Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҳәынҭқарра
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Республика Абхазия
Адевиз: «Аиааира»
Карта
Агеографиа
Аҳҭнықалақь Аҟәа
Ақәӡара 8 665 км²
Еиҳаӡоу аҭыԥ Домбай-Ульген (4 046 м)
Асааҭтә зона UTC+3:00
Акоординатқәа 43°9′ ҩ. ҭ., 41° мг. н.
Аиужьратә дыррақәа OSM
Ауааԥсыра
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 242 000 ҩык
Ауааԥсыра рыжәпара 27,9 ҩык / км²
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа,
Аурыс бызшәа
Администрациа
Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа апрезиденттә ҳәынҭқарра
Ашьақәгылара абҵарамза 26, 1994 ш.,
1991 ш.
Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа
Аԥыза-министр Алықьсандр Золотинска-иԥа Анқәаб
Авалиута Урыстәыла арубл
Аԥсар(аколлекциатә ԥарақәа)
Жәларбжьаратәи аидентификациа
Ателефон код +7840,+7940,+99544

Аԥсны Аҳәынҭқарра (аур. Республика Абхазия) — ҳәҭакла-зхаҵо аҳәынҭқарра Амшын Еиқәа алада-мрагыларатә ахықәаҿы шьҭоуп. Аԥсуаа ирыԥсадгьылуп. Аҩада-мраҭашәараҿы Аԥсныи Урыстәылеи, мрагылараҿы — Қырҭтәылеи аҳәаақәа иамоуп.

Аԥсны Ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациеи (нанҳәамза 26, 2008), Никарагуеи (Цәыббрамза 5, 2008), Венесуелеи (Цәыббрамза 10, 2008), Науруи (ԥхынҷкәынмза 15, 2009), Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи (лаҵарамза 29, 2018) азхарҵеит.

Аԥсны бжь-ҭоурыхтә дгьылк (бжьиаҵәак аҳәынҭқарратә абираҟаҿы гәаларыршәоит) — Саӡын, ԥсҳәы-Аибӷа, Бзыԥын, Гәма, Абжьыуа, Дал-Ҵабал, Мырзаҟан-гьы — рмоуп.

Аҵанакы — 8665 км².

Аҳәынҭқарра иаланхо — 242 000-ҩык. (2016 ш.).

Ақалақь Аҟәа (43 716-ҩык.) Аԥсынтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа: Гагра (10 717-ҩык.), Гәдоуҭа (7738-ҩык.), Гал (7169-ҩык.), Тҟәарчал (4786-ҩык.), Очамчыра (4702-ҩык.), Афон Ҿыц (1308-ҩык.).

Аԥсны шьҭоуп Амшын Еиқәа ахықәан аӡиасқәа ԥсоуи Егри рыбжьара.

Административ-территориалтә шара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны — унитар республика; 6 районар (араион) акатзава. ақ. Аҟәеи бжь-раионки ыҟоуп:

Аԥсныдин районар
  1. Гагра араион
  2. Гәдоуҭа араион
  3. Аҟәа араион
  4. Гәылрыԥшь араион
  5. Очамчыра араион
  6. Тҟәарчал араион
  7. Гал араион

Аԥсндин районар

Аԥсшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп.

Аԥсны 120 ӡиас ыҟоуп, урҭ ааидкыланы раура 5000 км иреиҳауп. Аӡы ажәпара 0,6км/км² артәоит. Уи ажәпара еиҳауп ашьхараҿы акарсттә ӡқәа ахьыҟам ацәаҳәаҿы.

Аԥсны аӡиасқәа зегьы иреиҳауп аӡиас Кәыдри (аӡиас Сакьан налаҵаны) аӡиас Бзыԥи. Уи аура 129 км инаӡоит. Уи аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рыҩныҵҟа актәи аҭыԥ ааннакылоит. Аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит аӡиас Бзыԥ. Уи аура 110 км инаӡоит. Арҭ аҩ- ӡиаск рыӡҭачыра — 3540² км рыҵаркуеит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,01 % артәоит.

50 км инадыркны 100 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа ԥшьба ыҟоуп. 30 км инадыркны 50 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа жәаба ыҟоуп. Еиҳа ирацәоуп 10 км инадыркны 30 км рҟынӡа аура змоу аӡиас маҷқәа. Ус иҟоу аӡиасқәа 66 ыҟоуп.

Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ашьхаҳаракырақәа рҿы ишьҭоуп. Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23² км иреиҳаӡам, насгьы Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟнытә 0,06 % роуп иааныркыло.

Аԥсны аӡиақәа зегьы ирылукаартә иҟоуп Риҵеи Дуи Амтҟьали. Риҵа Ду ақәыԥшылара 1км³ иреиҳауп, аӡиақәа Амтҟьали Бабасыри рҵакыра хаз-хазы – 0,5 ² км рҟынӡа ыҟоуп.

Аԥсны арелиеф иабзоураны аӡҟычрақәа иааныркыло аҭыԥ маҷуп. Акаршәрақәа рҿы урҭ еиҳа ирацәоуп алада-мрагыларатәи ацәаҳәаҿы. Анаҩс, аӡхықәқәа ирываршәны дгьылбжьахаланы иуԥылоит аӡиасқәа рықәқәа рҿы. Иара убас ашьхаҳаркырақәа рыҟны аӡы ацара ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рыҟны.

Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ирацәоуп адгьылаҵаҟатәи аӡқәа. Урҭ зегьы еиԥшӡам ахимиатәи агазтәи еилазаашьала, аминералтә шьақәгылашьалеи аԥхарреи рыла, еикәшашьалеи, хыхь иҟоу аӡқәеи дареи реимадашьалеи, лшарақәас ирымоу рыла. Аԥсны аӡаҵаҟатәи аӡқәа рыла абеиара зыбызоуроу ари аҭыԥ аҿы иҟоу агеологиатә еилазаашьеи агемоморфологиатә ҷыдарақәеи инарықәыршәаны азеиԥш гидродинамикатә ҭагылазаашьа бзиа ауп.

Аԥсны ҵиаала абеиареи аиԥшымзаареи арелиеф аиԥшымзаареи, алитологиатә еилазаареи, аҳауеи, анышәи роуп изыбзоуроу. Зыда ыҟам аԥсуа фауна атәы аҳәоит арҭ аҭыԥқәа мацара ирҷыдаҟазшьоу 82 ҵиаа хкы. Иааизакны, 2000 хкы рҟынӡа аҵиаа. Аԥсны афлора, еиҳаракгьы, акарсттә цәаҳәаҟны иуԥыло, Аҩадатәи адгьылкәымпылбжа зегьы аҿы иуникалтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсны адгьылҵакыра абжеиҳарак бнарала ихҟьан. Абнала ихҟьоу адгьылҵакыра 493,6 нызқь га артәоит. Аԥсны абнарақәа рыҟны 180 инарзынаԥшуа аҵла-чықьтә хкқәеи 50 ҵла хкқәеи ыҟоуп.

Аҵла — чықьтә хкқәаны иҟоуп авитаминзлыҵуа, афатәзлыҵуа, ацыхәтәқәа, арҩычагақәа, ахәшәтәыгатәқәа, амзашатәқәа, анышәрӷәӷәагақәа, ацхазлыҵуа, аефирхәшәатәқәа, акаучуктәқәа, ашьақарҵлақәа, атанидозлыҵуа, арҵәыгатәқәа. Еиҳа ирацәоуп: ашә, аԥса, ахьа, аџь, ашыц, ал, ахьаца. Раԥхьа амшын қәыԥшылараҟнытә 600 м ахьыбжьоу аҳаракыраҟынӡа ирызҳауеит ал, ахьаца, ахьа, ашә уҳәа рыла ишьақәгылоу иеилаԥсоу абӷьыбнақәа. Аҩада, 1600 м рҟынӡа иуԥылоит ашә-ахьатә бнақәа, иҵегьы ҩадаҟа 1800-2000 м рҟынӡа аҳаракырақәа рҿы агәырбӷьыҵлабнақәа, еиҳа ирацәоуп абнаԥсара.

Аԥсны иаҷыдаҟазшьоу афауна альпиатәи ацәаҳәаҟны иуԥылоит. Ароуп иахьыҟоу Кавказ иҟоу афауна ахкы аиҳарак: кавказтәи абӷаџьма (Carpacaucasica, кавказтәи адәҳәынаԥ (Microtusnivalis), Прометеи иҳәынаԥ Prometheomysschaposchnikowi), кавказтәи ашьа пықамсеи (Lyrurusmlocosiewieczi) акаԥкаԥи (Tetragalluscaucasicus).

Аԥсны адгьылҵакыра иалсны ицоит Евро-Азиатәи аконтинент иатәу аԥсаатә рмиграциатә мҩа ду. Ара иҟоу 294 ԥсаатә хкы ашәҟәы иҭаҩуп. Урҭ ирылоуп, шамахамзар, иуԥымло ахкқәа реиԥш аӡра иаҿугьы: ашьхауарба, ашьшьыга, амамырџагә еиқәаҵәа, ашьауардын-саԥсан, аҵырҟьа цәаԥшь, амшынҟыз, аӡыцәа шкәакәа ду уҳәа уб. егь.).

Агыгшәыгқәа рахьтә иҟоуп кавказтәи амшә еиқәаҵәа, абгалаџ, абга, абгахәыҷы, адәыҭәҳәа, абнацгәы, абнацыӷи ахаҳә цыӷи, аԥшӡеи, аашьышьи, аԥслыи).

Ашәарах рахьтә иуԥылоит кавказтәи абӷаџьма, европатәи абынҽа, ашьабсҭа, ақәасаб. Лассы-ласс иуԥылоит абынҳәа.

Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҳаԥқәа ҽыцәҵәахырҭас ирымоуп ахәылԥҵысқәа. Урҭ 21 хкы рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Аҳаԥқәа ирҭоу афауна еиҳарак абӷа змам аԥстәқәа роуп. Еиҳа ижәытәӡоу аҳаԥқәа рҿы иуԥылоит зыда ыҟам аԥстәы хкқәа. Убас, Афонҿыцтәи аҳаԥы иамоуп троглокарис (Troglocarisschmidtiifajei) захьӡу амшынԥстәы, аҳаԥы бжы (Janeilusgloriosus).

Агерпетофаунаҟнытә иалкаатәуп ара иуԥыло (Viperakaznakowi) кавказтәи амаҭ дуи амшынбжьааратә акәуеи (Testudograeca), аҽаҩрадаӷь цәыши. Аҵыхәтәантәи, аҽаҩрадаӷь цәыш, иара иҟоу ахкқәа зегьы иреиҳау ахкқәа рахь иаҵанакуеит.

Аԥсны Амшын еиқәа еиҳа иаҷыдаҟзшьоу афауна аҟнытә аԥсыӡқәа рахь иԥхьаӡоуп: афранџь (Salmotrutta), ақьаԥыр, ашәиаҟ, амлагәыр, агәыҵаԥшь, ақамашьиа (аҷыҷмаса); адельфин ганшкәакәақәа, азовтәи, афалина; амедузақәа — аурелиа, корнерот, ризостома; амолиускақәа — амиди, венус, кардиум, рапана уб. иҵ. Зынӡа Амшын еиқәа иҭоуп 160 ԥсыӡ хкы.

Аԥсны ашьха рҩашқәа акалмаҳа (Salmotrutta) рацәаны ирымоуп. Амшынҿықәтәи акаршәрақәа рыҟны апҟызратә ӡиақәа ирымоуп апҟаз, аткәицар.