Бенџьамин Франклин | |
---|---|
Benjamin Franklin | |
![]() | |
| |
Аполитикатә партиа | |
| |
Аира |
ажьырныҳәамза 17, 1706 ш. Бостон |
Аԥсра |
мшаԥымза 17, 1790 ш. Филадельфия |
Аԥсра зыхҟьаз | плеврит |
Аԥсыжра аҭыԥ | Крайст-Черч |
Атәылауаҩра |
Британская Америка, Еиду Америкатәи Аштатқәа |
Абызшәақәа | Англыз бызшәа |
Ахаҵа/Аԥҳәыс | Дебора Рид Франклин |
Ани аби |
Abiah Folger, Джозайя Франклин |
Ахәыҷқәа |
Уильям Франклин, Фрэнсис Фолджер Франклин, Сара Франклин Бач |
Ауацәа |
Jane Franklin Mecomи James Franklin (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи) Ann Smith Franklin (сестра мужа или жены) William Temple Franklin (аԥеиԥа/аԥҳалԥа) |
Алма-матер | Бостонская латинская школа |
Аусура |
аполитик, аҭыжьҩы, печатник, политический теоретик, изобретатель, политический активист, государственный деятель, дипломат, дилетант, универсальный человек, шахматист, дизайнер, музыкант, политический философ, автобиограф, библиотекарь, ажурналист, экономист, физик, редактор, ашәҟәыҩҩы, афилософ |
Адин | деизм |
Анашьамҭақәа |
член Американской академии искусств и наук (1781 ш. инаркны) почётный доктор Сент-Эндрюсского университета медаль Копли |
Анаԥынҵамҭа |
![]() |
Бенџьамин Франклин (англ. Benjamin Franklin; ажьырныҳәамза 6, 1705 ш. (ажьырныҳәамза 17, 1706 ш.), Бостон – мшаԥымза 17, 1790 ш., Филадельфиа) — Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы еицырдыруаз политик дуӡӡан, ҳәынҭқарратә усзуҩын. Иара убас, уи дҵарауаҩын, даԥҵаҩын. Бенџьамин Франклин Еиду Америкатәи Аштатқәа аԥызҵаз, ашьаҭыркыҩцәа дыруаӡәкын.
Бенџьамин Франклин ЕАА рреволиуциақәа рҿы илагала дуӡӡоуп. Франклин ЕАА рзы хадара змоу адокумент инапы аҵаиҩит – ЕАА - Рхьыԥшымразы Адекларациеи, ЕАА рконституциеи. Арҭ адокументқәа рыдкыларала, ЕАА ихьыԥшым ҳәынҭқаррахеит. Ари ҟалеит XVIII-тәи ашәышықәсазы. Бенџьамин Франклин, ЕАА аԥызҵаз дыруаӡәкуп. Арҭ аҳәынҭқаррақәа - зегь реиҳа амчра змоу аҳәынҭқаррақәа иреиуоуп.
Бенџьамин Франклин, ақәҿиара бзиа аиураз узҿыԥшыша дреиуоуп. Иара «аҵарадырра бзиа змоу, аҵарауаҩ, аполитикцәа дыруаӡәкуп ҳәа аҭоурых аҿы дыршьоит».
Бенџьамин Франклин ақәҿиара ду иоуит аԥсҭазаараҿ ихымҩаԥгашьала. Уи атәы Бенџьамин Франклин ишәҟәаҿы иҩуан 13 абзиаусрҿиара, ауаҩы иҟазшьа шьақәзыргыло:
Иара асааҭ хәба рзы дҿыхон, иҽеиҿкааны аусура далагон. Асааҭ 6 рзы Бенџьамин Франклин иусура далгон, анаҩс х-сааҭк интересс имаз аусқәа рыла аицәажәарақәа мҩаԥигон. Ахәылбыҽха, Бенџьамин Франклин ихы дазҵаауан: «Иҟасҵеи иахьа бзиарас?» Нас, асааҭ жәаба рзы дыцәарц дышьҭалон.
Ақәҿиараз иҟаҵатәузеи? Бенџьамин Франклин жәиԥшь урок ҳаиҭоит: