა) — Аԥсны ақалақь.
Пицунда аҳәаақәа: аҩада — лӡаа, амрагыларахь — Аџьра, Рҩаԥшь, алада — амшын, амраҭашәарахь — Бзыԥ аӡиас.
Ашəҟəынҵара ашықәс |
Ауааԥсыра | Ахаҵа | Аԥҳәыс |
---|---|---|---|
1989[2] | 10 146 | -- | -- |
2011[3] | 4 198 | -- | -- |
Аԥсуаа жәытә-натә аахыс Пицунда амшын аԥшаҳәа Амзара ҳәа иашьҭан, аха Пицундагьы иахьатәи Лӡаа ақытагьы инеидкыланы Лӡаа хәа акәын ишырдируаз, Пицунда азы «Лӡааных» зҳәозгьы ыҟан. Ари аҭыԥ раԥхьаӡа аҟәны, ҳера аанӡа аҩбатәи ашәышықәсазы Артемидор Ефескии «Питиус» ахьӡуп ҳәа дахцәажәоит, Питиус даара ибеио қалақьуп иҳәоит Плании, Страбон — «Питиунт ду» ҳәа иҩеит. Питиунт III ашәышықәса инаркны ақьырсианра ашьаҭа тыԥқәа ируакхеит, 325 шықәсазы Пицундатәи аепископ Стратофил далахәын Никеиа ақалақь аҿы имҩаԥысыз ақьырсианра ашьапы иқәзыргылаз аизара ду. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Питиус аҭыԥан ҩырақәак рҿы «Сатириуполь» ҳәа иуԥылоит иахьатәи ахьӡ «Пицунда» иазаагоу авариантқәа цәырҵуеит XV ашәышықәса инаркны — Пезонда, Пецунда, Бижунта, Бесонта, Бичвинта. иаҳа инарҭбаау Пицунда аҭоурых уахәаԥш.
Пицунда иаҵанакуа аҭыԥқәа: