Ноқалақьеви | |
---|---|
ნოქალაქევი | |
Атәыла | Қырҭтәыла |
Акоординатқәа | 42°21′26″ ҩ. ҭ., 42°11′38″ мг. н. |
Ашьақәгылара | 1-тәи азқьышықәса ҳ. ҟ. |
Асааҭтә зона | UTC+4:00 |
Ноқалақьеви (ақырҭ. ნოქალაქევი), иара убас Архиополис (ажә. бырз. Αρχαιόπολις, «Ажәытә қалақь»), ақырҭуа хыҵхырҭақәа рыла Цихегоџьи (гыршә. Џьихақвинџьи) — аҭоурыхтә абаа-ақалақь амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны, Гыртәыла, аӡиас Техура армарахьтәи аҿықә аҟны.
Ари аҭыԥ аҿы уаанӡа ахадара ду змаз ақырҭуа қалақь ыҟан. Римтәи, Византиатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа уи азын иргәаладыршәоин Археополис еиԥш, аха еиҳа изааны ақырҭуа хроникақәа рҿы уи Цихегоџьи (Қәуџьи ибаа) – ахьӡын. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла, иргылит Егирстәи аҭауад Қәуџьи (ажә. шәы. III–шәышқәса алагамҭаз). Абаа – ақалақь аргылара астратегиагь хықәкылеи, уаҟа инхоз рырацәареи имамадан. Цихегоџьи амрагыларатәи Қырҭтәыла Егристәи аҳраҿ (Лазика) аҳҭнықалақьын IV-VIII-тәи ашәышқәсақәы рзы. Византиеи Аџьамтәи аимпериақәа рыбжьара Лазтәи аибашьрақәа (542-562) иара абри ақалақь ааигәа-сигәа имҩаԥысуан. Араҟа иҟалит Археополистәи аибашьра. Аибашьра аан аџьамцәа Цихегоџьи хынтә иажәылеит, ахынтә раан ирылшеит ақалақь агара (554), аха ақалақь иаарласны еиҭах ирымпыҵаркит византитә - лазаа рымчқәа. 737-738 шықәсқәа рзы ақалақь арабцәа рар еиҳабы Мурван ибн Муҳамед (Мурван адагәа) ирбгеит. Еснагь идырбгоз, иқәырхоз ақалақь, уи иахҟьаны Цихегоџьи иӷархеит, икаҳаит, иқыҭа хәыҷхеит. Ақыҭа еиҭах ашәра аԥшааит XVI-тәи ашәышықәсазы, Гыртәылатә аҳра араҟа иреиӷьӡаз аханқәа рыргылара ианалага. XVI-XVIII-тәи ашәышықәсақәа рзы – Одишьтәи Аҳцәа – Дадианаа рреизиденциа акәын
Нақалақьевитәи археологиатә ҭҵаарақәа иырлагеит 1930-1931 шықәсқәа рзы академик Ив. Џьавахишвили иаԥшьгарала. Ажырақәа мҩаԥысуеит 1973 шықәса ианркны. Ноқалақьевтәи аҵакырадгьыл аҟны анхара ашьҭақәа убоит ажә. шәш. I-тәи азқьышықәса алагамҭа инаркны. Анхара аинтесивтәхит ажә. шәш. V-IV-тәи ашәышықәсақәа инаркны.
Ақалақь 3 хәҭык рыла ишьақәгылоуп (аҵакыра зегьы 15 га.) иаакәыршаны агәара-ахыхьчара аман. Ахәҭа хада ыҟан аӡиас аҿықәан, агарнизон аҭыԥ ыҟан аҿҟьараҿы, аҩнуҵҟатәи абааш (ацитадель) – ашьха ақәцәан. Ҵаҟатәи абааш аҵакыраҿы иԥшаан Егристә аҳра IV-тәи ашәышқәса иаҵанакуа ахани, V-тәи ашәышқәсатә х-нышьак змоу абазиликатә ргылара. VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ихәыҷыз х-нышьак змоу абазилик, анаҩс уи аҟәырӷ змаз ауахәама алырхит, уи аамҭатәи Аҳ ихан, абааштә агәашәхәҷи, 2 ҽыкәабарҭеи егьырҭ аргыларақәеи. Аргыларақәа зегьы ргылан ахаҳәцәлеи ма усҟак ицәымз ахаҳәқәеи рыла.
Адуӡӡарала иалукаауеит Егристәи Аҳцәа аҩбатәи х-еихагылак иҟоу ахан. Ақалақь аҟны 2 – ҽыкәабарҭак аҟазаара ианарԥшоит абзазаратә нхамҩа аҳракыра ду шамаз. Урҭ руакы амасштаб ду змоу, ицәгьоу акомпозициа змоу еиқәҟаца иҟаз ргыларан. Қырҭтәыла ажрақәа рыла абраҭ аамҭақәа рзы иԥшаау аҽыкәабарҭақәа реиԥш, уи ацентралтәи арԥхарҭа аилазаара ала иргылоуп. Ақалақь аӷәӷәаратә аилазаара арелиеф иақәнаго ала иӡбан. Аӡиас аган ала аладалеи, ҩадалеи аҿҟьараҿ, ацаҟьа аҟны ҭӡы заҵәык ауп иамоу. Аӷа изы имарианы имнеираз амрагыларатәи аган аҟны еицнеиуа иргылоуп 3-ҭӡык, абаахырӷәӷәарҭа 3-га инеиҳаны аҵакыра амоуп. Абаагәара аҟны иалаҟаҵоуп 2-баашк, урҭ рҟнытә руакы (аҿыц «Џьихад» ахьӡуп) Колхеҭтәи алаҟәырақәа, аҩадатәи аган ала иахылаԥшуан. Абаахырӷәӷәарҭа заатәи афеодалтә аамҭазтәи ихәҷу азал змоу ауахәама гылоуп.
Ажрақәа ахадара змоу археологиатә маҭәахәы цәырнагеит Ноқалақьевии, уи ааигәы сигәагьы. Акерамика аиҳарак аҭыԥын ирмазеиуп, аха иҟоуп аимпорттәигьы (урҭ ируакуп IVVII-тәи ашәышықәсатә амфорақәа). Иԥшаауп ажә. шәш. IV-III-тәи ашәышықәсақәа асахьақәа зну ахаҳәцәқәа. Аԥсцәа шьҭан аҳаԥшьа-нышәынҭрақәа рҿы, ус баша, рҿы иаҿакын колхтәи аԥара ҿырпы-ҭеҭри.
Аҭыԥынтәии арахь иаагаз акерамика рыдагьы иԥшаан аџьазтә напхаҵақәа, ахәыдхаҵақәа, амонетақәа уҳәа убас егь. Ажырҭақәа руакы аҟны иԥшаан аҟазаратә уаҳа иуԥымло аҟаҵамҭақәа: елинтәи аканҭароси, акәаԥ еиқәаҵәа змаз ажәыга. Ус иаку аԥшаарақәа ируакуп аԥсҭалых акнаҳага, уи иамоуп аџьарԥшра змоу амонограмма, ахәымпал хқәа, аԥса хқәы, абҩатәи, ахьтәи монетақәа уҳәы уб.егь. Иазгәаҭатәуп Византиатә аимператор Маврикиос (582-622) ихьӡала иԥҟоу 23 ахьтәы монета ҭаҵәах. Аҭыԥынтәи акерамика иацны атәым аԥшаара Егриси, Нақалақьеви атәым тәылақәа рҟны аҿиара змаз ахәаахәҭрааекономикатә аимадарақәа шьақәнарӷәӷәоит.
Нақалақьевтәи аҵакыра аҟны усҟак ирацәамкәа иԥшаауп XVI-XVIII-тәи ашәышықәсатә амаҭәахәқәа.
2006 шықәса абҵара 7 азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа.[1]