Шекспир, Уильиам

Шеқспир Уилиам

Шеқспи́р Уи́лиам (William Shakespeare) (дӡаархит 26.4.1564, Стратфорд-апон-Еивон, иԥсҭазаара далҵит – 23.4.1616, иара убраҟа), англыз поет, адраматург, актиор.

Шеқспир диит анапҭырԥаҟаҵаҩы, аласаҭиҩы, аҭыԥантәи олдермен (асҭаршин) иҩнаҭаҿы. Шеқспир ихәыҷреи иқәыԥшреи ирызкны дыррақәак ҳәа, шамахамзар, иарбанзаалак акгьы нымхаӡеит. Ишырыԥхьаӡо ала, 1570-тәи ашықәсқәа раан уи акрал Едуард иитәыз Стратфорд иҟаз аграмматикатә школ ахь дныҟәон. 1582 шықәсазы ԥҳәысс дигеит Енн Хаҭауеи, урҭ хҩык ахәыҷқәа рыхшеит. Шеқспир аицавтор еиҵбык иаҳасабала раԥхьаӡа акәны апиесақәа аус рыдиуло далагеит ҳәа рыԥхьаӡоит 1587-1588 шықәсқәа рзы.

Шекспир, аамҭак ицаныз иеиҳабацәаз, ма иеиҵбацәаз адраматургцәа реиԥш акәымкәа, адраматург иаҳасабала иусура зегьы зыдҳәалаз– «Алорд-камергер имаҵуцәа» (Lord Chamberlain’s Men; 1603 ш. нахыс The King’s Men) захьӡыз театртә еилахәыра заҵәык акәын.  «Алорд-камергер имаҵуцәа» еиуеиԥшым атеатрқәа рысценақәа рҿы иқәгылон, 1599 шықәсазы Темза аладатәи ахықә аҿы (Лондон амҵа, Саутуарк)  рхатәы театр «Глобус» дыргылаанӡа. Уи категориала апубликатә театр ҳәа изышьҭаз атеатрқәа ирыҵанакуан, избанзар иаман ажәҩан аҵаҟа иаартны иҟаз апартери зыхә еиҳа иҳаракыз, иаркны иҟаҵаз агалереиақәеи. 1608 шықәса нахыс ари атеатртә еилахәыра иахатәны иҟалеит ахыб змаз (уи аҟнытәгьы еиҳа ибеиаз ауаа анеира ахьрылшоз) атеатр «Блеқфраиерс» (Blackfriars).

Раԥхьа, иҟалап, қьырала инкылоу драматургк, актиорк иаҳасабала аусура иалагаз Шеқспир, ари аилахәыраҿы дук мырҵықәа дҟалеит ихадоу лахәылаҩны, атеатртә хашәалахәы аҟнытә акрызҵазкуа хәҭак зауа дыруаӡәкны. Уи акырӡа еиӷьнатәит афинанстә уадаҩрақәа змаз иҭаацәаратә ҭагылазаашьа. Ишырыԥхьаӡо ала, ари иабзоураны Шеқспир илшеит аҭауадтә герб аиурагьы. Лондони Стратфорди Шеқспир инаигӡоз активлатәи ифинанстә усура (адгьылқәа раахәара, ашәахтә еизгаразы азин аахәара, итәы зқәыз усӡбарала рымхра уҳәа уб.иҵ.) иара иаамҭазы дарбанзаалак адгьылмпыҵакҩы изы ибжьааԥнытәыз усын, уи ирҿираратә усура акала иаԥырхагахо иҟамызт.

1613 шықәсазы «Глобус» аҿы абылра аныҟала ашьҭахь, иҭҵааҩцәа реиҳарак ишырҳәо ала, Шеқспир уарла-шәарла, мамзаргьы зынӡаск Лондон дцаӡомызт, уи хадаратәла Стратфорд акәын дахьынхоз ((Стратфорд-апон-Эйвон). Шеқспир иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, уи иҩызцәеи иколлегацәеи – актиорцәа Џь.Ҳеминси Г.Конделли, Б.Џьонсони, егьырҭгьи ралархәрала,  уи ипиесақәа - иҭыҵхьази акьыԥхь зымбацзи зегьы еизганы аҭыжьра иаздырхиеит. Раԥхьатәи афолио (1623); 18-тәи ашәышықәса аҟынӡа Шеқспир ипиесақәа асценаҿы хадаратәла ирҿыцны, еиҭаҟаҵаны акәын ишцәырҵуаз.

19-тәи ашәышықәса азыбжазы ицәырҵуа иалагеит Шеқспир иавторра гәыҩбара азызуаз атеориақәа. Урҭ аԥшьызгоз ишырыԥхьаӡоз ала, ипиесақәа авторцәас ирымазар ҟалон аамҭак ицаныз, аҵара змаз аристократцәа – аграфцәа Оқсфорд, Ратленд, Дерби уҳәа егьырҭгьы.  Ицәырҵит агәаанагара, Шеқспир ипиесақәа авторс дрымоуп ҳәа уи иаԥхьа апиесақәа зыҩуаз К.Марло. Шеқспир иавторра ахырбгаларазы аҽазышәарақәа иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп, аха аҵарауаа реиҳараҩык еицҿакны уи иавторра азхарҵоит.

Ҳаамҭазтәи алитератураҭҵаараҿы Шеқспир иканон ҳәа изышьҭоу (даҽакала иуҳәозар, завторра гәыҩбара амам апиесақәа; урҭ иахьазы 36 шьақәыргылоуп) апроблема зыруадаҩуа,  Англиа 16-17-тәи ашәышықәсақәа рҳәааҿы иаларҵәаз - пиесак аӡәы-ҩыџьа  авторцәа аус анадырулоз аԥышәа ауп. Шеқспир иавторра ахьышьақәырыӷәӷәо апиесақәа зегь рахьтә еиҳа изаау акәны иҟоуп – акомедиа «Ҩыџьа Веронатәқәа» («The two gentlemen of Verona», 1589–1591 ш.ш., икьыԥхьуп – 1623шықәсазы). 1600-тәи ашықәсқәа ирыҵанакуа апиесақәа гәыԥк – «Ашәага ашәагазы» ((«Measure for measure», 1603–1604), «Мақбет» («Macbeth», 1606–1607, аҩбагьы кьыԥхьуп 1623 шықәсазы) уҳәа егь. – асценақәа акык-ҩбак иҿыцны аус рыдиулеит Т.Мидлтон, иҟалап Шеқспир даламырхәкәа акәзаргьы. Аҵыхәтәаны, зегь реиҳа ихьшәоу уи ипиесақәа – Карденио («Cardenio», 1612–1613, еиқәымхаӡеит), «Акрал Генрих VIII-тәи» («All is well, or King Henry VIII», 1612–1613, икьыԥхьуп 1623 ш.), «Ҩыџьа идыру ауацәа» («Two noble kinsmen», 1613–1614, икьыԥхьуп 1634 шықәсазы),Џь. Флетчери Шеқспири русеицурала иаԥҵоуп. Уи иаҷыдангьы, Шеқспир иавторразы гәыҩбара ахьыҟам апиесақәа рыхәҭакгьы, иаҳҳәозар, «Гамлет», егьырҭ авторцәа заатәи рыпиесақәа рышьаҭала иҩуп.

Шеқспир ирҿиамҭа традициалатәи аамҭала реихшараҿы иалыркаауан: заатәи ахроникақәеи, акомедиақәеи, апоемақәеи раамҭа (1590-тәи ашықәсқәа), иҭышәынтәалоу атрагедиақәеи «ипроблематәу апиесақәеи (мамзаргьы «еиқәылашьца иҟоу акомедиақәеи») 1600-1608 ш.ш., иара убасгьы «атрагикомедиақәа», мамзаргьы афантастикеи алакәи релементқәа злоу адрамақәа раамҭа (1609-1613ш.)

William Shakespeare. The tragedy of Hamlet Prince of Denmarke. London, 1611 (Уилиам Шеқспир. Ҳамлет).  Аҩбатәи аҭыжьымҭа атитултә даҟьа in quarto аформат аҿы. Folger Shakespeare Library. CC BY-SA 4.0

Ас еиԥш иҟоу аамҭалатәи аихшара мзызс иаман Шеқспир ибиографиа ҳәаақәҵарала аинтерпретациа азура –  заатәи икомедиақәа ирыҵоу «аренессанстә», гәырӷьаралатәи адунеихәаԥшышьа аҟнытә ишәхьоу атрагедиақәа рҿы иҟоу адунеи аоптимисттә блала ахәаԥшра агәахшәара, уи ашьҭахь агәыӷреи алакәи рдунеи  агәылалара. Ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра ас еиԥш ҵакы заҵәыла ари азҵаара азнеира иақәшаҳаҭым. Избанзар, иахьатәи аҭҵааҩцәа ишҳеилдыркаауа ала,  Шеқспир еиуеиԥшым аамҭақәа рзы дзызхьаԥшуа ажанрқәа автор хаҭала ииҭахыу акәымкәа, апублика ргәаҳәарақәеи, урҭ еиҳа рхы ахькыду, насгьы атеатртә ԥышәараҿы имҩаԥысуа аԥсахрақәеи роуп.

20 шықәса инареиҳаны Шеқспир драматургк иаҳасабала аус иуан иаамҭазы ирдыруаз ажанрқәа зегьы рҿы.  1590-тәи ашықәсқәа рзы уи Англиатәи акралқәа ирызкыз асиужетқәа рыла иаԥиҵеит аҭоурыхтә хроникақәа рцикл. Ахроникақәа – Шеқспир раԥхьаӡатәи иԥышәоуп иуадаҩу ахаҭаратәи аполитикатәи аганқәа реимадараҿы ауаҩытәыҩсатә ҟазшьа аарԥшраҿы, аҭоурых аҿы аиндивиди аколлективи  рроль  аилкаараҿы. Аҭоурыхтә материал аарԥшраҿы ихадоу хыҵхырҭаны Шеқспир изы, уи аамҭак ицаныз егьырҭ арҿиаҩцәа зегьы реиԥш, иҟалеит Р. Холиншед иаԥҵамҭа: «Англиеи, Шотландиеи, Ирландиеи рхроникақәа» (Аҩбатәи аҭыжьымҭа, 1587).  Традициала ахроникақәа еидыркылоит ҩ-тетралогиак: хронологиала еиҳа ихьшәоу ахҭысқәа аарԥшуп «Генрих VI» ахәҭақәа хԥа рҿы (1591–1592,икьыԥхьуп 1623, 1594, 1595 шықәсқәа рзы) «Ричард III» («The tragedy of king Richard III», 1592–1593, икьыԥхьуп 1597 ш.), еиҳа изаау – «Ричард II» аҿы («The tragedy of king Richard II», 1595, икьыԥхьуп 1597 азы), «Генриха IV» («The Historie of Henrie IV» ҩ-хәҭак рҿы, 1596–1597 и 1597–1598, 1-тәи ахәҭа кьыԥхьын  1598 шықәсазы, 2-тәи –  1600 шықәсазы) иара убас «Генрих V» («The life of Henry V» аҿы, 1598–1599, икьыԥхьын  1600 шықәсазы). Арҭ 8-хроникак  рызкуп  1399 шықәсазы Ричард II-тәи данахырҳәаз инаркны, 1485 ш. Босворт иҟаз аибашьраҿы Ричард III иаҵахара аҟынӡа аамҭа аҩныҵҟала имҩаԥысуаз ахҭысқәа.

Шеқспир аамҭак ицаныз егьырҭ адраматургцәа реиҳараҩык рзы ахроникаҿы акомикатә сценақәа «ибжьаргылоу номерқәаны» иҟаҵазар, Шеқспир иҿы иҭоурыхтәым аперсонажцәа ԥсихологиала ахроника хықәкыла изызку аҭоурыхтә персонажцәа иреиҵамкәа инарҵауланы иаарԥшуп. Иаҳҳәап, сер Џьон Фальстаф ахроникаҿы («Генрих IV», ахәҭақәа 1 и 2; «Генрих V») иоуз асценатә еицдырра иабзоураны акомедиа «Винӡортәи ахыччаҩцәа» («The merry wives of Windsor», 1597–1598, икьыԥхьын  1602 шықәсазы). Атетралогиа иалаӡам ахроникақәа «Акрал Иоанн» («King John», 1596, икьыԥхьын  1623 ш.), иара убас «Акрал Генрих VIII».


1590-тәи ашықәсқәа рзы иҩу Шеқспир икомедиақәа ҟазшьа дырганы ирымоуп акырӡа ируадаҩу, ҩыџьа-ҩыџьала, хҩы-хҩыла бзиа еибабо афырхацәа злоу асиужетқәа рыла аибыҭара. «Винӡортәи ахыччаҩцәа» рҟны ада, егьырҭ зегьы рҿы ахҭысқәа мҩаԥысуеит Англиа анҭыҵ, еиҳарак Италиа.  Арҭ «аромантикатә» комедиақәа реиҳарак рсиужетқәа абжьааԥны иахьынтәаагоу еиҭагоу ановеллақәа реизгақәа рҟнытә ауп. «Ҩыџьа Веронатәқәеи» «Винӡортәи ахыччаҩцәеи» рыда, Шеқспир заатәи икомедиақәа рышҟа иаҵанакуеит «Ахамаԥышәа лыбжьара» («The taming of the shrew», 1590–1591), «Аҩашьарақәа ркомедиа» («The comedy of errors», 1594, аҩбагьы кьыԥхьын 1623 шықәсазы), «Илҵшәадахаз абзиабаратә ҽазышәарақәа» («Love’s labour’s lost», 1594–1595, икьыԥхьын  1598 ш.), «Аԥхынҵыхтәи аԥхыӡ» («A midsummer night’s dream», 1595) и «Акгьы злам азы ашыкь бжьы рацәа» («Much ado about nothing», 1598, аҩбагьы кьыԥхьын  1600 шықәсазы).

Еиҳа ихьшәоу Шеқспир икомедиақәа рҿы (иааизакны 1600-тәи ашықәсқәа ирыҵанакуа идрамаҿы еиԥш) еиҳа иӷәӷәаны иаарԥшуп амелонхолиатә, агәкаҳаратә лагамҭа. Заатәи икомедиақәа рҿы ақьачақь баша ихархьу комикны даарԥшызар, ихьшәоу ирҿиамҭақәа рҿы уи бжеиҳан илахь еиқәуп, зны-зынлагьы тәамбаратә-хыччарала ахҭысқәа дрыхәаԥшуеит, абзиабаратә цәаҳәақәа ракәзар,  афырхацәа азыԥшымкәа иаалырҟьаны иӡбахоит. Убас еиԥш иҟоу, Шеқспир ихаан икьыԥхьымыз «амелонхолиатә» комедиақәа рахь иаҵанакуеит «Ишԥашәгәаԥхо шәара абри? («As you like it», 1599), «Ажәаҩатәи аҵх, мамзаргьы шәара ишышәҭахыу» («Twelfth night, or What you will», 1600–1601),  иара убасгьы «Ибзианы инҵәо зегьы бзиоуп» («All’s well that ends well», 1603–1607, рызегьы кьыԥхьын 1623 шықәсазы). Урҭ акомедиақәа типла ирзааигәоуп ажанрқәа рҳәаақәа еилазго «апроблематә пиесақәа» ргәыԥгьы. Урҭ зегьы рзы иҟазшьадырганы иҟоуп инаҵшьны иаарԥшу асоциалтәра, афырхацәа иаартны, зны-зынлагьы цәгьацәыԥхамшьарыла ауаажәларра ианрыхцәажәо, афырхаҵа истатуси ииҳәо ажәақәеи ихымҩаԥгашьеи лассы-лассы ианеиқәымшәо, амораль аганахьала иҟоу ауадаҩреи аҵакы рацәареи. Убас, «Венециатәи ахәҳахәҭҩы» («The merchant of Venice», 1596–1597, икьыԥхьуп  1600 шықәсазы) иахәаԥшуеит, ахәшьарагьы арҭоит ганкахьала, атрадициа аҳәаақәа ирҭагӡаны ауриақәа карикатуратә ҳасабла раарԥшра  еиԥш, даҽа ганкахьала, антисемитизм иаҿагыланы иаԥҵоу раԥхьатәи сахьаркыратә ҳәамҭак аҳасабалагьы.

Апиеса «Троили Крессидеи» («Troilus and Cressida», 1600–1602, икьыԥхьын  1609 шықәсазы) аҿы лассы-лассы иазгәарҭоит изҭагылоу аамҭа иазырхоу асатира, «Ашәагазы ашәага» аҿы акәзар – Иаков VI Стиуарт инапхгара раԥхьатәи ашықәсқәа раан амчреи аморали ирызкны иҟаз аимак-аиҿакқәа рныҩбжьы. «Апроблематә пиесақәа»  ирхыуԥхьаӡалар алшоит Шеқспири Т.Мидлтони реицавторрала иаԥҵоу «Афинтәи Тимон» («Timon of Athens», 1605–1606, икьыԥхьын в 1623 шықәсазы) – Шеқспир изы прецедент змамыз аҵәылаҵареи агәкаҳареи рыла иҭәу, ауаажәларра ргәымбылџьбареи рыԥсыцәгьареи ирызку асатира.  Ахроникақәеи, «апроблематә пиесақәеи», атрагедиақәеи рыбжьара иҟоу аҭыԥ ааныркылоит Плутархи, иара убас егьырҭ римтәи аҭоурыхҩҩцәеи рсиужетқәа рыла иҩу «римтәи атрагедиақәа»: «Иули Цезар» » («Julius Caesar», 1599), «Антонии  Клеопатреи» («Antony and Cleopatra», 1606), «Кориолан» («Coriolanus», 1608, урҭ зегьы кьыԥхьын 1623 шықәсазы). Формалла  «римтәи атрагедиақәа» рахь ирхырыԥхьаӡалоит иара убасгьы заатәи иҩымҭа «Тит Андроник» («Titus Andronicus», 1592, икьыԥхьын 1594 шықәсазы).

Зегь реиҳа еицырдыруеит, еиҳагьы лассы-лассы иқәдыргылоит атрагедиа дуқәа ҳәа изышьҭоу Шеқспир ирҿиамҭақәа: «Ромеои Џьульеттеи» («Romeo and Juliet», 1595–1596, икьыԥхьын  1597ш.), «Ҳамлет» («The Tragedy of Hamlet, Prince of Denmark», 1600–1601, икьыԥхьын  1603ш.), «Отелло» («Othello, the moore of Venice», 1603–1604, икьыԥхьын  1622 ш.), «Аҳәынҭқар Лир» («King Lear», 1605–1606, икьыԥхьын  1608 ш.), иара убас  «Мақбет».

Шеқспир «итрагедиа дуқәа» рҿы иҟаӡам еицырзеиԥшу асиужеттә мҩақәеи афырхацәа ртипқәеи. «Ромеои Џьулеттеи» «аромантикатә комедиақәа» ирзааигәоуп, итрагедиатәу, раԥхьаӡа иргыланы, уи аҵыхәтәа ауп. Ҳамлет» - адунеитә драматургиаҿы зегь реиҳа еицырдыруа, иара убас зегь реиҳагьы еилкаам трагедиоуп. Уи традициала афырхаҵа агәҭахәыцреи аус ҟаҵареи рыбжьара илак-ҩакра ҭоурых ҭҵаарак аҳасабала аинтерпретациа азыруеит. Уи 17-тәи ашәышықәса раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ҿыц ихынҳәыз «ашьауратә трагедиа» амода Шеқспир аҭакс иаиҭази афырхаҵа - амелонхолик ихаҿсахьеи реилаӡҩара иахылҿиааз рҿиамҭоуп.

«Отеллои» «Мақбети» лассы-лассы еизааигәартәуеит рҽеишьа змам агхақәа ирызку трагедиақәак раҳасабала. Урҭ рҿы хадара зуа ируакуп зыԥсихологиа зҩыдам ацәгьауцәа – амчра зегьы знапаҿы аагаразы иқәԥо «амакиавеллист». Ихыбгало, насгьы ҽыц еиҭашьақәгыло аҳәынҭқарра иазку аполитикатә тема апиеса «Аҳ Лир» аҟнытә ииасуеит ацәгьаура еиҳа еиҿыршәшәаны иаарԥшу апиеса «Мақбет» ашҟа.

Шеқспир итрагедиақәа шамахамзар зегьы рҿы акомедиатә сценақәеи акомикатә фырхацәеи ыҟоуп (акомикцәа «Ҳамлети» «Мақбети» рҿы, амеланхоликцәа «Ромеои Џьулеттеи» «Аҳ Лири» рҿы). «Атрагедиа дуқәа» анкьа лассы-лассы аинтерпретациа азыруан  Шеқспир аиҭарҿиаратә гуманистцәа рдунеихәаԥшышьа «игәы шахшәаз» аазырԥшуа акы аҳасабала. Аха еиҳа ииашазар ҟалап урҭ ацәгьа аԥсабара инарҵауланы аҭҵаара, егьа иуадаҩзаргьы, уи аҵыхәтәанынӡа аҿагылара аганахьала иԥхьаӡазар.

Ихьшәоу Шеқспир ипиесақәа – алакә аелементқәа злоу атрагикомедиа ажанр ала иаԥҵоуп (урҭ реиҳарак аицавторратә ҳасабла иҩуп) – «Перикл» («Pericles, Prince of Tyre», Дж. Уилкинси иареи еицырҩит, 1607–1608, икьыԥхьын 1609 ш.), «Цимбелин» («Cymbeline», 1610, икьыԥхьын 1623ш.), «Аӡынтәи алакә» («The Winter’s tale», 1609–1610, икьыԥхьын 1623 ш.) иара убас егьырҭгьы. Арҭ аҩымҭақәа рҟнытә зегь реиҳа еицырдыруа иҟалеит « Афырҭын» («The Tempest», 1610–1611, икьыԥхьын 1623 шықәсазы). «Афырҭын» – Шеқспир ипиеса рахьтә иакзаҵәыкуп, асиужет азы раԥхьаӡатәи зхыҵхырҭа ԥшаамкәа иҟоу. Ԥыхьа аҭҵааҩцәа ишырыԥхьаӡоз ала,  Шеқспир араҟа «ирҿиаратә уасиаҭ» ааирԥшуан, урҭ ишырбоз ала,  уи ифырхаҵа Просперо иеиԥш, мап ацәикуан «атеатртә ҟазаратә лаԥшхырԥага». Аха иара усгьы адраматург «Афырҭын» ашьҭахьгьы аицавторрала апиесақәа иҩуан.

Шеқспир иара убасгьы деицырдыруеит поетк иаҳасабала. Уи заатәи ипоемақәа –  амифологиатә сиужет иалху «Венереи Адониси» («Venus and Adonis», икьыԥхьын  1593ш.), иара убас римтәы аҭоурых аҟнытә асиужет ала иҩу «Зцәа ԥырҽыз Лукрециа» («The Rape of Lucrece», икьыԥхьын  1594ш.) – изкын Саутгемптон аграф Г.Ризли, ишырыԥхьаӡо ала, иҩын уи иҟаиҵаз аҿаҵарала.  1609 шықәсазы акьыԥхь абеит (иҟалап, автор изымдыруа акәзаргьы) Шеқспир и- «Сонетқәа» раԥхьатәи аҭыжьымҭа (зынӡа 154). Автор ифырхаҵеи, Арԥыс Хазынеи (Аҩыза), аҳкәажә Еиқәеи, Аиндаҭлаҩи реизыҟазаашьа иазку ацикл.  Аверсиақәа рхыԥхьаӡара акырӡа ишырацәоугьы, урҭ рпрототипқәа зусҭцәаз ҳәа аҭак иахьа уажәраанӡагьы еицҿакны иҟаҵаӡам.  Шеқспир и-«Сонетқәа» итрадициатәу Петрарка иҟынтәи иаауа атематикалоуп ишеибарку – абзиабареи, ахыбаареи, зегь хзырбгало аамҭеи, иара убас уи иаиааиуа апоезиа амчи. Уи аизҳара анаҭеит англыз поезиа Сурреи аграф  Генри Говард иалаигалаз апоетикатә форма (abab cdcd efef gg),  уи Шеқспир ихаангьы иреиӷьу жанртә ҿырԥшуп ҳәа ирыԥхьаӡон.

Ихьшәоу Аиҭарҿиара ахаҭарнак Ду Шеқспир ирҿиараҿы еилеигӡон  зҭәымҭа иҭагылоу, ихьшәоу Абжьаратәи ашәышықәсақәа ирыҵанакуа ауаҩы идунеихәаԥшышьеи Европатәи агуманизмра аидеиақәеи, жәлар ргәырӷьа-ччаратә карнавалтә доуҳареи, ақьырсиантә етика амотивқәеи, анеоплатонизми, анеостоицизми уҳәа  иаамҭа иаҵанакуаз егьырҭ афилософиатә хырхарҭақәеи асоциалтә-политикатә теориақәеи; ирҿиамҭақәа рҿы иаарԥшу аперсонажцәа акырӡа иҭбаау, дунеихәаԥшралагьы ҭагылазаашьалагьы еиуеиԥшым ауаажәларратә гәыԥқәа ирыҵанакуеит. Зымҽхак ҭбаау, ицәқәырԥо аиҭасратә аамҭа асахьа, уи ицәырнаго аиҿагыларақәа, аконтрастқәа Шеқспир ипиесақәа рҿы афырхацәа рхатә драмақәа рыла иаарԥшуп. Адунеитә литератураҿы раԥхьаӡа акәны урҭ цәыргоуп ган рацәала, инарҵауланы, ҩныҵҟалатәи еизҳарала.

«Шеқспир икульт» - идеалтәу автор, «аԥсабара аԥа» иашаны иҟоу аӡәы иаҳасабала – раԥхьа ишьақәгыло иалагеит Англиа, нас 18-тәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы Европагьы.  Уи аҿы акрызҵазкуа ароль нанагӡеит Шеқспир ирҿиамҭақәа рзы С.Џьонсон ииҩыз аԥхьажәа (1765), иара убас 1769 шықәсазы Стратфорд ақалақь аҿы актиор, апродиусер Д.Гаррик еиҿикааз «Шеқспир ииубилеи». Германиа «Шеқспир икульт» ашьақәырӷәӷәара иацхрааит И.Г.Гердери И.В.Гиотеи. Аромантизм ахаҭарнакцәа Шеқспир дрыдыркылеит иарбан ԥҟарразаалак аҟнытә зхы иақәиҭу, иҿырԥшыгоу рҿиаҩ дук иаҳасабала.

18-тәи ашәышықәса 2-тәи азыбжазы ихацыркхоит Шеқспир ирҿиамҭақәа Урыстәыла ралаҵәара. 19-тәи ашәышықәса азыбжанӡа урҭ рдыруан афранцызцәеи анемеццәеи реиҭагамҭақәа-адаптациақәа рыла. Раԥхьаӡа акәны А.П.Сумароков «Ҳамлет» (1748), нас Н.А.Карамзин – «Иули Цезар»(1787) аурыс шьаҭахь ишиаргазгьы, Урыстәыла «Шеқспир икульт» аромантизм аамҭоуп изыдҳәалоу. Шеқспир итрагедиақәа еиҭеигон В.К.Киухельбекер абааҿы данҭакызгьы, Сибраҟа данахырҵагьы. Аурыс литератураҿы Шеқспир идоуҳа ацәырҵраҿы ароль ду наигӡеит А.С.Пушкин. Уи итрагедиа «Борис Годунов» ҩын «ҳаб Шеқспир исистемала». Аурыс культуразы аҵак ду аман Н.А.Полевои ахы иақәиҭны еиҭеигаз атрагедиа «Ҳамлет» (1837), уи апиеса Москвеи Санкт-Петербурги ианықәдыргыла ашьҭахь ихацнаркит «аурыс гамлетизмра» иазкны, анаҩс И.С.Тургеневи егьырҭи изцырҵаз аимак-аиҿак.  Шеқспир ихатә ҭыԥ ааникылеит «ареалистцәеи» «ицқьоу аҟазара» азықәԥаҩцәеи реимак-реиҿак аҿгьы. Аџьынџьтәылатә культураҿы Шеқспир иааникыло аҭыԥ ҷыда инаҵшьны иазгәарҭеит 1865 – 1868ш.ш., иара убас еиҳаракгьы 1902-1904 ш.ш. рзы (С.А.Венгеров иредақциала) иҭыжьыз уи идраматә рҿиамҭақәа реизга.

Аурыс ԥхьаҩы Шеқспир иҭынха зегьы шеибгоу адырразы алшара иоуит 19-тәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы. Усҟаноуп ианцәырҵыз аурыс академиатә шеқспирҭҵаара (Н.И.Стороженко уҳәа егьырҭгьы). Шеқспир изхьаԥшуеит, уи иҳәамҭақәеи ихшыҩҵакқәеи рхы иадырхәоит идеологиалагьы апоезиаҿгьы зынӡаск еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рхаҭарнакцәа – ареалистцәеи амодернистцәеи, мраҭашәаратәқәеи аславианофилқәеи уҳәа убас ирацәаҩны.  Уимоу,  1917-1922-тәи ашықәсқәа рзы Атәылауаҩратә еибашьраан Шеқспир ишҟа иҟаз азҿлымҳара ԥсыҽымхеит – еиҿагыланы еибашьуаз аганқәа рыҩбагьы уи иҭынха дара ринтересқәа рҿы рхы иадырхәарц рҽазыршәон.  Шеқспир икәша-мыкәша еснагь имҩаԥысуаз– «аристократра», мамзаргьы «абуржуира» ҳәа ақәԥара,  уи изкыз аимак-аиҿак -  зны-зынла аестетикатә план аҟнытә аполитикатә қәыԥшылара ашҟа иианагон, уи политикатә авторк иаҳасабла изнеиуа иалагон.

Урыстәыла Шеқспир иҭҵаара иҿыцны ацәырҵра мҩаԥысуеит 1930-тәи ашықәсқәа рзы, И.А.Аксионови, еиҳаракгьы А.А.Смирнови М.М.Морозови русумҭақәа анҭыҵ ашьҭахь. Хаҭала убри аамҭазы ауп ишьақәгыло ианалага аурыстә шеқспирҭҵаараҿы ихадоу ҩ-хырхарҭак – Шеқспир идрамақәа ржанртә ҷыдарақәа рыҭҵаареи урҭ рысценатә адаптациеи.  Шеқспир ижанрқәа рпроблематика аус адырулон Л.Е.Пински, А.А.Аникст. Урҭ рымчала  Аҭҵаарадырратә Академиаҿы еиҿкаан Шеқспиртәи акомиссиа. «Аурыс Шеқспир» раԥхьатәи иҭоурыхҭҵааҩцәаны иҟалеит Иу.Д.Левини М.П.Алексееви. Урҭ иҭырҵаауан аурыс литература астилистикеи, ажанрқәеи, ахаҿсахьақәеи рҿы Шеқспир ирҿиамҭа иҟанаҵаз анырра. 1930-1950-тәи ашықәсқәа раан иаԥҵан Шеқспир ирҿиамҭақәа реиҭагаратә корпус ҿыц. Уи аҿы акрызҵазкуаз аҭыԥ ааныркылеит М.Л.Лозински, Б.Л.Пастернак, А.Д.Радлова. С.И.Маршак иеиҭеигаз «Асонетқәа», стилистикала аоригинал излеиԥшым шыҟоугьы, аџьынџьтә культураҿы ицәырҵра ҷыданы иҟалеит.  Адунеитә культураҿы ифеноментә цәырҵраны, аурыс культура иадырга ҷыданы иҟалеит Г.М.Козинцев ифильмқәа «Ҳамлет» (1964), «Аҳ Лир» (1971). Иара убасгьы  Таганка иҟоу Москватәи атеатр аҿы «Ҳамлет» ақәыргылара (ареж.Иу.Лиубимов, ароль хада – В.В.Высоцки), С.С.Прокофиев ибалет «Ромеои Џьулеттеи».

Мраҭашәаратәи аҿеиԥш, аурыс литератураҭҵаараҿгьы 1980-тәи ашықәсқәа инадыркны урҭ ирышьҭанеиуаз егьырҭ ажәашықәсқәа рызгьы Шеқспир икульт, уи аамҭак ицаныз зегьы ирхыҳәҳәоз  гениуп ҳәа иҟаз атенденциа маҷк иацәхьаҵуа иалагеит. Ас еиԥш иҟаз ааҳәра иаанагоз Шеқспир иаамҭа иаҵанакуаз атеатртә дунеи аиҭашьақәыргылара ашҟа еиҳа азҿлымҳара ҷыда аарԥшреи,  Лондон  ақалақьтәии аҳҭынратәии культуреи Шеқспир ирҿиамҭеи ахьынӡеидҳәалаз аилкаара, еиуеиԥшым атәылақәа рмилаҭтә культурақәа  рҿи, иара убас ҳаамҭазтәи амассатә культураҿы Шеқспир ихаҿсахьа аҭҵаара ауп. Иаԥҵоуп Шеқспир иҭҵааҩцәа еидызкыло амилаҭтәқәеи жәларбжьаратәи ассоциациақәеи, иара убас Бирмингемтәи ауниверситет аҿы иҟоу Шеқспир изку аинститут, Стратфорд иҟоу Акралтә Шеқспир итеатр, Лондонтәи «Шеқспиртәи аглобус», иара убас егьырҭ атеатрқәеи реиԥш иҟоу еиуеиԥшым аинституциақәа. 1623 шықәсазы Г.Б.Џьонсон Шеқспир ирҿиамҭақәа «шәышықәсак мацара акәымкәа, аамҭақәа зегьы иртәуп» ҳәа ииҳәаз игәаанагара ахааназ ҳаамҭазы аҟара иактуалны иҟамлацызт.


                             «Ромеои Џьулеттеи»

       Ромеои  Џьульеттеи - Уилиам Шеқспир  икариера алагамҭазы ииҩыз, еиӷацәаз ҩ-ҭаацәарак ирхылҵыз,  ҩыџьа италиатәи ақәыԥшцәа рыбзиабара иазку трагедиоуп. Уи Шеқспир иҩымҭақәа рҟнытә зегь реиҳа аларҵәара зауз рҿиамҭоуп.  «Ҳамлет» инаваргыланы, уи  асценаҿы иара Шеқспир ихаҭа зегь реиҳа дахьыхәмархьаз  апиесақәа ируакуп. Иахьазы ари арҿиамҭа аперсонаж хадацәа  - адунеи аҿы  бзиа еибабо аҿарацәа ирархетипқәаны иҟоуп.

«Ромеои Џьулеттеи» шьаҭала антикантәи иаауа атрагикатә романқәа ртрадициа иаҵанакуеит, Маттео Банделло ииҩыз уи асиужет,  италиатәи алакә иалхны иҟаҵоуп, анаҩс «Ромеои Џьулеттеи ирызку атрагедиатә ҭоурых» ҳәа ахьӡҵаны, Артур Брук уи ажәеинраала ашҟа ииаганы икьыԥхьит 1562 шықәсазы.

   1567 шықәсазы уи прозала «Агәахәаратә Хан» аҿы еиҭеиҳәеит   Уилиам Пеинтер. Урҭ аҩыџьегьы рҟнытә Шеқспир иигаз рацәоуп, аха иаԥиҵаз  аперсонаж ҿыцқәа рыла асиужет акырӡа ирҭбааит. Агәаанагара шыҟоу ала, апиеса ҩын  1591 – 1595 шықәсқәа рыбжьара. Раԥхьаӡа акәны 1597 шықәсазы  икьыԥхьын кварто аверсиаҿы. Аха уи раԥхьатәи кварто аверсиа атекст  ахаҭабзиара даара илаҟәын, уи анаҩс аамҭақәак рышьҭахь иҟаҵаз аҭыжьымҭақәа рҿы атекст дыриашеит, уи еиҳа Шеқспир иоригинал иашьашәаланы иҟарҵеит.

     Шеқспир ихы иаирхәаз апоетикатә драматә шьақәгылашьа (аибарххара арыӷәӷәаразы акомедиа аҟнытә атрагедиа ашҟа, насгьы еиҭа ишьҭрақәланы иҟаҵоу аиасрақәа реиԥш иҟоу аеффеқтқәа, ихадам аперсонажцәа рыла арҭбаара, иара убасгьы аҭоурых арԥшӡаразы ихәыцу хыԥхьаӡара рацәала аҵакыҵәахқәа  ахәшьара ҳаракы роуит уи идраматә ҟазара  зааӡатәи ҷыдаҟазшьак аҳасабала.

     Ажәакала, иара асиужет анцәырҵыз аамҭазы, иара уи ашьҭахьгьы, уахәаԥшуазар, аинквизициа,  ашьҭахара ианраамҭаз иатәу  ҭоурыхуп.

    Апиесаҿы еиуеиԥшым аперсонажцәа ирыдрыԥхьаӡалоит еиуеиԥшым апоетикатә формақәа, зны-зынлагьы  апиесаҿы аперсонаж иеизҳара инашьашәаланы, урҭ аформақәагьы рҽырыԥсахуеит. Иаҳҳәап, апиеса еизҳацыԥхьаӡа  иумбар залшом афырхаҵа хада   Ромео асонет   еиҳа-еиҳа  дшазҟазахо.

«Ромеои  Џьулеттеи» изныкымкәа  адапциа азырухьеит асценеи, акинои, амиузикли, аопереи, абалети  рзы. Англызтә реставрациа аан уи еиҭарҿиара аиуит,  ари адрама  ӷәӷәала аус адиулеит Уилиам Давенант.

    18-тәи ашәышықәсазы Девид Гаррик иверсиаҿы  сценақәак иԥсахит, апиеса иалхын усҟантәи аамҭазы асцена ашҟа зцәыргара ԥхашьароуп ҳәа ирыԥхьаӡоз материалқәак. Георг Бенда «Ромеои Џьулиеи» ҳәа ахьӡҵаны иҟаиҵаз аверсиаҿы  апиеса хәҭа дук амхны, насыԥ змаз анҵәамҭа азиԥшааит.      19-тәи ашәышықәсазы иқәдыргылоз аспектакльқәа рҿы  (Шарлотта Кушман лтәгьы уахь иналаҵаны), аоригиналтә текст еиҭашьақәдыргылеит, урҭ  еиҳа ахшыҩзышьҭра  арҭеит апиеса ареалисттәра.

1935 шықәсазы иаԥҵаз  Џьон Гилгәыд иверсиа Шеқспир итеқст акырӡа иазааигәан.  Уи аҟны адраматизмра арыӷәӷәаразы ахархәара рыҭан  Елизавета лаамҭазтәи акостиумқәа.  20-21 ашәышықәсақәа рзы ари апиеса адаптациа азуын  Џьорџь Кьиукор ифильм «Ромеои Џьулеттеи» (1936), Франко Ӡеффирелли ифильм «Ромеои Џьулеттеи» (1968),  Баз Лурман ифильм «Ромео+Џьулетта» (1996),  ааигәа  иаԥҵаз Карло Карлеи ифильм «Ромеои Џьулеттеи» (2013).


Аперсонажцәа

Ихадоу астатиа:  "Ромеои Џьульеттеи" аперсонажцәа

Верона анапхгара зуа аҩны

  • Апринц Ескалус - Верона напхгара азызуа апринц
  • Граф Парис -  Џьульетта дызҳәарц зҭаху Ескалус иҭынха
  • Меркуцио -  Ескалус даҽа иҭынхак, Ромео иҩыза.

Капулетти иҩны

  • Капулетти - Капулетти иҩны апатриарх.
  • Леди Капулетти -  Капулетти иҩны аматриарх .
  • Джульетта Капулетти,  13- шықәса зхыҵуа Капулетти иԥҳа, апиеса афырԥҳәызба хада.
  • Тибальт - Џьульетта ланшьа иԥа, леди Капулетти лашьа иԥа.

Амедиаҳәшьа  - Џьульетта хаҭала илыцу, илхылаԥшуа.

  • Розалина - лорд Капулетти иаҳәшьа ԥҳа, аҭоурах алагамҭазы Ромео ибзиабаҩ.
  • Питер, Семԥсони Грегории - Капулетти иҩны аҿы амаҵуҩцәа.

Монтегиу иҩны

  • Монтегиу -  Монтегиу иҩны апатриарх.
  • Леди Монтегиу -  Монтегиу иҩны аматриарх.
  • Ромео Монтегиу ,  Монтегиу иԥа, апиеса афырхаҵа хада.
  • Бенволио -  Ромео иаб иашьа иԥа, иҩыза гәакьа.
  • Абрами Бальҭазари -  Монтегиу иҩны аҿы амаҵуҩцәа.

Егьырҭгьы

  • Абер Лоуренс -  францискантәи абер, иара убасгьы Ромео игәрага.
  • Аиашьа Џьон  аиашьа Лоуренс исалам шәҟәы Ромео изигарц азы амҩа дықәлоит.
  • Апҭекаусуҩ, изҭахӡамкәа Ромео ашҳам иаазырхәо.

Апиеса асиужет.

Италиа, Верона имҩаԥысуеит ари апиеса ахҭысқәа. Уи алагоит  Монтеккии Капулеттии рмаҵуҩцәа амҩаҿы ихацдыркуа аисрала.  Урҭ,  зымаҵ руа рыԥшәмацәа реиԥш,  даргьы  еинышәашьа змам еиӷацәоуп.  Верона напхгара азызуа апринц Ескалус урҭ еиҟәихуеит, иагьреиҳәоит зегьы уажәшьҭарнахыс аисра хацзыркыз ашьаус дшақәыршәахо,  ашьра шиқәырҵо ала.

Анаҩс аграф Парис Капулетти иԥҳа Џьулетта ԥҳәысс лгара аҵыхәала лаб диацәажәоит, аха  Капулетти Парис диҳәоит ачара аҿҳәара даҽа ҩышықәса иахигарц азы, ааԥхьарагьы ииҭоит Капулетти иҩны иазԥхьагәаҭаны иҟоу абал ашҟа. Аҳкәажә Капулеттии Џьулетта ланаӡӡеии рҽазыршәоит  Џьулетта Парис иажәа лыдкылара шахәҭоу азы агәра лыргара.

     Иара уи аамҭазы Бенволио иаб иашьа иԥа Ромео Монтегиу ааигәа имаз    адепрессиа азы диацәажәоит. Бенволио агәра ганы дыҟоуп уи ҭакда бзиа иибоз Розалина зыхьӡу Капулетти иаҳәшьа ԥҳацәа руаӡәк шлакәу изыхҟьаз. Ус ауп Меркуциогьы  игәы ишаанаго. Уи агәра ганы дыҟоуп Ромео Капулеттираа рбал ашҟа иҽӡаны дызнеиуа,  уаҟа Розалина дышԥасымбари ҳәа шакәу ала.  Аха Ромео ари абал аҿы Џьулетта диқәшәоит, иаразнак алагьы бзиа дибоит. Џьулетта ланшьа иԥа Тибальт Ромео абал ашҟа дахьнеиз акыр даргәаауеит, иаҳәагьы ҭихуеит дисырц азы, аха Капулетти уи мчыла дааникылоит – иҭахым абал анцо аамҭазы иҩны ашьа каҭәар.  Абал ашьҭахь имҩаԥысуеит ҳаамҭазы адунеи зегь аҿы  «Абалкон аҿы имҩаԥысуа асцена» ҳәа  еицырдыруа ашәымҭа  –  Ромео аҵх иҽалакны  Капулеттираа рбаҳча маӡала дҭалоит,  бзиа иибо аҭыԥҳа луада аҵаҟа даннеилакь, рҭаацәа шеиӷацәоугьы,  лара   Ромео дшизыҟоу, лыбзиабара ҳәаак шамам атәы шылҳәо иаҳауеит.  Ромео игәаӷьны длацәажәоит, иаргьы бзиа дшибаз леиҳәоит. Уи ашьҭахь дара еибагарц еибырҳәоит.

   Акыршықәсала  еиӷацәаз арҭ  аҩ-ҭаацәарак рыхшара рыбзиабара иабзоураны  реиныршәара иақәгәыӷуаз абер Лоуренс ицхыраарала, аҿарацәа адырҩаҽны маӡала еибагоит.

Уи аамҭазы,  Ромео маӡала Капулеттираа рбал ахь анеира ахьигәыӷьыз азы игәааны иҟаз Тибальт, Ромео адиуал ахь диԥхьоит. Тибальт уажәшьҭа дсабхәындоуп ҳәа дзыԥхьаӡоз Ромео,  мап ацәикуеит уи диҿагыланы иеисра. Аха Меркуцио хьымӡӷыс ишьоит Тибальт ихымҩаԥгашьа, иара убасгьы изеилкаауам Ромео ас еиԥш дҟәырны дызмоу, убри азы Ромео ихьӡала ихаҭа Тибальт диҿагылоит адиуал аҿы. Ромео еиҟәыскуеит ҳәа дрыбжьагылоит, аха Меркуцио дзыцәнымхо ахәра иоуеит Тибальт иҟнытә, иԥсы анихыҵуазгьы аҩ-ҭаацәаракгьы ишәиуеит: «Аҿкы шәықәнагаааит аҩ-ҭаацәаракгьы!» ҳәа. Иҩыза гәакьа Меркуцио иԥсы анааихыҵ, Ромео Тибальт диҿагылоит, реидыслараҿгьы  дишьуеит.

Монтегиу ишырыԥхьаӡо ала, Ромео Меркуцио изы ишьа иуит, ус анакәха диашоуп. Аха апринц арҭ аҩ-ҭаацәарак реиӷара иахҟьаны иҭынха дахьҭахаз даргәааны дамоуп  аҟнытә Ромео Верона ақалақь далицоит,  дхынҳәыргьы  дыкнаҳаны дшыршьуа ала агәра ирганы. Ромео маӡала Џьулетта луадаҿы днеиуеит, урҭ араҟа аҵх еицырхыргоит, уи алагьы араҟа рынасыԥ шеиларҵаз хдыркәшоит.

Ромео дхырҵеит, Џьулетта дгәырҩоит. Капулетти уи лылаӷырӡқәа лашьа иҭахара иазҳәоу џьшьаны, лгәы арҿыхап ҳәа Парис ԥҳәысс лгаразы иҟаиҵаз аҳәара дақәшаҳаҭхоит.  Уи иԥҳа ишлеиҳәо ала, Парис иццара дақәшаҳаҭымхар, ахааназы дыишәиуеит.

     Џьулетта дыгәжәажәоит, анаҩс лаб хаҵа лышьҭра  дахымыццакырц  лан   диацәажәарцаз длыҳәоит, илҭахуп уи  Париси лареи рчара аҿҳәара ахигарц, аха лангьы Џьулетта мап лцәылкуеит, уи лгәаанагарала, Парис иҿы иҟоуп лыԥҳа лынасыԥ.

    Џьулетта абер Лоуренс дизцоит, длыцхраарц азы, диҳәоит акы ихәыцырц, Ромеои лареи ԥсыхәак рзиуырц.  Абер Лоуренс уи илыдигалоит «ҩынҩажәи ҩба мшы» дзырцәо ашҳам.  Иаразнакҵәҟьагьы ауаҩы дишьҭуеит Ромео ишҟа, ирхәыцыз аплан иаиҳәарц азы. Уи аҿы ишазԥхьашәаҭаз ала, Џьулетта адамраҿы данҿыхо аамҭазы иара уа дыҟазар акәын.   Уаҵәы илчараны ауха Џьулетта ашҳам лыжәуеит,  уи дыԥсит ҳәа иԥхьаӡаны рҭаацәаратә дамра дҭарҵоит.

Аха абер иишьҭыз аиашьа Џьон ианаамҭаз  Ромео иҿынӡа дзымнеит, уи ацынхәрас Ромео имаҵуҩы Бальҭазар иҟнытә иаҳауеит Џьулетта дыԥсит ҳәа. Агәырҩа иамҽханакыз Ромео аԥҭека аусзуҩы иҿы ашҳам аахәаны, Џьулетта дахьыҟоу адамра ашҟа ддәықәлоит. Уи аҭаламҭаҿы  иара Парис диқәшәоит. Уи иԥҳәысхараны иҟаз аӡӷаб лҵәыуаразы уахь днеит. Вандалк анышәынҭра беиа арҳәразы днеиз џьшьаны,  Парис Ромео дизыҵҟьоит. Урҭ реидыслараҿы Ромео Парис дишьуеит.  Џьулетта дыԥсит  ҳәа агәра ганы  иҟоу Ромео, уи лдамраҿы дызгаша ахәшә ижәуеит. Уи аамҭазы ацәа иалҵыз Џьулетта  ԥсқәарак злам лхаҵа дахьышьҭоу дылбоит . Уи дшыԥсыз анылбалакь, Џьулетта аҟама лгәы иалаҵаны лҽылшьуеит. Иара уи алагьы лыбзиабаҩ днаишьҭалоит. Еиӷацәаз аҭаацәарақәеи апринци еицны иахьааиз, аҿарацәа рыхҩыкгьы ԥсны ишышьҭоу инархагылоит. Абер Лоуренс адамраҿы еизаз ирзеиҭеиҳәоит Меркуцио ишәыԥхьыӡ назыгӡаз, «аиеҵәатә џьар зыцны бзиа еибабоз ҩыџьа ақәыԥшцәа рҭоурых».  Рхәыҷқәа анҭаха ашьҭахь арҭ аҭаацәарақәа ирыбжьоу аиӷара рхаршҭны, еинышәоит. Апиеса хыркәшоуп апринц иажәақәа рыла: «Ахаан иҟамларцаз Џьулеттеи уи л- Ромеои ргәырҩа еиԥш, илахьеиқәҵагоу аҭоурых».

Ахыҵхырҭақәа

Ромеои Џьулеттеи аагоуп зышьаҭа ажәытә хараӡаҿы иҟоу, итрагедиатәу абзиабаратә ҭоурыхқәа ртрадициа аҟнытә. Урҭ рахьтә акы – Овидии и-«Метаморфоза» аҟнытә Пирами Фисбеи аҿы – Шеқспир иҭоурых  еиԥшу даара ирацәоуп: уаҟагьы аҭаацәа еиӷацәоуп, Пирам дҩашьаны, бзиа иибо Фисба дыԥсит ҳәа иԥхьаӡоит. Ахԥатәи ашәышықәсазы Ксенофонт Ефесстәи ииҩыз «Ефезиака» аҿгьы иҟоуп бзиа еибабо реиҟәыҭхара, иара убасгьы уаҟагьы ахархәара амоуп Ромеои Џьулеттеи раан еиԥш, аԥсра иеиԥшны ауаҩы дзырцәо аиҵарԥхьа.

Зегь раԥхьаӡа акәны Монтегиуи Капулетти рыхьӡқәа аагоуп ԥсра зқәым Данте ирҿиамҭа  «Анцәатә комедиа» аҟнытә. Уи афбатәи ашәа «Аԥсрыцқьарҭа» аҿы иубоит Монтекки (Монтекки) Каппеллетти (Капулетти) рыхьӡқәа.

Шәааи, шәрыхәаԥш, шәара, иаашьаҟәқәам,

Монтеккии Капулеттии, Мональдии Филиппескии,

Џьоукы уажәшьҭа игәырҩоит, егьырҭ ракәзар ашәара иагеит.

Мазуччо Салернитано, ашәҟәы "Мариоттои  Ганоццеи" автор (1476), Ромеои  Џьульеттеи ирызку алакә - зегь реиҳа изаау еицырдыруа аверсиа

    Шеқспир ипиеса иазааигәоу, зегь реиҳа еицырдыруа «Ромеои Џьулеттеи» аверсиа -  1476 шықәсазы икьыԥхьыз Мазуччо иҩымҭа Ил Новеллино аҟнытә 33-тәи ахы аҿы иҟоу Мариоттои Ganozza рҭоурых ауп. Уи иҭоурых аверсиа иалоуп маӡала аибагара,  абер- ачарҳәаҩ, ихатәроу ақалақь уаҩы дахьыршьыз аисра, Мариотто иқәцара, Ганоцца мчыла хаҵа лышьҭра, аиҵарԥхьа, маӡала аицәажәара, иара убасгьы ианаамҭаз иахьахәҭаз инагамыз акрызҵазкуа ааацҳара. Уи аверсиа ала Мариотто дыркуеит, ихы хырҵәоит, Ганоцца агәырҩа дагоит. .

Афронтиспис "Џьульеттеи Ромеои"  Луиџьи да Порто иусумҭа, 1530

Луиџьи да Порто ари аҭоурых «Џьулеттеи Ромеои» ҳәа адаптациа азуны, 1524 шықәсазы иҩыз, 1531 шықәсазы Венециа икьыԥхьыз уи «Иҭоурыхтә новелла»  иалаиҵеит. Да Порто хымԥада дрызхьаԥшит Бокаччо и-«Декамерон» аҟнытә Пирами Фисбеи, аха иҟалап уи иара иҭоурых  аҟнытә иавтобиографиатә шәымҭақәакгьы ыҟазар. Уи дсолдаҭын,  Венециа ақалақь зыхьчоз дреиуан. Усҟан акланқәа реиҿагылара ыҟан – Саворнианааи Струмиериааи рабшьҭрақәа еиӷацәан.  Да Порту ирҿагылаз аклан аиҳабы Саворниано иԥҳа Лиуцина бзиа дибеит, аха рҭаацәарақәа ирыбжьаз аиӷара иԥырхагахеит. Адырҩаҽны Саворнианаа ақалақь иажәлаз ираԥхьагылеит, Струмиериаа рҭаацәа рҟнытә аӡәырҩы шьын. Акыр шықәсқәа рышьҭахь аибашьраҿы иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны адабла зысны иҟаз Луиџьи иҩит «Џьулеттеи Ромеои» Монторсо Вичентино ( иабеибоз уи Веронатәи аханбаақәа?!) Иновелла лзикит беллисима и легџьадр (иԥшӡоу, еинаалоу)Лиучина Саворниани   . 

    Де Порто иҭоурых  ииашаҵәҟьаны  иҟалаз акакәны ицәыригеит, уи ишышьақәирӷәӷәоз ала, урҭ  ахҭысқәа ҟалеит, Верона Бартоломео делла Скала (англыз ҵасла принц Ескалус) ахадара  аназиуаз - шәышықәса раԥхьа.

Title page of Arthur Brooke's poem, Romeus and Juliet

Да Порто ари аҭоурых иаамҭазтәи аформала ицәыригеит, бзиа еибабоз ақәыԥшцәа рыхьӡқәагьы, еикануаз аҭаацәарақәа Монтеккии Капулеттии(Cappelletti), аҭыԥ Веронагьы уахь иналаҵаны.  Уи аиашьа Лоуренс – аиашьа Лоренцо ҳәа ихьӡиҵеит, Меркуцио (Маркуччо Гертио), Тибальт (Тебальто Каппелетти), аграф Парис (аграф Париде ди Ладроне), амаҵуҩы гәакьеи анаӡӡеии.  Да Порту иаԥиҵеит аҭоурых егьырҭ аелемент хадақәа: аиӷара зыбжьаз аҭаацәарақәа,  зыбзиабаҩ икалыжьыз, лыҩны иҟаз абал аҿы Џьулетта илԥылаз Ромео, абзиабаратә сценақәа (абалкон аҿтәи асценагьы уахь иналаҵаны), агәкаҳаратә шәымҭақәа, Џьулетта ланшьа иԥа (Тебальдо) дызшьуа Ромео,  бзиа еибабоз рҽаныршь ашьҭахь аҭаацәарақәа реинышәара..  Да Порто иверсиаҿы Ромео ашҳам ижәуеит, Џьулетта  лакәзар, лыԥсыԥеиҩгара аанылкылоит лыԥсы лыхшәаанӡа.





Отелло

[править | править код]

Википедиа аҟнытә аматериал — зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Перейти к навигацииПерейти к поиску

Ари атермин егьырҭ аҵакқәагьы амоуп, шәахә. Отелло (аҵакқәа).

Отелло
англ. The Tragedy of Othello, The Moor of Venice
  Актәи  акварто (1622) аҟнытә атитултә даҟьа
Ажанр атрагедиа
Автор Уилиам Шеқспир
Аоригинал  абызшәа Зааӡатәи аамҭа иашьашәалоу  англыз бызшәа[d]
Ианҩыз арыцхә 1603
Раԥхьа ианкьыԥхьыз арыцхә 1622
Арҿиамҭа атекст Викитек аҿы иҟоуп
Медиа  афаилқәа  Викишьҭаҵарҭаҿы

   «Оте́лло» (англ. The Tragedy of Othello, The Moor of Venice) —  Уилиам Шеқспир итрагедиа,   1603 шықәса  инарзынаԥшуа иҩуп .  Ахҭыс мҩаԥысуеит Кипр адгьылбжьаха ампыҵакразы  венециатә-ҭырқәтәылатә еибашьра (1570-1573) аан.  Кипр 1489 шықәса аахыс Венециатәи ареспублика иатәын. 1571 шықәсазы,  акыраамҭа амацәаз иҭакны ианыҟаз ашьҭахь, абаӷәазатә қалақь Фамагуста  аҭырқәцәа ирымпыҵархалеит.

    Ари атрагедиа асиужет зегьы ахьымҩаԥысуа  ҩ-персонажк - Отеллои Иагои  рыкәша-мыкәша ауп.  Отелло – аинрал ичын  змоу мавритантә фицаруп. Уи Ҭырқәтәыла Кипр ианақәлаз аамҭазы Венециатәи ар рҿы амаҵура дахысуеит. Урҭ ахҭысқәа рыламҭалазы уи қәрала иара иаҵкыс акырӡа иқәыԥшыз, амал змаз, ихатәраз аҭаацәара иалҵыз аԥҳәызба ԥшӡа Дездемона  ԥҳәысс дигеит. Дездемона уи бзиа дбаны, лаб дшақәшаҳаҭмызгьы,  диццеит. Иаго – Отелло изы бзиара зҭахым ипоручик иоуп. Уи чинла иеиҳабу Отелло иԥҳәыс лахь имоу ахыбаара гәаҭаны, еснагь амҵа аҵаиҵоит, ацәгьа иршоит. Уи ицәгьа-ҵәыршрақәа ирыхырҟьаны,  зшьара иқәҟьаны зыхшыҩ иахыҵыз Отелло ихы аҵкыс бзиа иибоз иԥҳәыс инапала дишьуеит.

Ари атрагедиа иаанарԥшуа, ахааназ актуалра зҵоу ацәанырра ӷәӷәақәеи, ахыбаареи, иара убас аетникатә цәымӷреи раарԥшра иабзоураны, «Отелло» иахьа уажәраанӡа зегь реиҳа аларҵәара змоу, лассы-лассы аекрани асценеи рышҟа ииарго пиесоуп. Уи Адунеизегьтәи абиблиотека иалоуп (адунеитә литератураҿы зегь реиҳа зҵазкуа арҿиамҭақәа рсиа еидызкыло Норвегьиатәи ашәҟәтәы клуб).

Аҵакы

  • 1Аперсонажцәа
  • 2 Асиужет
  • 2.1 Актәи акт
  • 2.2 Аҩбатәи акт
  • 2.3 Ахԥатәи акт
  • 2.4 Аԥшьбатәи акт
  • 2.5 Ахәбатәи акт
  • 3  Ахыҵхырҭақәа
  • 4  Аԥҵара аҭоурых
  • Атрактовкақәа
  • 5.1  Аетникатәии арасатәии
  • 5.2  Адинхаҵаратәии афилософиатәии
  • 5.3  Агәахеибакра
  • 6   Аурыс бызшәахь аиҭагамҭақәа
  • 7   Ақәыргыламҭақәа
  • 7.1  Англыз бызшәала
  • 7.2  Урыстәыла иаԥҵаз ақәыргыламҭақәа
  • 8  Аекран ашҟа аиагара
  • 9   «Отелло» амузыкаҿы
  • 10 «Отелло» акультуреи аҭҵаарадырреи рҿы
  • 11   Алитература
  • 12   Азгәаҭақәа
  • 13    Азхьарԥшқәа

Аперсонажцәа[править | править код]

(апиесаҿы ишцәырҵуа  реишьҭагылашьа  ала)

  • Венециа адож
  • Брабанцио, асенатор
  • Егьырҭ асенаторцәа
  • Грациано, Брабанцио иашьа
  • Лодовико, Брабанцио иҭахы
  • Отелло,     зышьҭра ҳараку амавр  венециатәи амаҵзураҿы
  • Кассио,      уи илеитенант, даҽакала иуҳәозар, ихаҭыԥуаҩ
  • Иаго,          уи ипоручик
  • Родриго,    венециатәи  аҭауад
  • Монтано,    Отелло иаԥхьа Кипр напхгаҩыс иамаз
  • Ақьачақь,  Отелло иҿы амаҵ зуа
  • Дездемона,    Брабанцио иԥҳа,   Отелло иԥҳәыс
  • Емилиа,         Иаго иԥҳәыс
  • Бианка,         Кассио ибзиабаҩԥҳәыс

Амшынуаа, ацҳаражәҳәаҩцәа, аҳәҳәаҩцәа, аруаа, ачынуаа, хаз игоу ауаа, амузыкарҳәаҩцәа, амаҵуҩцәа.


Асиужет[править | править код]

Дездемона. Теодор Шассерио,  XIX ашәышықәса

Актәи акт[править | править код]

Зхашәа хы зымбо, амалуаҩ, аҭауад Родриго гәыбӷан иҭо диацәажәоит иҩыза, апоручик. Игәы иалоуп венециатәи ар рхада,  мавритантәи аинрал асенатор Брабанцио иԥҳа  Дездемона  маӡала  ԥҳәысс дшигаз ала заа адырра ахьиимҭаз. Родриго илахь еиқәуп, избанзар ихаҭа дигәаԥхон Дездемона, уи лаб иҿгьы  лнапы даҳәахьан.

Иаго Отелло дицәымӷуп, избанзар уи  Иаго еиҳа еиҵбыз, иаҟарагьы еилызымцоз  аруаҩ Кассио  еиҳаз аҭыԥ ииҭеит, иара  даважьны. Иаго Родриго изеиҭеиҳәоит ихатә усқәа рзы  Отелло ихы даирхәарц игәы ишҭоу. Уи Родриго агәра ииргоит Барбанцио дырҿыханы, иӡӷаб дыбналаны хаҵа дышцаз атәы иеиҳәарц азы. Ихаҭа дыҩны дцоит Отелло ишҟа, игәаан иҟоу Барбанцио лассы дааираны дшыҟоу азы игәы иҽаниҵарц.

Родриго ирбыжкыз Брабанцио иаҳаз даргәаан, Отелло дысшьаанӡа сгәы сзырҭынчуам ҳәа даауеит, аха уи аамҭазы аҩны ҩындырҭәаауеит  адож ихьчаҩцәа. Барбанциогьы иҽааникылар акәхоит – Венецианӡа иааиуеит аҭырқәцәа Кипр ақәларазы ирымоу агәҭакқәа ирызку ажәабжьқәа. Адож асовет ашҟа дрыԥхьоит зегьы. Брабанциогьы Отелло дицны адож ирезиденциахь дцар акәхоит.  Уи  иҭахуп адож иҿы Отелло аара идиҵарц иԥҳа Дездемона дҟаҭәаны дхыихит ҳәа.

Отелло илшоит Венециа адожи, Брабанцио иуацәа Лодовикеи Грацианои, иара убасгьы егьырҭ зегьы рҿаԥхьа ихы ариашара . Уи агәра диргоит Дездемона изаҟаразаалак акала дшыимҟаҭәаз, уи лара бзиа дшылбаз, Венециа даанӡа ихигаз лахьеиқәҵаралеи гәаҟралеи иҭәыз иԥсҭазаара аҭоурых анылзеиҭеиҳәоз аамҭазы. Асовет ирыдыркылеит Отелло иҭак, избанзар Дездемона лхаҭагьы агәра длыргоит уи бзиа дшылбо ала. Аха Барбанцио дахьцо, дҟәындҟәындуа амавр ишьҭеиҳәоит  Дездемона иаргьы дшылҭиуа: «Угәы уҽаныз, амавр, лаб дылжьазар, уаргьы улжьоит» ҳәа.  Иаго иаҳауеит, иаразнакгьы хырҩа рзиуеит Барбанцио дгәааны ииҳәаз урҭ ажәақәа.

Адож иҟаиҵаз адҵала, Отелло идикылоит аҭырқәа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы еибашьуа венециатәи ар рнапхгара. Уи иԥҳәыс қәыԥш диманы адгьылбжьаха Кипрҟа дцоит. Отелло иццоит илеитенант қәыԥш Кассио, ипоручик Иаго, уи иԥҳәыс Емилиагьы дрыцуп Дездемона лмаҵуҩык лаҳасабала.

Аҩбатәи акт [править | править код]

Кипр ианнеи, урҭ еилыркаауеит аҭырқәцәа рфлот афырҭын аан ишҭахаз. Отелло ируаа зегьы еицырзеиԥшу аныҳәа рылеиҳәоит, ихаҭа Дездемонеи иареи реибагара шәҟәыбӷьыцла аиқәыршәаразы дцоит. Уи иҟамзаара ихы иархәаны, Иаго Кассио аҩы ииржәуеит, нас уи Родриго диеирсуеит. Монтано урҭ дрыбжьаҟазо, игәааны, насгьы ижәны иҟоу Кассио ихы инапаҿы иааигарц азы диабжьоит, аха Кассио уи дизыҵҟьоит, ишеибарххоз, Кассио Монтано дихәуеит. Ихынҳәны иааз Отелло иҟалаз цқьа аилкаара иҽазикуеит, ахацәа дразҵаауеит. Отелло Кассио иҟаиҵаз азы диқәыӡбаны, ирратә хьӡы ихыихуеит. Даара иахьхәны иҟоу Кассио, Иаго иабжьагарала, Дездемона длыҳәоит иҭыԥ изиргьежьырц азы лхаҵа иҿаԥхьа ажәақәак  лҳәарц.

Ахԥатәи  акт[править | править код]

Дездемона илылшоит Отеллои Кассиои реиныршәара. Иаго  иакәзар, иршо аинтригақәа ирыцҵо, Дездемона Кассио иҿы аус лымазар ҟалап ҳәа Отелло инықәырԥшшәа иаҳәара далагоит. Отелло лчабра анлыцәкаҳа (Отелло раԥхьатәи иҳамҭа), Емилиа ишьҭылхуеит, Иаго ипланқәа шылзымдыруазгьы, иҟаиҵаз аҳәарала,  ачабра зцәыӡыз илымҭакәа,  иара илҭоит.  Отелло Иаго иҿы днеиуеит,  гәыбӷангьы ииҭоит,  ихарала Дездемона лыгәрамгара ашьаҭа игәаҿы  иҳауа дахьалагаз азы, нсгьы уи идиҵоит Дездемонеи Кассиои реимадара шьақәзырӷәӷәо акы иирбарц азы , мамзар Иаго апроблема ӷәӷәа шиоуа атәгьы иеиҳәоит.  Ахԥатәи акт аҟнытә ахԥатәи асцена апиеса зегьы азы иеиҭасратә шәымҭаны иҟоуп –  араҟоуп Иаго қәҿиарала иахьилшо Отелло игәаҿы агәыҩбара ажәла алаҵара, уи алагьы амавр иразҟгьы азԥхьагәаҭара.  Иаго игәра ганы, Отелло дықәуеит хымш рыҩныҵҟала Дездемонеи Кассиои шишьуа ала.  Иагогьы леитенантс дҟаиҵоит. Иаго иакәзар, Емилиа илымихыз Дездемона лчабра маӡала  Кассио имаҭәақәа ирылаиҵоит. Акгьы ззымдыруа Кассио уи анибалакь,  ибзиабаҩ Бианка илиҭоит, игәаԥхаз аџьоуҳар асахьа ақәҭылхырц азы.

Аԥшьбатәи акт [править | править код]

Иаго Отелло идигалоит Кассиои иареи Дездемона лыӡбахә ианалацәажәо аамҭазы насҭха дгыланы дырзыӡырҩырц . Аха Отелло иҽыҵәахны дахьтәоу ааигәара ашҭаҿы Кассиои иареи инеи-ааиуа ианеицәажәо, Иаго зыӡбахә дазҵаауа  Бианка лоуп. Урҭ ирҳәо ахәҭак змаҳауа амавр иԥҳәыс лыӡбахә рҳәо џьишьоит. Иара убри аамҭазы Бианка Кассио иҿы дааиуеит, даҽа ԥҳәыск лчабра аџьоуҳар ақәҭыхра шылҭахым Кассио иаҳәаны, Дездемона лчабра излырхынҳәырц азы.  Отелло урҭ рнапаҿы  ибоит иԥҳәыс ҳамҭас илиҭаз ачабра, иаразнакгьы уи – Дездемона «лыԥсахра шьақәзырӷәӷәо» акакәны дахәаԥшуеит.

Зыхшыҩ иахыҵны, игәааны иҟоу Отелло ҵыхәаԥҵәала дазааиуеит иԥҳәыс лышьра. Кассио ишьра Иаго идиҵоит.

   Отелло иԥҳәыс илҳәо-иҟалҵо зегьы ихы ихнахуа, даҿаԥо далагоит, уимоу Венециатәи лыуацәа ишырбогьы дылҿасуеит. Уи Емилиагьы ларгьы аҭакс ирҳәо изаҟаразаалак ихахьы иааигом. Емилиа лҽазылшәоит Дездемона акгьы шылхарам, амаалықь еиҳагьы дшыцқьо, лхаҵа ижьара лхахьгьы ишымааиуа Отелло иаҳәара, аха уи иара дазыӡырҩуам. Уи аамҭазы Родриго Иаго иаҽԥныиҳәоит  Дездемона лхыхразы ииҭаз ахьымаҭәа макьаназы иҟанаҵаз ҳәа акгьы шыҟам, иеиҳәоит  ус анакәха, ахьымаҭәа архынҳәра шиқәшәо атәы. Иаго Родриго агәра ииргоит аццакра шаҭахым, зегь маншәаланы ишыҟало ала. Насгьы ихы иҭагаланы иеиҳәоит Отелло Кипрынтәи Дездемона диманы дымцарц азы Кассио дышьтәуп ҳәа.

Ахәбатәи акт [править | править код]

Отелло Дездемона лыԥсыбаҩ аҿаԥхьа аҵәыуара даҿуп. Уилиам Солтер,  1857ш. аҟара.

Иагои Родригеи еицны Бианка лыҩны ашҟа ицоит, амҩа лашьцаҿы Родриго Кассио дишьрацы  дижәлоит, Кассиогьы аҭакс Родриго дихәуеит. Уи аамҭазы Иаго, иҿыҵәахны дахьтәаз аҟнытә аӡәгьы иҽыимырбакәа дынцәырҟьан, Кассио ишьҭахь ала ишьапы ӷәӷәаны ихәуеит. Абжьқәа заҳаз ауаа еизоит - ара иҟоуп Лодовикогьы, Грацианогьы. Иаго гызмал иҽыҵәахны дахьцәыҵатәаз аҟнытә даацәырҟьаны Кассио «Узхәыда?» - ҳәа диазҵаауеит. Кассио алашьцараҿы ихәны ишьҭоу Родриго дыдирбоит. Иаго уи: «Ашьажәҩы!» ҳәа диқәҟааны, уи иара димҭиирц, насгьы ицәигаз ахьымаҭәагьы архынҳәра иқәымшәарц азы ашырҳәа иҟама наилаҵаны дишьуеит. Уи аамҭазы  лыҩны ддәылҟьаны, дыҩуа даауеит Бианка, Иаго уигьы ауаа зегь ишраҳауа «иаԥырҟәҟәаау арҳәра» далахәуп ҳәа ауаа агәра диргоит.

Отеллои Дездемонеи руадаҿы, иԥҳәыс ацәаразы данышьҭала, Отелло далагеит идыруеит ҳәа  зыгәра ганы дыҟаз зегьы аартны лаҳәара. Аха иԥҳәыс уи зегьы мап ацәылкуеит. Абас иқәыԥшу аԥҳәыс «мыцла леибаркреи» «зааӡатәи лыбжьысреи» зхы еиларгаз Отелло уи ахчы лҿагәаны  лыхәаҽра далагоит, аха шьаҿа быжьқәак аниаҳалакь, иԥырхагахар ҳәа дшәаны, аҟама лылаҵаны дишьуеит..  Емилиа дыҩны хаҵеи ԥҳәыси руада данааҩнашыла, Дездемона лыбжьы лаҳауеит, бызшьыда ҳәагьы длазҵаауеит. Аха аԥсхыхра иаҿу Дездемона дызшьыз  Отелло шиакәу лҳәаӡом.   Отелло иакәзар, Дездемона  дшылыԥсахыз атәы аҳәара далагоит.  Емилиа ацхырааразы ҿылҭуеит.  Дыҩны дааиуеит ԥыхьатәи агубернатор Монтано, уи ицны иааиуеит  Грацианогьы Иагогьы. Дездемона лхара ашьақәырӷәӷәаразы,  Отелло ачабра атәы  анигәалаиршәалакь, Емилиа иаразнак еилылкаауеит лхаҵа иҟаиҵаз. Уи иаартны зегьы иралҳәоит лхаҵа ипланқәа ртәы, уи азы Иаго иԥҳәыс аҟама лылаҵаны дишьуеит, иаразнакгьы дыбналаны дцоит. Дездемона акгьы шылхарамыз акырӡа ихьшәаны изаҳаз Отелло, ӷәӷәала дихәуеит идырбаандаҩыз Иаго, уи  аџьныш гызмал иԥсҭазаара зегьы дгәаҟуа ихигароуп ҳәа    изҳәо.

Иаго мап ацәикуеит иҟаиҵаз ацәгьара мзызс иамаз рзеиҭаҳәара, уи дықәуеит уаҳа дшымцәажәо ала. Родригеи, Емилиеи, Дездемонеи рышьразы Лодовико ирбаандаҩуеит Иагогьы, Отеллогьы. Аха Отелло, бзиа дызбоз, гәыкала изыҟаз иԥҳәыс ԥшӡа инапала дшишьыз, ихала иразҟы ԥыххааса ишигаз  ихаҿы ианааи, рышьҭаларҭа уада дыҩнымҵкәа, ихала ихы ақәнага иақәиршәоит, иҟама игәы иалаҵаны иҽишьуеит. Лодовико Отелло ихаҭыԥан ар реиҳабыс Кассио  дҟаиҵоит, Иаго иҟаиҵаз ацәгьарақәа рзы диқәыӡбаны, Кассио иабжьигоит ашьра иқәҵаны даԥырихырц азы.

Ахыҵхырҭақәа [править | править код]

Апиеса  асиужет шьаҭас иаиуит италиатәи ашәҟәыҩҩы Чинцио иажәабжь «Венециатәи амавр» (итал. Un Capitano Moro), Бокаччо и-«Декамерон» астиль ала иҩу уи и-100 жәабжьк реизга  «Экатоммити» (1565)  аҟнытә. Шеқспир иԥсы анҭаз Чинцио иҩымҭақәа акгьы англыз бызшәала иҭымҵӡацызт, «Отелло» атекст акәзар, италиатәи аоргинал ашьҭақәа еиҳа ианыԥшуеит, 1584 ш. азы  афранцыз бызшәахь Габриель Шаппиуи еиҭагаҿы аасҭа. Чинцио иажәабжь шьаҭас иамазар ҟалоит 1508 ш. азы Венециа иҟалаз ареалтә хҭысқәа. Иҟалап, Чинцио иперсонаж  прототипс дамазар Маурицио Отелло зыхьӡыз аиталиауаҩ. Уи  1505 ш.инаркны 1508 шықәса аҟынӡа Кипр иҟаз Венециаа рыр напхгара азиуан. Еилкаам аҭагылазаашьақәа раан уи иԥҳәыс диԥхеит.   Чинцио иҿы ахатәы хьӡы змоу персонажны иҟоу  Дездемона заҵәык лоуп. Егьырҭ зегьы – «Амавр», «Аескадра акомандаҟаҵаҩы», «Апрапоршьчик», «Апрапоршьчик иԥҳәыс» ҳәа ауп ишарбо.  Чинцио  Дездемона лҿала иҳәоит ажәабжь амораль хада: «Европатәи аҳәса ирзаԥсам егьырҭ атәылақәа ирхаҭарнакцәоу, зтемперамент ӷәӷәоу ахацәа рыццара». Чинцио иажәабжь  милаҭла еилаԥсоу аибагарақәа рганахьала «маҷк арасистә гәҽанызаара узҭо» акы аҳасабала ирыдыркылон.

А.-М. Колен. Отеллои  Дездемонеи.

Мавр Чинцио послужил основой для шекспировского Отелло, но некоторые исследователи считают также, что драматург был вдохновлён и несколькими мавританскими делегациями из Магриба в елизаветинскую Англию около 1600 г.

Чинцио и-Мавр Шеқспир и-Отелло шьаҭас иаиуит, аха ҭҵааҩцәақәак ишырыԥхьаӡо ала, адраматург игәы шьҭызхуаз акакәны иҟан  1600 шықәсазы Магрибынтәи мавритантәи аделегациақәа Елизавета лхаантәи Англиаҟа раара.

Даҽа хыҵхырҭакны иҟалазар алшоит Лев Африкатәи ишәҟәы «Африка – адунеи ахԥатәи ахәҭа». Уи ашәҟәы Европа ақәҿиара ду аман, ирацәаны абызшәақәа рахь еиҭаган ,  жәашықәсалагьы иреиӷьыз еилкааганы иҟан [16. Џьон Пори 1600 шықәсазы уи «Арабтәии италиатәии Ион Лев Мавр ииҩыз Африка агеографиатә ҭоурых»  англыз бызшәахьы еиҭеигеит. Отелло ихаҿсахьа аус анадиулоз, . Шеқспир уи аиҭага даԥхьазар ҟалоит.

Аԥҵара аҭоурых [править | править код]

Раԥхьаӡа акәны ари  апиеса агәаларшәара уԥылоит Абанкеттә маҵзура аԥхьаӡараҿы 1604 шықәса рзы. Уи иаршаҳаҭуеит:  «Аԥшьацәа зегь рымш аҽны Иара Иаҳаракыра акрал иакторцәа Абанкеттә Ҩны апалата Шкәакәаҿы ирыхәмарит пер Шексберт иҩымҭа «Венеттәи амавр» зыхьӡыз апиеса». Уи раԥхьаӡа акәны 1842 шықәсазы икьыԥхьит Питер Каннингем.   Иаразнакалагьы уи ахаҭаҵәҟьаразы агәыҩбара цәырҵит, аха ХХ! шықәсазы уи ахаҭаҵәҟьара азхаҵан (1930 ш. уи аҿы иԥшааз амҳәыр иабзоураны) . Апиеса астиль ала, абжьааԥны уи арыцхә 1603-1604 ш.ш.ҳәа иԥхьаӡоуп, аха иҟоуп уи 1601-1602 ш.ш. рзы ауп ҳәа изыԥхьаӡо аҭҵааҩцәагьы.

«Отелло» Раԥхьатәи инфолио аҟнытә раԥхьатәи адаҟьа  (1623)

   1621 ш. жьҭаарамза 6 рзы Томас Уокли  ибзоурала, апиеса ҭагалоуп Ахәҳахәҭцәа Реилахәыра ареестр, урҭ рымчала раԥхьаӡа акәны иҭыжьуп кварто аформат аҿы  1622 ш.:

Атрагедиа „Отелло, венециатәи амавр“. Акырынтә Глобус аҿи Блакфраераа рҿи  Иара Иаҳаракыра имаҵуҩцәа рымчала иқәыргылаз. Иҩит  Уилиам Шеқспир. Лондон. Икьыԥхьит Н. О. [Николас Окс] Томаса Уокли идәқьан аҿы аҭиразы. 1622.

Шықәсык ашьҭахь ари апиеса Шеқспир ипиесақә реизга  Актәи аинфолио иалалеит, аха аинфолио иану аверсиа акварто иану еиԥшым, избанзар урҭ шәагаалагьы, ауралагьы, жәарлагьы излеиԥшым акырӡа ирацәоуп: аҭыжьымҭа  Folger аредақторцәа ргәаанагарала, инфолио аҿы иҟоуп 160 цәаҳәа кварто аҿы ианым. Иара убас инфолио иуԥылоит 12 инарзынаԥшуа ацәаҳәақәеи, ацәаҳәа бжақәеи кварто аҿы иҟам.  Арҭ аҩ-версиак рҿы ажәақәа рҩышьа, убас аорфографиагьы ахьеиԥшым рацәоуп.  Аҵарауаа иахьа уажәраанӡагьы аимак-аиҿак рымоуп уи зыхҟьаз амзыз аилкаараҿы.  Керриган игәаанагарала, 1623 ш. инфолио аверсиаҿы иҭыжьыз «Отелло», иара убас егьырҭ апиесақәа ртекстқәа имаҷымкәа ирыцқьан, усҟан иҟаз азакәан инақәыршәаны. Уи азакәан ишаҳәоз ала, «театртә пиесоума,  қәгылароума, иара убасгьы интермедиоума, маитәи хәмарроума иарбанзаалак аҿы Анцәа ихьӡ, мамзаргьы Христос, Иԥшьоу Аԥсы, Ахҩеила рыхьӡ аҳәара ҟаломызт». Уи агәаанагара изаҟаразаалак акала иаҿагылаӡом, кварто ҭыжьын апиеса  еиҳа изаау аверсиала, инфолио акәзар, аус зыдулаз, еиҭахәаԥшны иазырхиаз Шеқспир иверсиала ҳәа иҟоу аидеиа.  Ҳаамҭазтәи аҭыжьымҭақәа реиҳарак рхы иадырхәоит инфолио аверсиа, аха аинфолио аҿы аорфографиа аганахьала агха ыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьрымоу азы, лассы-лассы  кварто аҟнытә рхы иадырхәоит.  Кварто ҭрыжьуан анаҩсгьы – 1630,  1655, 1681, 1695, 1699, 1705 ш.ш..

Атрактовкақәа[править | править код]

Аетникатәии  арасатәии[править | править код]

1600 шықәсазы Акралԥҳәыс Елизавета 1 лахь иаашьҭыз мавритантәи ацҳаражәҳәаҩ  Абдулвахид ибн Масуд ибн Мохаммед Анун  ипортреҭ . Уи лассы-лассы Отелло ипрототип иоуп ҳәа дрыԥхьаӡоит .

Амаврцәа ҳәа ззырҳәо аперсонажцәа Шеқспир ипиесақәа даҽа ҩба («Тит Андроник», «Венециатәи ахәҳахәҭҩы») рҿы ишуԥылогьы, Шеқспир иаамҭазы егьырҭ адраматургцәа амаврцәа ихадоу фырхацәаны  иахьаадрыԥшуаз зырҵабыргуа хыҵхырҭак ыҟаӡам.

Аҵарауаа рыбжьара Отелло иетникатә хылҵшьҭра иазкны инагӡоу еиқәышаҳаҭрак иахьа уажәраанӡагьы иҟаӡам.  Елизавета лаамҭа аан атермин «аиқәаҵәа» иаанагоз ацәа аԥшшәы мацара акәмызт, уи негативтә ҳасабла иҳәазаргьы ауан. Шеқспир ирҿиамҭақәа  Ардентәи рҭыжьымҭа аредақтор Е.А.Ҳонигман иҟаиҵоз алкаала, атекст аҟнытә Отелло ираса аилкаара уадаҩуп: «Аиҭарҿиаратә аамҭазы ажәа амавр  иаҵанакуаз акыр еиуеиԥшымызт, еишьашәаламызт, зны-зынлагьы еиҿагылон. Акритикцәа излашьақәдыргылаз ала,  атермин «амавр» рзыркуан ауаа еиқәақәа зегьы, зны-зынла урҭ «африкатәқәа», «сомалиаа», «анфиопцәа», «анегрцәа», «арабцәа», «аберберцәа», уимоу «аиндусцәа» ҳәагьы рзырҳәон. Уи иаанагоз Африка, иара убас еиҳа ихароу адгьылқәа рҟнытәи ауаҩы ҳәа акәын. Ҳонигман ишиԥхьаӡо ала, апиесаҿы: «Сара сеиқәаҵәоуп, уи ауп мзызсгьы иҟоу», - ҳәа Отелло ииҳәо ажәақәа уи ираса ашьақәрыӷәӷәаразы иазхаӡом. Араҟа ажәа «сеиқәаҵәоуп» Елизавета лаамҭа аан ус баша «сеиқәоуп» ҳәа аанагозаргьы  алшоит.

Аха Џьиоцна Сигнх иазгәеиҭоит, Барбанцио Дездемонеи Отеллои  реибагара дзаҿагылаз, хьӡы-ԥша змаз аинрал, агәымшәа  истатус, мамзаргьы имазаратә ҭагылазаашьа азы шакәӡамыз, акызаҵәык, уи изидымкылоз ҳәа иҟаларц зылшоз - ирасатә хылҵшьҭра акәхон ҳәа. Игәаанагара ашьақәырӷәӷәаразы Сингх иааигоит Брабанцио адож иҿы Отелло Дездемона диҟаҭәеит ҳәа  даниқәыӡбо асцена: «Дездемона илҟазшьам арацәа еиҳа еиқәаҵәоу а хәда лҽахажьра» ҳәа ииҳәо ажәақәа. Сингх  ишышьақәирӷәӷәо ала, Мрагылара ааигәа еиуоу,  ус баша ауаа еиқәақәа Адгьылбжьарамшын аҿы иахьмаҷҩымыз азы Дездемона лаб урҭ реибагара асеиԥш даҿагыломызт, уи дызнышәарц иҭахымыз  Отелло инегроидтә раса акәын.

Шеқспир ирҿиамҭақәа  Оқсфордтәи аҭыжьымҭа аредақтор Маикл Неил ишазгәеиҭо ала, Отелло ицәаԥшшәы аганахьала  акритикаҿы раԥхьаӡатәи агәаларшәарақәа рҿы (1693 ш.) Томас Раимер  апиеса дахьахцәажәо, насгьы Шеқспир иҭыжьымҭаҿы Николас Роу  1709 ш. иҟаиҵаз аестампқәа рҿы иазгәаҭоуп Отелло хылҵшьҭрала Африкатәиуп ҳәа. Раԥхьаӡа акәны асценаҿы Отелло арабк иаҳасабала ихаҿсахьа аазырԥшыз Едмунд Кин иоуп 1814 шықәсазы. Ҳонигман ишиԥхьаӡо ала, Отелло ипрототипқәа руаӡәк иакәны дыҟазар алшоит Варвариатәи (Магриба) арабцәа рсулҭан мавританиатәи ицҳаражәҳәаҩ Абдулвахид ибн Масуд ибн Мохаммед Анун, 1600 ш. азы акралԥҳәыс Елизавета 1 лҿы иҟаз. Уи иуаа ицны Лондон мызқәак дыҟан. Шеқспир ипиеса  иҩит мызқәак уи ашьҭахь, убри азы Ҳонигман Ибн Масуд Отелло ипрототип иакәзар алшоит ҳәа иазгәеиҭон.

Америкатәи актиор Аира Олдриџь  Отелло ироль аҿы  Иҭыхымҭоуп  Уилиам Малреди..  Уолтерстәи Асахьаҭыхратә музеи.

Х1Х-тәи ашәышықәсазы ари ароль арабтәи амавр ихаҿсахьа акәны инарыгӡон. Зцәа еиқәаҵәаз актиор уи  раԥхьаӡа инаигӡеит 1833 ш. рзы лондонтәи ақәыргыламҭаҿы. Уи азы ҷыдала иԥхьаны дааргеит еицырдыруа америкатәи актиор Аира Олдриџь. Х1Х-тәи ашәышықәсеи, иара убас ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭеи ирҵаркуаз акритикцәа реиҳарак ари апиеса арасатә ҵакы змоу акы аҳасабала иахәаԥшуан, арасақәа рыбжьара аибагарақәагьы – арыцҳара ашҟа икылызго анорма цәхьаҵрак еиԥш ирыԥхьаӡон.

Зцәа еиқәаҵәаз актиор дызлахәыз раԥхьатәи акрызҵазкуа киноқәыргыламҭаны иҟалеит 1995 шықәсазы иҭыхыз афильм - Лоренс Фишберн Отелло ироль аҿы, Кеннет Брана Иаго ироль аҿы.

  Уаанӡа Отелло ироль нарыгӡон анегр игрим ҟазҵоз, мамзаргьы асабрада еиқәаҵәа зхазҵоз зцәа шкәакәаз актиорцәа. Ус иқәгылоз актиорцәа иреиуан:  Ральф Ричардсон (1937), Орсон Уеллс (1952), Сергеи Бондарчук (1955); Џьон Гилгәыд (1961), Лоренс Оливие (1964),   Ентони   Хопкинс (1981). Зцәа еиқәаҵәоу актиор-аҿыцԥшьгаҩ Пол Робсон ари ароль дыхәмаруан 1930 ш. инаркны 1959 ш. рҟынӡа еиуеиԥшым х-қәыргыламҭақәак рҿы.

Адинхаҵаратәии  афилософиатәии[править | править код]

Апиеса ахы аҵаҟа  аилыркааразы иану ажәа «амавр» англызтә оригинал аҿы уқәнарԥшуеит  адинхаҵаратә (даҽакала иуҳәозар, усҟантәи аамҭазы акультуратә) еилкаарала, Аладатәи Адгьылбжьарамшыни Мрагылара Ааигәеи  «итәымқәоу» рышҟа ишыԥхьаӡоу.  Уи ажәа аконнотациа зыдҳәалоу араса мацара акәӡам, уи адинхаҵарагьы иадҳәалоуп. Акритикцәа аӡәырҩы иазгәарҭон  апиеса зегьы аҿы иубо «ақаҷааратә ханагалара», еиҳаракгьы Отелло иаапкра (усҟантәи аамҭазы уи ахагахара иеиԥшны ирыԥхьаӡон. Томас М.Возар 2012 ш.  ажурнал «Философи энд литрачер» аҿы  ииҩыз истатиаҿы иазгәеиҭон аепилептиктә аапкра (азаара) зыдҳәалоу аԥсихофизиологиатә проблемақәа роуп ҳәа, убри азы уи еиҳагьы ишьақәнарыӷәӷәоит «аԥсы»  ҳәа изышьҭоу аҟазаара.

Агәахеибакра[править | править код]

Отелло иперсонаж  иазкны апиеса анцәырҵ нахыс еиуеиԥшым агәаанагарақәа рацәаны иҟан. А.Ч.Бредли Отелло «Шеқспир ифырхацәа зегь рҟнытә егь реиҳа иромантику», насгьы  «иперсонажцәа зегьы  рҟнытә ипоет дуу» ҳәа изиҳәон.  Даҽа ганкахьала, Ф.Р.Ливис  Отелло «даара зхы замхабзиоу»  уаҩык иаҳасабала дихцәажәон. Иуԥылоит ибжьаратәу агәаанагарақәагьы, иаҳҳәап, Уилиам Ҳезлитт абас еиԥш иҩуан: «Отелло ԥсабарала уаҩы аамсҭашәоуп… аха ҟазшьала ашырҳәа згәы еибакуа аӡә иоуп» ҳәа. Иаго иакәзар, аҭҵааҩцәа  зегьы еицҿакны  апиеса антифырхаҵаны деицазхарҵон.  Иаҳҳәап, У.Х.Оден иазгәеиҭон  «ари апиесаҿы,  «иарбанзаалак аҭҵаараҿы зегь раԥхьаӡа азҿлымҳара зыҭатәыу афырхаҵа хада иакәӡамкәа, ацәгьауаҩы, ацәгьаршаҩы иоуп» ҳәа.


Аурыс бызшәахь аиҭагамҭақәа [править | править код]

  • «Отелло» —    М. Л. Лозински иеиҭагамҭа.
  • «Отелло, венециатәи амавр» —   П. Веинберг иеиҭагамҭа.
  • «Отелло, венециатәи амавр» —  Б. Н. Лейтин иеиҭагамҭа.
  • «Атрагедиа Отелло, Венециатәи Амавр» —  В. Рапопорт иеиҭагамҭа
  • «Отелло» —  О. Сорока иеиҭагамҭа.
  • «Отелло, венециатәи  амавр» —  М. М. Морозов иеиҭагамҭа
  • «Отелло, венециатәи  амавр» —  А. Л. Соколовски иеиҭагамҭа
  • «Отелло» —  П. А. Каншин иеиҭагамҭа.
  • «Отелло» —  А. Радлова леиҭагамҭа.
  • «Отелло» —  Б. Л. Пастернак  иеиҭагамҭа

Ақәыргыламҭақәа [править | править код]

Аира Олдриџь  Отелло ироль аҿы. Ҳенри Перронет Бригс, ( 1830 ш. иназынаԥшуа) Отелло ицәамаҭәа. «Иџьашьахәу, иҭоурыхтәу, итеатртәу ацәамаҭәақәа» рзы Перси Андерсон иллиустрациа (1906).

Лондонтәи атеатр «Глобус» аҿы раԥхьаӡатәи ақәыргыламҭа, 1604 ш. жьҭаарамза (Отелло – Р.Биорбеџь).

«Отелло» амузыка аҿы[править | править код]

  • Отелло —  Верди иопера
  • Отелло —  Россини иопера .
  • Отелло —  Алексеи Маҷавариани ибалет (1957).
  • Отелло —  атрагедиатә поема  аԥхьаҩи, ахори, асимфониатә оркестри, аԥҵ. 58. Иуровски, Владимир Михаил – иԥа (1963).
  • Отелло —    Еллиот Голденталь ибалет,  2002 ш. Ахореограф — Лар Лиубович[англ.].










Уильиам Шекспир

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]