Ԥхынгәымза́ 17 (Ԥхынгәымза́ жәи́бжь), Иу́ль 17, Ԥхынгәы́ 17 — григориантәи амзар 198 тәи амш (199 тәи амш ашықәс ду ала) ауп. Ашықәс анҵәамҭанӡа иаанхоит 167 мшы.
- 1429 — Карл VII афранцызтә аҳтәарҭазы агәыргьын ихаҵара : ацеремониаан абираҟ ихаргыланы илкуп ахархь уаҩы Жанна д’Арк (асахь.).
- 1716 — Пиотр I ифлот иманы Копенгаген днаӡеит
- 1785 — словацктәи авантиурист Мориц Бениовски Мадагаскар дшахагыло атәы рылеиҳәеит
- 1868 — иапониатәи аҳҭнықалақь Киото аҟнытә Токиоҟа ииагоуп
- 1918 — Екатеринбург еихсны дыршьит аҵыхәтәантәи урыстәылатәи аимператор Николаи II, уи иҭаацәеи изааигәаз ауааи
- 1918 — Сибра Аамҭалатәи аиҳабыра Омск Сибра ахьыԥшымразы Адекларациа аднакылеит
- 1929 — СССР Китаии иареи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа еиԥнарҟьеит КВЖД инамаданы аимак иахырҟьаны
- 1975 — ҩ-тәылак рыҟнытә акосмостә ӷбақәа ҩба «Соиуз-19» (СССР) - и «Аполлони» (ЕАА) раԥхьатәи реиԥылара