Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (иааркьаҿны МАГАТЭ, англ. International Atomic Energy Agency, иааркьаҿны IAEA) – атомтә фымца аҿиареи уи аҭынч ԥсҭазаара аҟны ахархәареи рзы жәларбжьаратәи аиҿкаара. Уи аԥҵан 1957 шықәса рзы. Аштаб-квартира ыҟоуп Вена (Жәларбжьаратәи венатәи ацентр).
Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аԥҵан 1957 шықәса рзы, иҟаз ашәарҭарақәеи агәыӷрақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны, избанзар иҟан ашәарҭара аиадертә технологиақәа рхархәаразы. Ас еиԥш амаҵзура ацәырҵра зыбзоуроу Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Дуаите Еизенхауер ԥхынҷкәынмза 8, 1953 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҟны «Атом адунеи азы» ажәахә ала иқәгылара ауп.
Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аофициалтә иирамшны иԥхьаӡоуп рашәарамза 29, 1957 шықәса – ари амш азы ауп Еизенхауер хадас дызмаз Еиду Америкатәи Аштатқәа амаҵзура аԥҟаԥҵәа аратификациа аназыруз. Вашингтон Агәилԥшшәы змоу абаҳча аҟны имҩаԥгаз апресс- конференциаҿы анапаҵаҩра ацеремониа анымҩаԥыс ашьҭахь, ахада Еизенхауер Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҿаԥхьа иқәгылараҟны ажәалагала ҟаиҵеит Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аԥҵазарц. «Ҳара, аиашазы, адунеи зегьы аҟны ауаа ирызцәырҵыз агәыӷра аформа аҳҭеит….атом аиҩырҷҷара иалнаршоит еиҟәыҭханы иҟоу адунеи аизакра», — иҳәеит Еизенхауер иқәгылараҿы.
Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аусура иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп аиадертә технологиақәа, насгьы урҭ ҩ-хырхырҭакны рхархәаразы алшарақәа ыҟоуп: абџьарк аҳасаб ала, мамзаргьы ауаа ирыхәо ахархәара змоу мыруганы. 1953 шықәса рзтәи апрезидент Еизенхауер иқәгылара аан зыӡбахә ҳәаз аидеиақәа иалдыршеит Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура Аԥҟаԥҵәа аԥҵара, аӡәыкны уи азы 81 ҳәынҭқарра рыбжьы арҭеит 1956 шықәса рзы. Ари амаҵзура аԥҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара асистема аҟны жәларбжьаратәи еиҿкаарак аҳасаб ала, уи аконцепциа «Атом адунеи азы» аларҵәара иацхраауан. Аханатә ари аиҿкаара аҳәынҭқаррақәа- алахәылацәеи, адунеи зегьы аҟны хыԥхьаӡара рацәала апартниорцәеи ашәарҭара зцым адунеитә иадертә технологиақәа раԥҵаразы азинмчы дуқәа аман. Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аҩбатәи амиссиас иҟан атом ахархәара хылаԥшра аҭара, уи атәы ҳәоуп аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа аҩбатәи ахәҭаҷ аҟны.
«Амаҵзура иаарласны инарҭбааны аҭынчра адгылара аҭаразы атомтә енергиа ахархәара хықәкыс иамоуп. Иахьынӡауа амаҵзура ацхыраара ҟанаҵоит, насгьы хылаԥшра анаҭоит атомтә фымца џьара арратә хықәкыс ахархәара амоурц азы», — ҳәа азгәаҭоуп аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷқәа руак аҟны. Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы – ари аиҿкаара аҭынч ԥсҭазаара аҟны атомтә енергиа ахархәаразы аусеицуразы наука- техникатә еиҿкаароуп. Ари аҿкаара ахықәкы хада – аиадертә бџьар аламырҵәара, насгьы атәылақәа маӡала ари аҭынчра иазырхоу атом арратә хықәкқәа рзы рхы иадмырхәарц аҟаҵара ауп. Жәларбжьаратәи атомтә фымцаз амаҵзура аиадертә материалқәа рхархәаразы хылаԥшра ҟанаҵоит, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, ари ахылаԥшра мҩаԥыргоит Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аинспекторцәа аҭыԥқәа рҟны. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура еиуеиԥшым атәылақәа апрактикатә цхыраара рзыҟарҵоит, насгьы абжьгарақәа рырҭоит атомтә фымца ахархәашьазы апрограммақәа рымҩаԥгаразы. Арҭ апрограммақәа рхықәкы хада – адыррақәа реимдара, атәылақәа атомтә программақәа рхархәара еиҳа ашәарҭара ацымкәа рхархәара алдыршарц ауп. Амаҵзура абжьгаҩцәеи амыругақәеи рзы адгаларақәа ҟанаҵоит, аҟазацәа аҵара днарҵоит.
Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы аиадертә технологиақәа рзы аинформациа еизнагоит, урҭ раларҵәара азы Вена иҟоу Жәларбжьаратәи аиадертә информациатә система ахархәара анаҭоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҵарадырреи, анаукеи, акультуреи рызҵаарақәа рзы ҷыдалатәи аусбарҭеи (ЮНЕСКО) Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы Амаҵзуреи еицхырааны Триест, Италиа иҟоу атеориатә физика азы Жәларбжьаратәи ацентр напхгара арҭоит. Иара убасгьы аиадертә физика ахархәара апринципқәа апрактика аҟны рхархәаразы аҭҵаарақәа ахьымҩаԥырго алабораториақәа хԥа аԥҵаны иамоуп, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы Амаҵзура Агәабзиарахьчаразы Адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аус ацнауеит амедицинеи абиологиеи рҟны арадиациа ахархәаразы апроблемақәа рызҵаарақәа рзы.
Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы ихадараҵәҟьоу хырхарҭаны иамоуп – аиадертә бџьар аламырҵәара аус аиҿкаара. 1962 шықәса рзы 102 тәыла рнапы аҵарҩит аиадертә бџьар аламырҵәаразы аиқәышаҳаҭра (ДНЯО). Аиадертә бџьар аламырҵәаразы аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура иадҵан, ари аиқәышаҳаҭра знапы аҵазҩыз уи шынарыгӡо хылаԥшра аҭарагьы. Амҵзура ахылаԥшратә функциақәа – мамзаргьы Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы агарантиақәа – хықәкыс ирымоуп аиадертә бџьар змам атәылақәа рҟны аҭынчратә атомтә фымца аиадертә ахь ииаргаратәы аҟамҵара. Ас еиԥш агәаҭарақәа рымҩаԥгара алыршахоит аинспекциа мҩаԥысраны иахьыҟоу атәылеи Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзуреи аиқәышаҳаҭра рыбжьазар. Аилкаара агарантиа хатәгәаԥхаратәи еилкаароуп. Ус еиԥш хатәгәаԥхаралатәи агарантиақәа Амаҵзура иқәнаргылеит Еиду Америкатәи Аштатқәа, Британиа ду, Франциа, Китаи, Урыстәыла. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура ахәдықәҵарақәа аланарҵәеит, хыхь зыӡбахә ҳәоу хә-ҳәынҭқаррак рнаҩс даҽа 95% рҟынӡа аиадертә шьақәгылақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны. Иахьанӡа 225 еиқәышаҳаҭра аус руеит 141 ҳәынҭқарра рҟны.
Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура анапхгараҭаратә органны иҟоуп аконференциа Хада, анапхгаҩцәа Рхеилак, Амаӡаныҟәгарҭа. Аконференциа Хада — ари амаҵзура иреиҳаӡоу органуп. Иара аиҿкаара иалоу атәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа алахәуп, аконференциа хада ауп анапхгаҩцәа Рхеилак алызхуа, насгьы амаӡаныҟәгарҭа аусура хылаԥшра азҭо, адиректор хада далызхуа. Аконференциа Хада шықәсык ахь знык иаарыԥхьоит. Анапхгаҩцәа Рхеилак акәзар, иара 35-ҩык ахылаԥшратә директорцәа рыла ишьақәгылоуп, амаҵзура анагӡаратә органуп. Иара иалшоит аӡбамҭақәа рыдкылара Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура иалоу атәылақәа зегьы рзы зынагӡара хымԥадатәины иҟоу. Анапхгаҩцәа рхеилак иалоу шықәсыкахь хәынтә еизоит. Амаӡаныҟәгарҭа - административтә органуп, иара аилазаараҿы иҟоуп ашәырҭадареи аиадертә фымцеи аҟәша, уи аиадертә енергетикеи ареакторқәеи, аиадертә шәарҭадареи, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи анаука- техникатә информациеи рызҵаарақәа аӡбоит. Иҟоуп убасгьы аизотопқәа рыҭҵаара аҟәша, атехникатә усеицура аҟәшеи администрациа аҟәшеи. Амаӡаныҟәгарҭа адиректор Хада дызхагылоу, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура апрограммақәа рынагӡара ихахьы игоит, урҭ апрограммақәа Ахеилаки аконференциа Хадеи ианышьақәдырӷәӷәалак ашьҭахь. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура адиректор хадацәа Адиректор Хада ԥшьышықәса аҿҳәарас иҭаны далырхуеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы директор хадацәас иҟан: Коул Стерлинг — Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1957—1961 шш.; Сигвард Еклунд — Швециа, 1961—1981 шш.; Ханс Бликс — Швециа, 1981—1997 шш.; Мохаммед ель-Барадеи — Мысра, 1997—2009 шш.; Амано Иукиа — Иапониа, 2009—2019 шш.
Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аусура шьақәгылоуп аҳәынҭқаррақәа- алахәылацәа, аҳәынҭқаррақәа- адонорцәа, аиҿкаара иалам рбиуџьентнҭыҵтәи лагалақәа рыла. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аконференциа Хада есышықәса ишьақәдырӷәӷәоит. Ҿырԥштәыс иаагозар, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура абиуџьет 2010 шықәсазы ишьақәнаргылеит 315 400 000 евро.
2019 шықәса, жәабранмза 5 рзы ари амаҵзура иалаз атәылақәа рхыԥхьаӡара 171 рҟынӡа инаӡеит. Ҵаҟа иаагоу асиа иаанарԥшуеит иарбан тәылоу, насгьы иарбан шықәсоу Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура ианалалаз.
1957 шықәса, жьҭаарамзазы аконференциа Хада актәи асессиа аделегатцәа ирыдыркылеит аӡбамҭа, Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аштаб-квартира Вена, Австриа, аиҿкааразы. Венатәи жәларбжьаратәи ацентр аадыртаанӡа, нанҳәамза 1979 шықәса, Амаҵзура аамҭалатәи аштаб-квартираны иҟан асасааирҭа «Гранд- отель», Венатәи аопера азааигәара игылаз. Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура иамоуп, иара убасгьы, арегионалтә ҟәшақәа ҩба –Торонто, Канада (аус ауеит 1979 шықәса раахыс), Токио, Иапониа (аус ауеит 1984 шықәса раахыс), иара убасгьы ҩ-биурок: Ниуи-Иорк, Еиду Америкатәи Аштатқәа (1957 шықәса раахыс), Женева, Швеицариа (1956 шықәса раахыс). Амаҵзура Венеи Заиберсдорфи, Австриа (1961 шықәса раахыс иаартыз), аиадертә технологиақәа рлабораториа напхгара анаҭоит, иара убасгьы Монако иҟоу алабораториа (1961 шықәса раахыс). Насгьы аҭҵааратә центр аԥҵоуп Италиа.
Нобельтәи Адунеизегьтәи апремиа ахеилак, жьҭаарамза 7, 2005 шықәса рзы Осло ирыланаҳәеит Нобельтәи Адунеизегьтәи апремиа Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзуреи (МАГАТЭ) уи ахада Мохаммед ель-Барадеи ишранаршьо. Уи ишьақәнаргылеит 10 миллионк швециатәи акронқәа, имҩаԥысит Норвегиа аҳҭнықалақь аҟны, ԥхынҷкәынмза, 2005 шықәса рзы. 1997 шықәса раахыс аиҿкаара иахагылаз Мохаммед ель-Барадеи (Mohamed ElBaradei) Мысратәи (Египет) профессианалтә дипломатын. Ари аҭыԥ ахь иара ҩынтәны далхын – аҩынтәраан Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЭ) 2001 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа ахадас дыҟан.