Ҭеа Ҵулукиани (ақырҭ. თეა წულუკიანი; ажьырныҳәамза 21, 1975 ш., Қарҭ) — Қырҭтәыла акультуреи аспорти, аҿари рминистр.
1992 шықәсазы Лионтәи (Франциа) Импер ихьӡ зху алицеи далган, абжьаратә аҵара абакалавр идиплом лоуит афилософиеи алитературеи ахырхарҭала. 1997 шықәсазы Иу. Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи азини жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рфакультет далгеит; 1998 шықәсазы далгеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адипломатиатә академиа. 1997-1998 шықәсқәа рзы аус луан Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адәныҟатәи аполитика аҭҵаареи анализи ацентр аҿы, Алеқсандр Рондели инапхгарала. 1998 шықәсазы Франциа аҳәынҭқарратә напхгараҭара ашкол аҿы аконкурстә ԥышәа лҭиит (ENA), уаҟа Франциа аҳәынҭқарразы иреиҳаӡоу административтә зини иреиҳаӡоу афинанстә зини аӡбаҩцәеи, апрефектцәеи, ацҳаражҳәаҩцәеи, зранг ҳараку егьырҭ аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи иазыҟарҵоит. Аҵара анылҵоз, Ҭеа Ҵулукиани аус луан Ле Манш ақалақь аҿы (мраҭашәаратә Франциа) апрефект икабинет аҿы ақалақь иуадаҩу араионқәа рҿы ауаажәларратә аиҿкаара ахьчареи аҭыԥантәи аҩаӡараҟны аҳәынҭқарратә напхгаратә органқәа русура акоординациеи азҵаарақәа рзы. 2000 шықәсазы далгеит Франциа аҳәынҭқарратә напхгараҭара ашкол, аҳәынҭқарратә администрациаҿы (MPA) амагистр иҩаӡара ланашьан.
Дҭаацәароуп, ахылҵ длымоуп.